АХҬЫСҚӘА

Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа акатерқәа ԥшьба аиуит

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Алиас Аҩӡба ишиҳәаз ала акатерқәа ахархәара рыҭахоит ареспублика аӡымҽхак агәаҭаразы, аԥшааратәи аиқәырхаратәи операциақәа рымҩаԥгаразы, иара убас аӡхәыҵаларатә усурақәа рымҩаԥгаразы.
«200 километра иреиҳау аӡымҽхак аура змоу Аԥсны азы ари даара акрызҵазкуа хҭысуп. Уаанӡа ари аҩыза атехника ҳамаӡамызт, иҟаз аӡсагақәа Аҟәа акәын иахьыҟаз», — иҳәеит Аҩӡба.
 
Иара иазгәеиҭеит атехника аҭара шалыршахаз Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы Михаил Мишустин иахь иҟаиҵаз ааԥхьара ашьҭахь.
 
Акатерқәа рыԥшьбагьы атехникатәи аныҟәаратәи ԥышәарақәа ирхысит. Руак Аҟәа иҟазаауеит, хԥа ареспублика араионқәа ирзыршоит.
АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа анапхгаҩы Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла, акатер ҿыцқәа аҭагылазаашьа ҷыдақәа аныҟалалак оперативла амшын ахылара алдыршоит.
 
«Атехника ҿыц раԥхьа иргыланы аԥхынтәи аамҭазы ихымԥадатәиуп, избанзар есышықәса зышәагаа маҷу аӷбақәа рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Уаанӡа аӡсагақәа разымхара иахҟьаны ареидтә уснагӡатәқәа еиҳа имаҷны имҩаԥыргозҭгьы, уажәшьҭа агәаҭаратә инспекциақәа лассы-лассы имҩаԥыслоит», - иҳәеит Сабуа.
 
Цәыббрамза 25 рзы Урыстәыла Аԥсны иарҭеит 30 цыра автотехникеи атехника ҷыдеи. Ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Денис Мантурови. Апартиа иалан ашколтә автобусқәа, ацхыраара ласы азы амашьынақәа, ареанимобильқәа, акоммуналтәи амцарцәаратәи техника, амцарцәара-еиқәырхаратә мотоциклқәа, ахықәкырацәатә катерқәа.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image