АХҬЫСҚӘА

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба Аԥсны арбџьарымчқәа роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирызкыз ашәарҭадаратә Хеилак аилатәара мҩаԥигеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит жьҭаарамза 12 рзы, имҩаԥыслоит жьҭаарамза 16-нӡа.
Аилатәара аартуа, атәыла ахада иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хадақәа ишреиуоу ар рнапхгараҭара аиӷьтәра, апрактикатә ԥышәа аиура, иара убас Аԥсны арбџьарымчқәеи Урыстәылатәи Афедерациа арбџьарымчқәеи реинырра аус адулара.
 
Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ар аибашьратә зыҟаҵара иреиҳаӡоу аҩаӡарахь рнагарала. Амобилизациа азҵаарақәа арратә комиссариатқәа ирыӡбоит аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа аус рыцураан.
 
Аҽазыҟаҵарақәа рыплан аус адулоуп арегион аҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа аҿиара иақәыршәаны, аибашьра амҩаԥгаразы зтехнологиа ҳараку ахархәагақәеи, атактикатә знеишьа ҿыцқәа аус рыдулара шхымԥадатәиу ҳасаб азуп.
Аҽазыҟаҵарақәа раан иазԥхьагәаҭоуп ҳаамҭазтәи аибашьра иазҷыдароу азҵаарақәа аус рыдулара.
 
«Ҷыдала сазааҭгылоит иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа зегьы практикала иахьынӡаӡбо. Урҭ аҩаӡарақәа зегьы рҿы инагӡаны аус рыдулатәуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
 
Аԥсны арабџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко акомандаҟаҵаҩ хадеи ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәеи ирзеиҭеиҳәеит ар аибашьратә зыҟаҵара иреиҳаӡоу аҩаӡарахь рнагареи, ар ргәыԥқәа рнапхгара аиҿкаареи, ахархәара змоу архәҭақәа рхымҩаԥгашьа ахылаԥшреи рзы иазԥхьагәаҭоу аҽазыҟаҵарақәа рыгәҭаки ретап хадақәеи ртәы.
 
Ажәахә даназыӡырҩы, Бадра Гәынба ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәеи аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалахәу аҳәынҭусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи анапынҵақәа риҭеит.
 
Ар рхада иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны раԥхьаӡа акәны амшын аҿы ауснагӡатәқәа жәпакы аус шрыдыруло. Убри инамаданы иара аидгылақәеи арратә хәҭақәеи ркомандирцәа рнапы ианиҵеит ашәарҭадара ақәныҟәара алдыршарц, атәылахьчара аминистр урҭ рынагӡара ахылаԥшра еиҿикаарц.
Аԥыза-министр инапы ианҵоуп арбџьармчқәа ганрацәала реиқәыршәара, апрактикатә цхыраара рыҭара, Аԥсны аҵакыра ахьчаразы аштабқәа русура ахылаԥшра аиҿкаара.
 
Аминистрцәа Реилазаара аоперативтә гәыԥ адҵа аҭоуп аҵакыра ахьчара аштаб аилазаараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауларц.
Апарламент ахаҭарнакцәа аҽазыҟаҵарақәа анымҩаԥысуа аамҭазы апрактикатә усқәеи иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рызҵаарақәеи рзы аӡбамҭақәа рыдыркылалароуп.
 
Амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵоуп рнапаҵаҟа иҟоу иқәыргылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара ралахәхара алдыршарц.
Атәылахьчара аминистрреи аштаб Хада аиҳабы-ар ргәыԥ акомандаҟаҵаҩи рнапы ианҵоуп аҽазыҟаҵарақәа ретапқәа зегьы рҿы ар аимадара бзиа рыбжьаҵара алдыршарц.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image