АХҬЫСҚӘА

Ашәҟәыҩҩцәа Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драмтеатр аҿы

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иалагаанӡа Зарина Канукова-ашәҟәыҩҩы, ажурналист, агазеҭ «Горианка» аредактор хада, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ — апроект «Риҵа арифмақәа» далацәажәеит.

«Афестиваль мҩаԥысуеит 2018 шықәса раахыс. Уаанӡа Ҟабарда-Балкариантәи алитература аусзуҩцәа Аԥсныҟа иаауан аҭыԥантәи алитераторцәеи апоетцәеи рԥыларазы. Аамҭа цацыԥхьаӡа апроект аҳәаақәа ҳарҭбааит: уажәшьҭа Адыгеиеи Ҟарачы-Черқьесиеи рҟынтәи асасцәа ҳзаауеит, ҳара ҳакәзар, есышықәса аԥсуа поетцәа Маиҟәаԥҟеи Нальчикҟеи ааԥхьара раҳҭоит. Абарҭқәа зегьы даара аԥсы рхаҵаны, илахҿыхӡа имҩаԥысуеит. Даҽазны Маиҟәаԥи Нальчики ицараны иҟоу аилкааразгьы аҵәҭаԥсара мҩаԥаагоит, иалкаау поетк арҿиаратә еиԥыларахь Аԥсныҟа даауеит сынтәа.

Ҳфестиваль аусмҩаԥгатә хада аԥсуа драмтеатр аҿы имҩаԥысуеит.

Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи рыԥсҭазаара зегьы рхатәы бызшәа аиқәырхареи аҿиареи иазыркит. Иахьа араҟа еизоит рҩызцәеи рколлегацәеи. Ҳаибадырреи ҳаиҩызареи раамҭа зегьы иалагӡаны урҭ алитературатә еиԥыларақәа рымҩаԥгара иҳацхраауан. Ирацәоуп ҳзыхьӡаз, аха урҭ рыԥсы анҭаз акы ахыркәшара залмыршахеит. Иахьагьы ҳаизеит ргәалашәара аҳаҭыр ақәаҳҵарц, уаанӡа ҳазхьымӡаз хаҳарҭәаарц.

Иахьа авторцәа рпоезиатә ҭынха мацара ҳазааҭгылоит, ахыркәшамҭаз иқәгылоит апоетцәа ҿарацәа.

Избанзар Владимир Константин-иԥа Занҭариеи Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлааи аус зыруаз рус иацызҵоз ҟаларц азы акәын. Урҭ авторцәа ҿарацәа реиҳараҩык-Анатоли Лагәлааи Владимир Занҭариеи хаҭала ирыцхраауан: џьоукы — аизга аҭыжьра, џьоукы-раԥхьатәи ркьыԥхьымҭаҿы, џьоукы — Нальчикҟеи Маиҟәаԥҟеи рышьҭра. Ажәакала, зегьы еидҳәалоуп, машәыршақәтәи ажәак, ма еиԥыларак иахьа иҟаӡам. Уи зегьы ҳгәы иҭаз ауп, аха урҭ рыцынагӡара ҳахьымӡеит».

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image