АХҬЫСҚӘА

Аизҳара шьаҭамырӡгоуп

Ҳаԥсадгьыл аҟны ҳаԥшәымазарц, ҳажәлар еиқәҳархарц, ҳбызшәа  ҳахьчарц азы, зегь раԥхьа инаргыланы ҳтәыла аҟны аԥсуа жәлар  ҳрацәаҩхароуп. Аҿиара, азҳара ауп ҳәарада, аҳәынҭқарра ашьақәыргылара шьаҭас иамоу.

«Ҳара ҳрацәаҩхароуп», – абас лажәа далагеит, ҳтәылаҿы азҳара зеиԥшроу, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара  ахьынӡанаӡои, урҭ рҭагылазаашьа шыҟоуи, цхыраарас ирымоуи аилкааразы ҳара  ҳзыҿцәажәаз асоциалтә ԥгаԥсеи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынба.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳтәылаҿы  аҿиара, азҳара уахыҽхәартә ишыҟам атәы инаҵшьны иазгәаҭо, уи ҳаиҿцәажәараан дазааҭгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ирылшо ала ахылаԥшреи ацхыраареи шрырҭо ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа. Уи лажәақәа рыла, ирзыршәо аԥара инаҷыданы, урҭ ирзаԥҵоуп ашәахтәқәа ршәаразы альготақәа.

«2026 шықәсазы, ахәыҷы ииразы аԥсуа ҭаацәарақәа ирзаҳшәоит: актәи аҩбатәи  ахшара рзы – 100-100 нызқь мааҭ; ахԥатәи аԥшьбатәи ахшара рзы – 200-200 нызқь мааҭ, ахәбатәи афбатәи рзы – 300-300 нызқь мааҭ. Иара убас ахәыҷы ииразы  – хазы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аус зуа аҭаацәарақәа ирзыршәоит 42 нызқь мааҭ, аус зымуа – 28 нызқь мааҭ. Уи инаҷыданы, ахәыҷы ибаразы иазыԥҵәоуп шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа  есымза 10 нызқь мааҭ.

Ҷыдала, аҳәынҭқарратә шәа­хтә есымза иақәшәо еиуеиԥ­шым, уи ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара арацәара иаҿырԥшны  еиҿкаауп: 3-ҩык инадыркны 5-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа  ахьыҟоу – 1000 мааҭ, 6-ҩык инадыркны  9-ҩык рҟынӡа – 3000 нызқь мааҭ, 10-ҩык инадыркны  еиҳаны иахьыҟоу 6000 нызқь мааҭ. Хҩык ахшара  инадыркны еиҳаны измоу аҭаацәара  рацәақәа акоммуналтә шәахтәқәа 50 процент ршәартә аҭагылазаашьа рымоуп. Аха иҳадҵаало реиҳараҩык афымцалашара абжа ашәаразы  ашәҟәы аҟаҵара хықәкыс ирымоуп. Уи ахә ахьыҳараку азы ашәара  ахьырцәыхьанҭоу аҟнытә», – лҳәеит Кама Аӡынԥҳа.

«Анхарҭа ҭыԥқәа рзы  Аҳә­ынҭқарратә программа» захь­ӡу, еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵаркуа апроект, ес-хышықәса ишьақәдырӷәӷәо, сынтәагьы аусура ишацнаҵо азгәаҭо Кама Аӡынԥҳа илҳәеит:

«Ирацәаҩны арзаҳалқәа  ал­арҵоит  анхарҭа ҭыԥ аиуразы. Аха 13-ҩык рыла еиҿкаау акомиссиа  иҭҵааны, изықәнагоу, апрограмма аҟны иазгәаҭоу аԥҟарақәа, акатегориақәа ирзыԥҵәоу ирыхәаԥшны анхарҭа  ҭыԥ аиуразы иазоужьу аԥаратә цхыраагӡа рырҭоит. 189-ҩык ыҟоуп анхарҭа  ҭыԥ аахәаразы аԥара зырҭахьоу, сынтәатәи  ашықәс аламҵакәан. Есышықәса ари апроект 80 миллион азоурыжьуеит, аха ҳара иҵегь ҳусура  амҽхак ҳарҭбаар ҳҭахуп, убри аҟнытә  иҳазхаӡом», – лҳәеит уи.

2026 шықәса сентиабр мзазы ахшарарацәа змоу рҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара 5446-ҩык  ыҟоуп, хаҭала, ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара наӡоит 14664-ҩык рҟынӡа, урҭ зегьы  есымза аԥаратә цхыраагӡа   роуеит. 69 ҭаацәара  ҳамоуп 6-ҩык инадыркны 9-ҩык ахьыҟоу (439-ҩык ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ыҟоуп), 10 еиҳаны – ҭаацәарак ҳамоуп, 11-ҩык ахшара иахьрызҳауа», – лҳәеит Асоциалтә ԥгаԥсеи адемографиатә политикеи рминистрра атәанчахәи ацхыраагӡақәеи рыҟәша аиҳабы  Анжела Ҷыҭанаа.
Ахшарарацәа змоу  аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара  еизҳарц, ҳәарада, аҳәынҭқарра анапхгара  иҟарҵо ацхыраара хымԥадатәуп, аха уи инаҷыданы, урҭ рахьтә зхала  зхы ныҟәызгартә, иманшәаланы иҟоу, зхы иацхраауа аҭаацәарақәагьы  ӡыргалатәуп. Уи ҿырԥшы  бзиахоит аӡәы-ҩыџьа ахшара змоу аҭаацәарақәа рзы.

Алиса Гәажәԥҳа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image