Ахәылԥаз мҩаԥгахоит аԥсуа-адыга литературатә фестиваль «Риҵа арифмақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Афестиваль 2026 шықәсазы зыԥсҭазаара иалҵыз Занҭариеи Лагәлааи ргәалашәара иазкуп.
Раԥхьатәи афестиваль «Риҵа арифмақәа» мҩаԥысит 2018 шықәсазы. Апроект авторс дамоуп апоет, адраматург Зарина Канукова, афестиваль адиректор — Лиубов Сосналиева. Афестиваль Аԥсни Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи рлитераторцәа еиднакылеит, арҿиаратә еиԥыларақәеи апоезиатә ԥхьарақәеи рзы ҭыԥны иҟалеит.
Агәалашәаратә хәылԥазы иалахәхоит Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесиа рхаҭарнакцәа, иара убас Аԥсны алитераторцәеи актиорцәеи.
Аусмҩаԥгатә Аԥсны акультура Аминистрра ацхыраарала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр алархәны еиҿкаауп.
Алагамҭа асааҭ 15:00 рзы.

