Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟан Аԥснытәи аделегациа, – иаанацҳауеит аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилак. Аделегациа иалан Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Ауаажәларратә палата ахаҭарнак Давид Ԥилиа, Гәдауҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба. Аделегациа иалаз рхы рыладырхәт Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азынӡа иахырԥаз Қьефқьен еиҿкааз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа. Иара убас Стампыл ақалақь аҟны имҩаԥысит Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи…
Донецктәи Жәлартә Республика ицо аибашьраҿы аҭынч уааԥсыра зҭагылоу агәаҟра, арыцҳара зегьы узеиԥшны иузудкылом.
Маи 24 рзы акультуратә платформа "Гәыма" аҟны имҩаԥысит аԥсуа Жәлар ринструменттә рҳәагақәа ачамгәыр,аԥхьарца,аҩымаа, ахымаа ирызку,излыху,рхы ишадырхәо аҭоурых алекциа аԥхьара. Ари аҩыза аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аԥсны Ахада Иусбарҭа.Арахь имҩахыҵит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиа, аҵара аминистр Инал Габлиа,уи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ԥҳа,ансамбль "Гәында" анаԥхгаҩы Роза Чамагәуа, амузыка абзиабаҩцәа, аҟазара знапы алаку, ашкол хәыҷқәа астудентцәа.Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиа…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me