Аԥсны атуризм аминистр Ҭемраз Хышба Калугатәи аобласт аҟынтәи ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иааз аҭаацәа рацәа ирылҵыз, Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан иҭахаз аруаа рхәыҷқәа 29 - ҩык дырԥылеит. Урҭ ирыцны иааит рҭаацәеи Калугатәи аобласт аџьеи асоциалтә хьчареи рминистрра ахаҭарнакцәеи. Рыҧсшьара иацу ахарџь акурорт "Пицунда" ахахьы иагоит. Ари агәыҳалалратә усмҩаԥгатә аиҿкааразы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра бжьаҵан хәажәырамза, 2024 шықәсрзы Ҭемраз Хышба Калугатәи аобласт аҟны даныҟаз.
Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа угәы шьҭнахуа иҟам. Имаҷхеит ииуа рхыԥхьаӡара, ирацәахеит аԥсра, ихьшәаны аҭаацәаралалара, илаҟәит аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара. Аҳәса аӡәырҩы еиӷьыршьоит анҭыҵ ахшараиура анацәа ркапитал аиуразы. Ари иахҟьоит ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шаҟаҩы ацлаз азы адырраҭара ҵабыргқәа рыҟамзаара.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа еилгеижьҭеи 79 ш. аҵра инамаданы С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа рнапы аларкит Гәдоуҭа араион 22 қыҭа рҟынтә Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз (иҭахазгьы, ихынҳәызгьы) рпатреҭқәеи рнысымҩақәеи реизгара. Апроект «Афырхаҵара ыӡуам» 2025 шықәса лаҵарамза жәба рзы – аибашьра еилгеижьҭеи 80 ш. анҵуа апроект хыркәшахоит. 2024 ш. лаҵарамза ааба рзы амузеи аҿы имҩаԥган «Афырхаҵара ыӡуам!» зыхьӡыз…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me