Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы ашьыжь асааҭ 9 рзы ишиашоу ицо аефир аҿы ишиҳәаз ала, ашьыжь асааҭ 8 рзы Аԥсны иаатит алхырҭатә ҭыԥ хадақәа, алхырҭатә ҭыпқәа зегьы. Иара убас Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҟны.