Аҟәа иаатит XXII Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит"

Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа иаатит XXII Жәларбжьаратәи аклассикатә музыка фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит".

Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Мариитәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, урҭ напхгара риҭон Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин.

Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" Аԥснытәи апрограмма хә-концертк рыла ишьақәгылоуп. Аҽа ф-концертки аҟазаратә классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me