Аԥсны Ахада ақыҭақәа дырҭааит

Ԥхынгәымза 11 рзы, ашьыжь аҳәынҭқарра Ахада Џьгьарда ақыҭа даҭааит. Уи ицын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа, Џьгьа­рда ақыҭа ахада Адамыр Амҷба.


Аслан Бжьаниа аӡиас Дӷамшь аԥшаҳәа арӷәӷәаразы ицо аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.
Рацәак ҵуам, ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 12 рзы ақәаршаҩы бааԥсқәа ирыхҟьаны ихыҵыз аӡы ахатәы ҩнқәа ааба аӡы рыҩналеит, ацҳа аӡы ианага ашьҭахь аҩнқәа быжьба рышҟа анеира алымшо иҟалеит.
Иҟалаз аԥса­баратә рыцҳа­ра аԥхасҭа ду рна­ҭеит анха­мҩа­қәа жәпакы. Усҟан арыцҳара иахьақәшәаз аҭыԥқәа Ахада дырҭаан, изыхәҭоу аусбарҭақәа анапынҵа риҭеит Џьгьардеи Кәтоли ақыҭақәа рахь аҳәынҭеилакы «Аԥсныҟәарахьчара» атехника зегьы раашьҭразы. «Аԥсныҟәарахьчара» аиҳабы Гәрам Ҳаразиа Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рзы, ԥхынгәымза 25 рзы урҭ шхыркәшахо ала.
Аԥхасҭа зауз ақыҭуаа Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы. «Даараӡа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҳашәҭаз ацхырааразы. Аӡы аԥшаҳәа 90-тәи ашықәсқәа раахыс нап адкыламызт, ари даараӡа акраҵанакуеит аԥхьаҟагьы аӡы ҳпырхагамхарц азы», -рҳәеит дара.
Аӡы аԥшаҳәа арӷәӷәаразы имҩаԥысуа аусурақәа рхарџьԥса ареспубликатә биуџьет аҟнытә иаауеит шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа ахылаԥшрала.
Анаҩс Ахада Џьгьарда ақыҭан аспорттә шҭа аргылара ахьцоз аҭыԥ даҭааит.
ЗҲәА «Очамчыраргылара» аиҳабы Саид Адлеиба иҳәеит хара имгакәа ахырхарҭа рацәа змоу аспорттә шҭа аргылара шхыркәшахо. Ара амҵәышәмпыл, анапылапыл, аԥқьаҭмпыл ахәмарразы алшара ҟалоит.
Аҳәынҭқарра Ахада аргылаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аргылара аҿҳәара иахьахымԥо азы, адҵагьы риҭеит ҳазҭоу амза нҵәаанӡа аобиектқәа рҟны аусурақәа хдыркәшарц.
Очамчыра араион ахь иусуратә ныҟәараан Аҳәынҭқарра Ахада Кәтол ақыҭа даҭааит.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳәира зхиааз астадион дахәаԥшны ианиба ашьҭахь, уи аиҭашьақәыргыларазы аԥара шырзауижьуа атәы иҳәеит.
«Кәтолтәи ашьапылампыласратә клуб «Бзана» аспорттә еицлабрақәа зегьы раан алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит аҟнытә астадион бзиа амазарц ақәнагоуп», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа Кәтол ақыҭа ахада Геннади Ҵулаиа аиҭашьақәыргыларатә аусурақәа рымҩаԥгаразы иаҭаху аԥаратә малқәа ҽааны абиуџьет алаҵаразы апроект-харџьынҵатә документациа азирхиарц идиҵеит.
Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны илагаламҭазы, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны, уи ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан, иара убас изызҳауа абиԥарақәа реиҵааӡара аус аҟны илшамҭақәа рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Кәтол ақыҭан инхо Александр Ҵнариа диԥылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала уи дидныҳәалеит, изеиӷьишьеит агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me