Аԥсны иазку аллеиа

04 Рашәара 2024 12:45
Аԥснынтәи аҵрауаа гәыԥҩык алахәын Симферополь имҩаԥысуаз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Ауснагӡатә азкын Н. В. Багров ихьӡ зху Ҟрымтәи афедералтә университет иатәу аботаникатә баҳча 20 шықәса ахыҵра. «Аботаникатә баҳчақәеи, аҭыԥқәа рыриаҵәареи» захьӡыз аконференциа мҩаԥысуан ԥшьымш лаҵарамза 20 инаркны 24 нӡа.
Ииун 1 адунеи зегьы аҟны иазгәарҭоит ахәыҷқәа Жәларбжьаратәи рымш. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит ахәыҷқәа рныҳәа. Убас Тарас Шамба ихьӡ зху ақалақьтә баҳчаҿы имҩаԥысит аныҳәатә усмҩаԥгатә. Уи еиҿыркааит Аҟәа ақалақь иатәу амуниципалтә усбарҭеи ацхыраагӡатә школ анапхгареи.
Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Еҭери Басариа диижьҭеи 75 ш. ҵит. Еҭери Фиодр-иԥҳа Басариа диит (03.06.1949) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Украина ашәҟәыҩҩцәа Рмилаҭтә Еидгылеи, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. В. Г. Короленко (1999), Н. Гоголь (2008), И. Долгоруки (2008) рыхьӡқәа зху апремиақәа ланашьан. Ашәҟәыҩҩы аԥсуа қыҭа дшааазгьы, аԥсшәа шылдыруазгьы, дыҩуан урысшәала. Лырҿиамҭақәа зегьы шамахамзар аԥсуа ԥсҭазаара иазкуп. В. М. Ломоносов ихьӡ…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me