Иналукааша аҭоурыхҭҵа­аҩ Гьар­гь Ӡиӡариа диижьҭеи 110 шықәса ҵит. Гьаргь Алықьса-иҧа Ӡиӡариа диит иахьатәи Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан 1914 ш. маи 6 рзы, анхаҩы иҭаацәараҿы. 1924 ш. инаркны 1929 шықәсанӡа аҵара иҵон Гәдоуҭа иҟаз ахәыҷтәы школ-интернат аҟны.
Аҵара аминистр Инал Габлиа апресс-конференциа мҩаԥигеит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҟны.Иара убас ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵон Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа, Гәдоуҭа араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
Лаҵарамза 13 рзы иҟаз амшцәгьа иахҟьаз аӡхыҵраан ааха зауз ақыҭақәа рҿы ахҟьа аԥырҟәҟәааразы аусурақәа хацыркуп. Атехника ҷыда адгаланы аӡы аанызкылаша аизакырҭақәа реиқәыԥсара иаҿуп. Аӡиас Дӷамшь аӡышьҭрақәа ганк рҽахьарҭаз иахҟьаны, аӡы акшарҭа аԥсахразы, џьара-џьара аӡышьҭра аиагара аҭахуп ҳәа азгәаҭаны аусурақәа мҩаԥыргоит. Иара убасгьы аӡы ӷәӷәала иҵнаӡәӡәааз ацҳақәа абӷанҷ рҭаԥсаны аамҭалазы ахархәаразы, анхацәа шьапыла иқәсыртә иҟарҵоит. Аӡхыҵраан Џьгьарда ақыҭа аҳаблақәа руак фымцалашарала…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me