2024 шықәса, маи 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥган Кавказтәи аибашьра иалаӡКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш. Ари амш аҽны иҵит 160 шықәса Аурыс-Кавказтә еибашьра еилгеижьҭеи. Азежәтәи ашәышықәсақәа рзы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл аанрыжьыр акәхеит. Абарҭ аамҭақәа ирҿыҵахәхаз ргәалашәаразы маи 21 аҽны, ахәылбыҽха аусмҩаԥгатәқәа ирылагеит. Аҿар аԥсуа, адыга бираҟқәа, афакелқәа рыманы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иашҭа аҟынтәи рҿынархеит аԥшаҳәа аҟны…
Иахьа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рышколқәа рҟны, ахәыҷқәа згәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Аԥсны аҵара Аминистрра ауаажәларра аҽрымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа иажәақәа рыла, сынтәа Аԥсны иҟоу 153 школ ирылгоит 1900-ҩык аушьҭымҭацәа. Урҭ рахьтә 12-ҩык аушьҭымҭацәа амедалқәа риуразы рыӡбахә ҳәоуп. Зынӡаск Аҟәа ақалақь аҟны 16 школ ыҟоуп. Уахь иаҵанакуеит ҽынлатәи, латәаралатәи – латәарадатәи ашколқәа. Иазгәаҭатәуп, ажәбатәи ажәеизатәи аклассқәа рҟны аԥышәарақәа…
Иахьатәи аамҭаз аԥсуаа рыбзараҿы рхы иадмырхәо ируакуп ауардын. Уи ҟазҵо иԥшаара шыуадаҩхоз здыруан, аха схәыҷра ашықәсқәа раан саб иашьа ауардын ацәқәа аҵакны, ҳақәыртәаны амхы аҭагалара ҳанигоз аасгәалашәацыԥхьаӡа, еиҳагьы сҽазҵәылхны уи сашьҭалон.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me