Мшаԥымза 3-4 рзы имҩаԥысыз Аԥснытәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум иаанарԥшит ҳтәылаҿы аинвестициатә лшарақәа шырацәоу ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр Владимир Делба аԥснытәи анаплакыҩцәеи иареи реиԥылараан.
Ԥхынҷкәынмза 18, 2025 шықәсазы Москва ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аҩтәылак рҿы ироуа аҭҵарадырратә ҩаӡарақәа (акандидаттә, адоктортә) наҟ-ааҟ разхаҵара шьақәнаргылоит. Уи иалнаршоит аҭҵаарадырратә ҩаӡара змоу арҭ атәылақәа рҿы рзанааҭдырра аизырҳара.
Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҿы иахәаԥшит апрокурор хада адепутат Кәарҷиа Кан Валери-иԥа икьымсра имхреи ахара здырҵо иаҳасабала азакәан иадыԥхьалареи рзы иҟаиҵаз ажәалагала.
Нугзар Логәуа-70 шықәса ихыҵит.
Цәыббра 30 – аԥсуа жәлар рҭоурых адаҟьақәа рҿы иаанхоит игәырӷьахәу агәыӷра дуқәа зыдҳәалоу мшны. Ари амш аҽны еилгеит аԥсуа жәлар ашьеи алаӷырӡи илазыргылаз, ргәы ахәра ӷәӷәа анызҵаз аибашьра хлымӡаах – 413 мши-­ҵхи ицоз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me