Тҟәарчал аҩ-хәҭак еидызкыло ақалақьтә мардуан

 1961 шықәсазы идыргылаз, Тҟәарчал ақалақь аҩ-хәҭак: хыхьтәи ҵаҟатәи еидызкыло ақалақьтә мардуан аиҭашьақәыргылара напы адыркит. Шықәсырацәа ҵуеит ари амҩангага ауаа рхы иадырхәоижьҭеи, убри азы аҭыԥантәи аиҳабыра уи еиҭашьақәыргылахарц рыӡбеит. Аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи афинанстә цхыраара змоу апроект анагӡара мҩаԥнагоит Георги Харчлаа напхгаҩыс дызмоу ООО «Союз-W» акомпаниа.

Зоура 250 метра ыҟоу амардуан аиҭашьақәыргылара еиуеиԥшым аетапқәа рыла имҩаԥысуеит. Уажәазы актәи аетап хыркәшахоит – абарҵақәа рышәрала. Анаҩс, абетон аҭарҭәареи иара убасгьы ашәарҭадара аизырҳаразы ҷыдалатәи аусурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

Апроект иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит уахынла амра амч ала аус зуа ҳаамҭазтәи алашарбагақәа рышьақәыргылара,  аԥсеиҭакырҭақәа рҿы аҟәардәқәа рыргылара.

Иара ақалақь аҩ-хәҭак рыбжьара шьапыла ицо рзы зегь реиҳа икьаҿу мҩоуп. Ақалақь аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоу анапхгаратә усбарҭақәа рахь анеиразы рхы иадырхәоит, уи аԥшӡара аԥсшьаҩцәа аднаԥхьалоит, аспорт азҿлымҳара азҭо рзгьы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит.

Ари ақалақьтә ргылара аиҭашьақәыргылара аҭыԥантәи ауааԥсыра есыҽнытәи рыԥсҭазаара аиӷьтәра мацара акәымкәа, иааизакны Тҟәарчал аизҳаизыӷьара иацхраауеит.

 

Саида Ҳаразиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me