Рашәарамза 1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы, иҳәоуп: « Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, еизҳауа абиԥара! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш. Ахәыҷқәа - ҳаԥсҭазаараҟны зегьы иреиӷьу аҭыԥ ааныркылоит. Ҳара ргәы бзиазарц, насыԥ рымазарц, аҵарадырра бзиа роурц, раԥхьаҟа аԥсҭазаараҟны амҩа лаша ианыларц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Ахәыҷы нап идкыланы иааӡара, изинқәа рыхьчара…
Иазгәаҭатәуп раҧхьаӡакәны Ииун 1 - Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш 1950 шықәсазы ишазгәарҭаз.Уи аахыс ари арыцхә азгәаҭара иалагеит шамахамзар атәылақәа зегьы. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны еиҧш, Аҧснгьы есышықәса иазгәарҭоит ари амш.Сынтәа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз адҵала ари амш аҽны Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысран иҟан аныҳәа аиҿкааразы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа, аха амшцәгьа иахҟьаны уи ииагоуп ашәахьа, ииун 3 рахь.
68 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аԥсуа-адыга бызшәақәа рыҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа бызшәа акафедра №1 адоцент Наталиа Урусбеи-иԥҳа Лихова.Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аректорат, апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, афилологиатә факультет астудентцәа гәалсра дула ирыдашшылоит аԥсы лҭаацәа, лгәакьацәа, лҭынхацәа. Наталиа Лихова диит 1957­ шы­қәса март 21 азы Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Гәымлоқыҭ .1974 шықәсазы дҭалеит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, азанааҭ «аԥсуа бызшәеи алитературеи,…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me