Маи 21 рзы Аҧсны, иара убас Кавказ ажәларқәа зегьы иазгәарҭоит аҭоурых еиқәаҵәа – амҳаџьырцәа Рымш. Кавказ аибашьра иалаӡызи, мчыла зтәыла иахыганы иқәырцаз ҳажәлари ргәалашәара игәыҭшьаагоу мшуп.
Аԥсны ажәытәӡатәи ақьырсиан тәылақәа ишреиуоу азы шаҳа­ҭра руеит уи ахы-аҵыхәа игылоу ақьырсиан баҟақәа, ауахәа­мақәа, аԥшьаҭыԥқәа. Убарҭ иреи­уоуп иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩ Симон Кананит иуахәамагьы. Аԥсны иалкаау аҭоурых рыцхәқәа инарыдкыланы, маи 23 Симон Кананит Имш ауп, ҳтәылаҿы ныҳәаны, ԥсшьарамшны иазгәарҭоит 2013 шықәса инаркны. Ари аҽны хыԥхьаӡара рацәаҩыла адинхаҵаҩцәа Анцәаиҳәара мҩаԥыргоит уи ауахәама аҿаԥхьа.
Маи 21 азы, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш аҽны, Ҭырқәтәыла иаартын абаҟа. Уи рхы аладырхәит Аԥснытәи аделегациагьы – Жәлар Реизара адепутатцәа, арепатриациазы Аԥсны Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы.

Аҧсуа жәаҧҟақәа

19 Лаҵара 2023 14:02
Ажәлар рҟәыҕара, рыхшыҩҵарра, зегь рылымкаа, ажәаҧҟақәа ирныҧшуеит. Ишаадыруа, ажәаҧҟа ҳәа иашьҭоуп еилацалоу, исахьарку ахшыҩҵак змоу ажәаҟәыш (ажәеиқәыршәа).
Маи 13 азы Краснодартәи атәыла­ҿацә Павловсктәи аҽырҩырҭаҿы иаартын 2023 шықәсазтәи аҽырыҩра асезон. Уи инақәыршәаны имҩаԥысит аиԥхныҩларақәа жәба. Руак азкын 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз ргәалашәара. Аиԥхныҩларақәа ирылахәын Адгәыр Ԥача­лиеи Ахра Ашәбеи рҽқәа, иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭкомспорт.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me