Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ӡи-мцеи ириааиуа

Еиуеиҧшым ахҭысқәа рыла еилоуп, ганрацәала ишьақәгылоуп ауаҩы иҧсҭазаара. Еснагь ауаҩы иҧсҭазаартә мҩаҿы иаҧиҵо ахҭысқәа даныргәылагылоу, агәҽанызаара имазароуп. Ауаҩы амашәыр данақәшәо издырам, убри аҟнытә ишьаҿақәа шәаныизаны иҟаиҵалароуп, илаҧшҳәаа ҭбаазароуп. Иҟоуп ауаҩы аҧсабаратә цәырҵрақәа ирыхҟьо амашәыргьы данақәшәо.

Иахьатәи аамҭазы имаҷымкәа ҳтәылауаа рыҧсҭазаараҿы амашәырқәа ҟалоит, аха урҭ раҧхьырҟәҟәааразы, насгьы ауадаҩра иақәшәаз ацхыраара иҭаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа рылша рацәаӡоуп.

Ҧхынгәымза 4, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа ирымшны иҧхьаӡоуп.  17 шықәса раҧхьа, ари аҽны, Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь иусҧҟала иаҧҵан Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭдырра инақәыршәаны, минуҭқәак ирылагӡаны, дара рхаҭақәа рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылазаргьы, амашәыр иақәшәаз рыцхыраара рылдыршоит. Аиқәырхаҩцәа – иарбан уадаҩразаалак аҿаҧхьа хьаҵра рықәым, ахамеигӡареи агәымшәареи аадырҧшуеит.

Аӡхыҵрақәа, аҩнқәеи абнақәеи рымцакра, амҩатә машәырқәа, агуманитартә цхыраара уҳәа Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иҟарҵо ацхыраара рацәоуп. Аминистрра раҧхьа ишьақәгылан абылрацәыхьчаратә маҵзурала. Анаҩс ирҭбаан: аиқәырхаратә, ашьхатәеиқәырхаратә, оператехникатә, амедицинатә маҵзурақәа рыла.

Адгьыл аҿы, иара убас аҳауаҿы, аӡаҿы аиқәырхаҩцәа рус ҧымкрада инарыгӡоит.

Аҧсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра есааира иарӷәӷәоит иара аматериалтә-техникатә база. Иахьатәи аамҭазы аусбарҭа иамоуп ҳаамҭа иақәшәо атехника. Аҽеиқәыршәагатә маҭәахәқәа рыхәҭак, гуманитартә цхыраарак аҳасабала урыстәылатәи аколлегацәа ирырҭеит.

Есааира аҭагылазаашьақәа рҽырыҧсахуеит, аусурагьы маҷк иуадаҩхоит, аха еиҵагылоу аҿар ари азанааҭ алызхуа маҷҩым. 2011 шықәса раахыс Аҧснытәи аҵаҩцәа абжьаратә ҵара аныхдыркәшалак, аҭа­гылазаашьа ҷыдақәа Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рганахьала ирҭало маҷҩым.

Сынтәа, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа рыпрофессионалтә мшы аҽны, иалкаахаз гәыҧ­ҩык, аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи ранашьан.

Аиқәырхаҩ – даара аҭакҧхықәра ду зцу, аҧсҭазаараҿы зда ҧсыхәа ыҟам занааҭуп. Аманшәалара рыцыз зуси зџьабааи ҧшьоу аиқәырхаҩцәа!


Мадина Амҷҧҳа, ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me