Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҳәаақәа еивам, аха аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа изларҳәо ала, жәытәаахыс аиҭанаиааира рыбжьан, ианыцәгьарахозгьы еидгылон, абџьар шьҭыхны рыԥсадгьыл рыхьчон. Абас иҟалеит 1990-тәи ашықәсқәа раан ҩ-жәларык зҭадыргылаз аибашьраҿгьы. Рыжәҩахыр еидҵаны раӷа ииааит, ахақәиҭра роуит, ашьҭахь Урыстәыла, нас егьырҭ ҳәынҭқаррақәак рҟнытә – азхаҵарагьы.
Асабша, маи 27 азы Аԥсны ашәа­ҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз рҳәынҭқарратә ансамбль ақәгыларақәа қәҿиарала имҩаԥысит. «Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә еимадарақәа» ҳәа апроект инақәыршәаны, П.Чаиковски ихьӡ зху азал аҟны аконцерт шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит акорр. Алеқсеи Шамба. Ақәгылара иалагаанӡа акультура аминистр Даур Ақаҩба ажурналистцәа драцәажәеит.
Аԥсуа жәлар ҳҭоурых аҟны ахааназ XIX ашәышықәсазы иҟалаз ажәлар рхырҵәара, амҳаџьырра хашҭра ақәымкәан иаанхоит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ирҩуеит Аԥсны ахы-аҵыхәанӡа 400 нызқь­ҩык аԥсуаа нхон ҳәа.
Ҳаҧсадгьыл аҕа данақәла, ҳҵеицәа гәымшәақәа хьаҳәхьачарак ҟамҵакәан, уи иқәцаразы абџьар шьҭыхны ақәылаҩ иҿагылеит. Абџьар змамызгьы, ҳтәыла аҕа иалцаразы иаанымгылеит. Напышьашәала ҳџьынџь ахьчараз ақәылаҩ иабашьуан. Аиашазы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира машәыршақә иҟамлеит, зегь раҧхьаӡагьы, Ҳҧыза ду, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба ибзоуроуп аҧсуа жәлар иаагаз Аиааира.
Есышықәса, аԥхынра раԥхьатәи амш аҽны аӡӷабцәа, аҷкәынцәа, иара убас урҭ рҭаацәа иазгәарҭоит ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me