«Терент Ҷаниа»

20 Мшаҧы 2023 13:39
Ааигәа Аҧсны аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы иҭрыжьит еицырдыруа акри­тик, алитератураҭҵааҩ, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Рус лан Қапба ишәҟәы ҿыц «Терент Ҷаниа». Аҭыжьымҭа рызкуп абаҩхатәра злаз апоет, апро­заик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Терент Ҷаниа иҧсҭазаареи ирҿиамҭақәеи. Аҵарауаҩ Р. Қапба аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ҷыдала рыҧсҭазаареи рырҿиаратә мҩеи ирызкны 23 шәҟәы ҭижьхьеит. Иҭҵаарадырраҿы урҭ шьарда зҵазкуа аҭыҧ ааныркылеит.
Урыстәыла анаукақәа Ракаде­миа Асубтропикатә наукатә центр аҵарауаа ргәыԥ Аҟәа ақалақь акәша-мыкәша анышәаԥшь амҽхак иазкны аҭҵааратә усурақәа мҩаԥнагеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа Асубтропикатә наукатә центр апресс-маҵзура.
Аԥсныпресс. Аҟәатәи алицеи-интернат 9 акласс аҵаҩы Веро­ника Ҳагба автомат (Калашников- АКМ-7,62) аимыхреи аибыҭареи рзы уаанӡа ишьақәлыргылахьаз арекорд еиҳаз арекорд ҩаԥхьа ишьақәлыргылеит.
Аԥсныпресс. Адиспансеризациа аналага инаркны амедицинатә гәаҭара иахысит 150-ҩык ашколхәыҷқәа. Мызкы иалагӡаны адиспенсеризациа мҩаԥган Бе­диа, Аацы, Мҵара, Ҭхьына, Арасаӡыхь ақыҭақәа рҿы.

Аҭәаҵла ду ахәра

13 Мшаҧы 2023 14:24
Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭ­қарра Ахада Аслан Бжьаниа Лыхны ақы­ҭаҟны макьаназы ишьақәыргылам ахаҿқәа ахәым­гара ахьыҟарҵаз аҭыԥ даҭааит. Мша­ԥымза 5 рзы ацәгьо­уцәа аҭоу­рыхтә ҵакы змоу аҭыԥаҟны игылоу шәы­шықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла ԥырҟеит. Лых­нашҭа иаҵа­накуа ари аҵла Аԥсны аҭоурых-культуратә, аԥсабаратә ҭынха иасим­волны иҟоуп. Аҳәынҭ­қарра Ахада ицны ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭы­ԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me