Абҵара 14 инаркны 22-нӡа «Сириус» афедералтә ҵакырадгьыл аҟны имҩаԥысуеит аҩбатәи иаарту жәларбжьаратәи астрономиатә аолимпиада.
Аинфорациатә Маҵзура «Татар-информ» Ҭаҭартәи аредакциеи «Интертат» асаити аредактор хада Рамис Латыпов Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усҳәарҭа «Аԥснымедиа» иаҵанакуа аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» аусзуҩцәа иусура аԥышәа рымеидеит.

Аԥснытәи ашыцмҿы

07 Ԥхынкәын 2023 12:58
Назаров ақалақь (Урыстәыла, Красноиарсктәи атәылаҿацә) аҟынтәи аҟаза ашыцмҿы иџьашьатәу асахьақәа ҭаԥиҟоит. Урҭ акала «нецке» ҳәа изышьҭоу иапониатәи асахьақәа иреиԥшуп.
Апоет, ажурналист, алитератураҭҵааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II-тәи, III-тәи аҩаӡарақәа занашьоу Владимир Константин-иԥа Занҭариа 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган аконференциа. «Агәацԥыҳәареи ахандеиреи рымҩала» зыхьӡыз аконференциа мҩаԥысит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.
Аԥсуа ихатәы бызшәа аԥсшәа шакәу зегьы еицырдыруеит. Уи ихатәы бызшәала дцәажәо, дхәыцуа, аԥшӡара, ахаара ихы-игәы аҿынӡа инеиуа аҟаҵара даара акрызҵазкуа усуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me