Атеатр Адунеизегьтъи амш – атеатр аусзуҩцәа зегьы ринтернационалтә занааҭтә ныҳәа ауп, адунеи зегьы аҿы есышықәса иазгәарҭоит март 27 азы. Ари ахҭыс традициала зегьы ирзеиԥшу девизк амоуп: «Атеатр ажәларқәа реилибакаареи аҭынчра арӷәӷәареи рхархәагак аҳасабала». Аныҳәа азгәарҭоит арежиссиорцәа, адраматургцәа, актиорцәа атеатртә критикцәа. Иара убас адныҳәаларақәа рыдыркылоит аибыҭаҩцәа, арлашаҩцәа, абжьы арежиссиорцәа, асахьаҭыхҩцәа, адекораторцәа уҳәа егьырҭгьы.

Алаҳәарақәа

31 Хәажәкыр 2023 12:16
Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рквалификациатә коллегиа ирыланаҳәоит Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ иҭацәу ҭыҧк – 1 иандаҭлауа рҟнытә арзаҳалқәа шаднакылауа.

«Шәыгәхьаазгоит…»

31 Хәажәкыр 2023 12:11
30 шықәса зхыҵуа асалам шәҟәы. Иҩеижьхахьоу ақьаад рыҧсы иаҵаҵәахын. Уи аҭоурыхи аҧсадгьыл абзиабареи рахь ухьанарҧшуеит, уархәыцуеит, аҧсҭазаара уагәыланахалоит. Аҭаацәара зегьы зыхгәыр-ҕьаауаз, уахи-ҽни зымҩа иазыҧшыз, згәалаҟара еснагь ибзиаз, ашкол аҿы иҿырҧшыгаз, абҵара 28, 1969 шықәсазы Омск ақалақь аҟны ииз, Ашәба Рауль Владимир-иҧа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҧхьатәи амш инаркны иҩызцәа рыгәҭа днагылеит. Ашәба Владимири Евгениеи хҩык ахшара рыхшеит: Наталиа, Рауль, Анжела.…
Апоет, аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Владимир Платон-иҧа Анқәаб диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра - практикатә конференциа. Ахатәы бызшәеи, алитературеи, афольклори рҭагылазаашьеи рҧеиҧши ирызкын «Иахьатәи аамҭеи аҧеиҧши» ҳәа хьӡыс измаз аконференциа.

Иалыршоу аихаҳара амҩа

31 Хәажәкыр 2023 12:07
Март 23 рзы Аҟәа иазгәаҭан Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра. Ари аҽны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуҩцәеи, иара убас Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа уҳәа рҟнытә иааз асасцәеи ақалақь ауаажәларреи еицны Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада имемориали Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарки рҟны, насгьы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы игылоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟаҿы ашәҭ шьыҵә­рақәа шьҭарҵеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me