«Ишьҭхысаа инеиуанаҵы сҽыхәа...»

Сергеи Арушьан-иҧа Агындиа диит (08.07.1953) Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. СССР-и, Урыстәылеи, Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәа дрылоуп.  1997 ш. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит, 2003 ш. раахыс – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа далоуп.

А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1976). Аус иуан агазеҭ «Аҧсны», иара убас ажурналқәа «Алашара», «Амцабз» рредакциақәа рҟны. 2013ш. раахыс аус иуеит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла аконсультантс.

С. Агындиа раҧхьатәи иажәеинраала кьыҧхьын 1972ш. ажурнал «Алашара» аҟны. Убри аахыс иҩымҭақәа рнылахьеит агазеҭқәа: «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», алитературатә еизгақәа «Однажды в апреле», «Ерцахә» (урысшәала), ажурнал «Нах Дуг» (ауаҧс бызшәала, Владикавказ) уҳәа егьырҭгьы. Иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, абаза, аерман, ауаҧс бызшәақәа рахь.

Аҧсышәала Аҟәа иҭыҵхьеит иажәеинраалақәа реизгақәа: «Мышкызны», «Схынҳәит сара», «Аӡаӡа бырлашқәа рыкәашара», «Сҽыхәа неиуеит иццакуа», «Аҳәынҵәраҧшь. Ажәеинраалақәеи алакәқәеи ахәыҷ­қәа рзы», «Ҳазнышәо иҟоу лахьынҵоуп», «Иалкаау», «Ари амза амаӡа» уҳәа егьырҭгьы.

Агазеҭ «Аԥсны» аредакциа анапхгареи аус­зуҩцәеи гәык-ԥсыкала Сергеи Агындиа ииубилеи идырныҳәалоит, агәабзиареи еиҳау аихьӡарақәеи изеиӷьаршьоит.


«Баша иауиҳәах апоет (С.Агындиа) «Сыԥсадгьыл улахьынҵа азхәыцра, Алу еиԥш сеикәнаршоит». Ааи, деикәнаршон, деикәнаршоит, аринахысгьы деикәнаршараны дыҟоуп.

…Ҽырбашақә акәымкәа, апоет гәҭыӷьӷьала ииҳәо иажәақәа угәаҵаҟынӡа инеиуеит, иахьатәии, иацтәии, уаҵәтәии рҳәаақәа еиԥшьуп, бжьындак рымоуп.

Сергеи Агындиа ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы иалкаау аҭыԥ ааннакылоит илирикатә поезиа».

Рауль Лашәриа


 

Сергеи Агындиа

***

Амра гәырҭәыла сӡамҩақәа ирҿашуп –

Ауаатәыҩса рымжәаҵла саҿазарац сыхәҭоуп.

Ажәҵарақәа ҷырҷыруеит, иахьеиҭаҳау хароуп,

Палестинеи Аҧсныи рыбжьара аҳәааҿоуп.

Ашәышықәса ишьҭхысса ахы аҵанарҧоит –

Барфын лакәума кәамжәыкгьы рӡахлоит.

Адунеи џьанаҭраҿ ҧсаатәҵас иӡсоит,

Ҳазшаз дызқәышаҳаҭу – саҧсшәа каҧхоит.

Ашьха каҵәара иаҿаӡыҭуеит асы –

Амшын кәашара – ажәҩан аҟамчы,

Аӡиас, акәара слахьынҵа аҧсҟы –

Амра гәырҭәыла –

Ахьтәыла Аҧсны !...

 

                             


Ҷытбжьык саҩшәом, сеиқәлымҳаха сӡырҩуеит –

Сгәыҕрақәа ргәыҕра, рнапқәа сдыркуеит.

Пицундатәи аҧсаҵлақәа лаҧшыла иҧшьо,

Урҭ снарыҵалоит быҕьҩежьқәак схьыршо.

Аҧсны, са сыблагә, сыҧсҿыхра хаара –

Ҳазшаз исаҭәеишьаз сдунеи ду абаагәара.

Ҧшаласк насҿасуеит сымҩасырц лахьынҵала,

Усоуп, санишах, аҧсҭазаараҿы игәаҧхарала.

Аеҵәақәа рыччабжь сыҧсы ианыҩуа –

Ажәҩан дхықәгылоуп ҧааимбарк сызҿызҭуа.

Аҵыс ҧшқа амахә иқәтәоу – иҧраанӡа,

Ҧсҭазаароуп ажәҩан инасхыкны идыдаанӡа,

Ҷытбжьык…

 

                           


Исых сзымдырӡо ашәаҧшь сацҵәыуон –

Амра аҭашәамҭаз, сӡамҩа иаҿаҳәуаз,

Скараха сыдгьыл ахьаа сазхәыцуан,

Саргәаҭеиуан машәырла абҕьы иҿшәаз.

Нахьхьи џьара адунеи ду ахықәаҿы –

Дҟәынҟәындуа аӡәы дсывсны дцаӡоит,

Мшәан, дабанцаӡои гәыҕрак сымпыҵакны,

Гәашәк аҿы аӡы ажәра сгәаҧхаӡоит.

Сара сеиҧшҵәҟьа цәашьқәакгьы ӡыҭлоит –

Ишәысҭоит сымшқәа, ишәасҳәои?.. Акымзарак,

Зны-зынла сааигәаны сахьыҟоу, шәнаӡоит,

Икыдшәазшәа хьаак зцым шәахәақәак.

Аилашәшәымҭа ашьҭахь

ҭагалан саҵагылан ҿысҭуан…

 

                             


Амаалықь дысҭааргьы ихы сирбаӡом –

Сааҵраҿы исыхьҵәыуозаргьы ақәа.

Цәалашәарак сҭааит, сашьҭоуп сахьӡаӡом,

Аҵх еиқәа иналаӡуеит сшьаҿақәа.

 

Ашьхыц саҩызоуп, баша сҧырӡом –

Сышқәсқәа идырҭәаанӡа снапқәа.

Ҧшахьшәашәак сахәаҽыр, уаҳа сааҧшӡом,

Ашәаџьҳәара сзырушт адәқәа.

Исышьҭоу ашәаҧшь лашагьы сазынхаӡом –

Абла ҭыблаауеит ацәашьқәа.

Сызаҵәра – Анцәа ишәхымсаҿ иҷаҧшьаӡом,

Сахьрыҵоу сыдгьыл агәалақәа.

 

Ҧсҭазаарак азы сыҧсы ныҟәсцаӡом –

Ишьҭхысаа инеиуанаҵы сҽыхәақәа.

Сишь, сишь, аамҭақәак сырҭаӡом,

Исҿаҧсаанӡа асаркьалбжьы аҧҽыхақәа…

 

                           


Кациҳабла нахыс уанынаскьа –

Ихтәалоуп анаҟә – аҵысҭра,

Ажәҩан ажакьа иаҿыкьаса,

Амҵәыжәҩа еиҵыхуп анаҧшырҭа.

 

Адунеи шәарҭоуп ак аналаӡуа –

Аеҵәақәа шәҭаанӡа агәаҿы,

Ашьыжь мрашәахәоуп иаҿаӡыҭуа,

Аҧсаатә нықәҧраанӡа ахәаҿы.

 

Инаскьагоу ашьха ҳарак аблақәа –

Зны ихышхыҵәашт алабжыш,

Аамҭала агәамҵрақәа, ахьамҵрақәа,

Ҳаҭгәын сахьак ҭнахаанӡа адәҳәыҧш,

 

Кациҳабла нахыс адунеи ахықәаҿы –

Адыд-мацәыс ахысыбжьы.

 

             


Рымҵәыжәҩақәа ларҵозшәа –

Иаашаанӡа аҳәыҳәқәа,

Даара, даараӡа иҧхашьоушәа,

Иацәыбналон амахә анапқәа.

 

Аҵх аҧхыӡқәа ирылҵызшәа,

Инеиҵырхуан ргәаларшәарақәа,

Игәышуан амшын иӡхыҵызшәа

Иҭырхуан баҳчак асахьақәа.

 

Сишь! Џьоукы иҿырҭызшәа –

Ицәыҵаччоит ашьхақәа,

Ажәҩан амра иаҿықәҧраазшәа

Идыдуеит аҧсаатә ашьапышьҭыбжьқәа,

 

Гәҿыҕьрак иагәылҧрааз ахәыҷқәа!

                              


Аӡиас сахьырыз, ажәҩан сҿатәеит

Амрагьы хышхыҵәон,

Сыблақәа цәырҳан маӡак сахьыҧшуеит,

Ааҧынра сшәырҵон.

 

Аамҭа агәеисыбжь ашьацраҿ ихәаҽуеит,

Еҵәак ахалаӡа иҿыцәон.

Амш аҟамчы, ҧшакгьы шәышәуеит

Гәыҕрақәак ӡхыҵуан.

Сахьынаҧшуа адәы иаҵәа кәлаауеит,

Ашәҭқәа аӡаӡаш ршәырхӡон,

Ҽыкәбалла аҧҭақәа ашьхарахь ихынҳәуеит

Уи аҽны, шьыбжьон.

 

Сыблагә цәырҳан маӡак сахьыҧшуеит,

Ааҧынра сшәырҵон…

                            


Ицгәеиқәаҵәан икьииуаз апшатлакә –

Аҽеиҵыхӡан сбарҵа иҵатәан,

Иҵӡозеи, уиижьҭеи, иҧшыхәуоу,

Аҧенџьыр авҵраара иазыҧшуан.

 

Аҵх ахылҧарч нахыхны –

Ажәҩан агәышҵагьы ҵыблаауан,

Аҵықьҳәа ахыбрақәа инархыкны,

Аҵларкәыркә аҟыгәыбжь ҿнаҭуан.

 

Аамҭеи аӡиаси еивасны –

Икарахаз амзамахә рыпҟон,

Имыццакӡакәа абҕьқәа иныҵакны,

Слахьынҵа ауазшәа нарыгӡон.

 

Лакә ҧхыӡк аҿы лашыбжьқәак –

Ашьац еимхәыцқәа рыҟәшәон,

Ус, аҽааиҵнахт ҧҭа кәашак –

Иџьасшьаргьы – аеҵәақәа ирыхьӡон…

 

               


Иааҧсахьоу ажәақәа реидарак –

Слахьынҵ анҵәамҭанӡа

Рышҟа сшыгьежьуагьы иахьак,

Инаскьазгалап сынкашәаанӡа,

Исзымдырӡо игәхьаазгоит шәақәак –

Иҟаҵәҟьоу сымбацкәа

Сықәхеит сзавымҵуа ҧшаҳәак,

Сыршьаҳаит ажәытәтәи адацқәа.

Иарбан исҳәахьоу зырхашҭуа –

Сышьхақәа ирымаздоит маӡак,

Сзыҟалом снысымҩа сацәхьаҵуа,

Иазхгома саамҭа сҳақ.

Сара схьааӡам, иҿысҭӡом –

Аҭынчра салаланы сцоит.

Исызхьамҧшыргьы, баша сынҵәаӡом,

Исышьҭоу сиеҵәақәа  иҟәшәоит…

 


Усоуп, хьҭак сылаларц сҭахӡамызт –

Аҧша сеимнадон адәы сахьцәыз,

Аҵла махәқәа акгьы рыҟәнымызт,

Урҭ роуп са снеирагь иазыҧшыз!

 

Амшын хәмаруеит уахь ахықәаҿ -

Иеиҭымха иҧшуп, аҟәара иҭацәыз,

Аамҭа кьииуеит слахьынҵа ааҵраҿ,

Сыҵх арлашоит амза ишәҭыз.

 

Схы ахызбаауеит сгәыҕра аанҿасыр –

Адыд хысуеит бышьҭа сышху,

Исҭахуп быҧшатлакәны саҧхьа бымҩасыр,

Быда сеиҧшыми аҧсаатә ихәу.

 

Сгәы сымпыҵҧрааит, нас ашьшьыҳәа –

Маӡа ҽа дунеикахь снаскьоит,

Аеҵәа шәахәақәа шсықәҧсо  аҳәылыҳәа,

Аҧсҭазаара анагӡараҿы

                                      шәақькгьы ҭҟьоит…

 

                             


Уи џьашьатәума ?… Ашәҭра иазыҧштәума –

Иныҵакны бара быччабжь каҧсоит.

Ажәҩан иалҧаан аеҵәа бырктәума –

Ӡыхькауп сызҿыхәаз, маӡак ҭасырбоит,

Адунеи сакәшоит… хараӡа быҧшаатәума –

Бышьҭа ихӡылаз сгәызаҵә шәаҳәоит.

Адгьыл – ҳәааҿы

                   бышьацәхыслан бааҭгыларыма –

Сгәыҕра ҽыхуа егьагым бахьӡоит.

Аҧсҭазаара ҽура зны ишьаҳатәума –

Нахьхьи џьара… абҕьҩежьқәа ҳҿаҧсоит.

Ҳшамкәа ҳазшаз икәа иҭаҧштәума? –

Лахьынҵак ҳгәыҵакны макьаназ ҳаӡсалоит.

Уи џьашьатәума?… Ашәҭра иазыҧштәума –

Иныҵакны бара быччабжь каҧсоит…

 

             


Ара сыҟаӡам, снаскьагоуп –

Бжьык харантәи исаҳауеит,

Слымҳа иҭаҩуа игәыҟаҵагоуп,

Ахәышҭаараҿы гарак шьацәхартәуеит.

Сызлымҵыша ҧхыӡқәак срылоуп –

Ҭынч ҩык снаҳауеит,

Ажәҵарақәа махәык ықәтәоуп,

Ажәҩан иаҵаҧшуа илацәҟәеит.

Сыҧсыхаара аҳауа хьшәашәоуп,

Адунеи сналаӡыр ауеит…

Слахьынҵа аӡиас иахықәтәалоуп,

Сгәеисыбжь ацәқәырҧ ҵысҵысуеит.

Зны, сан лнапсыргәыҵаҿ сгароуп,

Ҳазшаз дсыцклаҧшуа дӡырҩуеит.

Ара ыҟаӡам, снаскьагоуп –

Кациҳаблантә сара саауеит…


Аҭынчразы ҭынчрак саҳәаӡом –

ицоитамшқәа еишьклассы,

ус аамҭа баша саабӡом –

сышьхақәа ирхырҟьагьы асы.

 

Снысымҩа амҩахәасҭақәа 

                                еималаӡом –

ацәҳәыра иахызгахьеит сҟамчы,

адунеи акаршәра сара сзалаӡом –

исшәысҵаанӡа ҭагалан аҧштәы.

 

Ишәҭхьоу ашәҭқәа сыгәхьааргаӡом –

ҭагаланӡа икадыршәхьеит ркасы,

бжьыхааки быччабжьи

                         бахьыҟоу сарҳәаӡом –

сдырцәарц шҧасҭахыз лассы.

 

Шьауардынҵас амрагьы хәыҵшәаӡом –

быгәхьаагара ықәтәоуп сшьамхы,

ааҧын аблақәа 

                      еҵәаҵас икыдшәаӡом –

аҵх еиқәа иалахысуеит сыбжьы…

 

         


Ааҧынра сҽаларӡны схала стәоуп –

Инысҵша ашықәсқәа –

                            акәукәубжь схьыгӡо.

Иссирӡа ашәахәақәа

                      амахәқәа ирҿаҧсоуп –

Аамҭа мҩасуеит сгәыҕрақәа сыцәӡо.

 

Аҧсҭазаара иахьа

                         ашәақәа агәыҵаҧсоуп –

Исышьҭалан иааиуа

                                 акакала иҟәшәоит.

Дгьыли жәҩани сыҧсы рыбжьатәоуп –

Аеҵәақәа уи

                    ҟәынаҵас ирыҟәнысҵоит.

 

Амза ҽыкәаша сашҭа иҭоуп –

Ҭынч атамашәҭқәа рчара салаӡуеит.

Ӡиасҵас слахьынҵа мҩа маӡоуп.

Хараӡа сгәы амшынгьы еилашуеит.

 

…Ааҧынра сҽаларӡны.

 

           


Изасҳәода сара: «иҭабуп» –

анышәаҧшь сҿаҵәаанӡа сыҧшуп.

Сыҟанаҵ ҭынч сынхаларц –

аҧсҭазаара ашәҭқәа сыҟәшәарц.

Ажәҩан исызцәыругои бласы –

Макьана иуҿамҳәӡац сыҧсы.

Аҿымҭра бжьык сканацоит –

Иаҳа-иаҳа аеҵәақәа ааигәахоит.

Слахьынҵеи сареи ҳаиқәышьшьы –

Ҳагәыдыҧшлоит аамҭа ампахьшьы.

Сгәыҕрақәа рхала рҽыҧхьак –

Аҳра руеит иахьак.

Исзаартуп адунеи ахышә –

Сыҧсҭазаара сцәафаанӡа анышә.

Исыхьша схала исгәырҩоит –

Сгәаҭеиргьы, сытҟәаны сагоит,

Зегьы акоуп – иҭабуп !..

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me