Маи 2 рзы Аҧсны асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵатә зал маҷ аҿы имҩаҧысит асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аграфика азҟаза Адгәыр Амҧар инапкымҭақәа рцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа еиднакылон 30 инареиҳаны аҭыхымҭақәа. Асахьаҭыхҩы Адгәыр Амҧар дазҟазоуп аҧшшәи аформеи реилаӡҩара, саркьаҵас аш ианыҧшуа афигурақәа ирну асахьақәа угәаладыршәоит урҭ рсимволқәа акалашәа еибыҭоуп аҧшшәы рацәа змоу аџьоуҳар иналаӡ ицоит.
78 шықәса нҭакәкәа ишцазгьы, иахьагьы иргәалашәоит, ҳаҭыр дула рыхьӡ-ҧшьа рҿыҵакуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа. 1941-1945-тәи ашықәсқәа Аҧсны хәыҷы иазыннажьит ахәра ҕәҕәа, иреиҕьӡаз ҳҵеицәеи, ҳҭыҧҳацәеи рхы мшаҭа афашизм иаҿагылеит бџьаршьҭыхла.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеи­жьҭеи 78 шықәса аҵра амшныҳәа мышқәак шагыз ақалақь аҟны дсықәшәеит саншьцәа ирыжәлантәу, сқыҭа гәакьа Ҭхьына иизиааӡаз, ҳарҭ Паз ҳәа заҳҳәо Иура Бигәаа. Акыр ҳаицәажәон, иаҳгәалашәаз рацәоуп. Ҳаицәажәараан ҳазааҭгылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду амш ныҳәа шааигәахо атәы. Уи дазааҭгыло Паз ицәыригеит аибашьра Ду аан иҭахаз ианшьа иӡбахә. «Сан рыцҳа лыла ҭраа есымша лашьазаҵә имҩахь дыҧшын, агәырҩа дафахьан», – иҳәеит…
1945 шықәса лаҵарамза 9 азы асовет жәлар иргаз Аиааира егьа шәышықәса царгьы ахааназ ауаҩытәҩса ихамышҭуа, аҭоурых ианылаз хҭысуп. Ари Аиааира агара 30 миллион ҩык иреиҳауп зыҧсы ақәызҵаз. Гәдоуҭа араион аҟынтә 6913-ҩык алахәын. Изымхынҳәӡеит 2365-ҩык. Урҭ рахьтә 1560-ҩык аҧсуаауп. Иҟоуп аҭаацәарақәа: фҩык, хәҩык, ҧшьҩык, хҩык, ҩыџьа ахьҭахақәаз. Имаҷӡам зынӡа ашәқәа ахьакыз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me