Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭыжьымҭа аӡыргара

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иӡырнагеит Аҧсны анаплакқәа ркаталог 15 аҭыжьымҭа. Уахь инаҧхьан 50-ҩык раҟара, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы – анападкылаҩцәа, аҳәынҭчынуаа, ауаажәларра, ажурналистцәа.

Аӡыргарахь имҩахыҵыз алшара рыман акаталог аекземплиарқәа ҳамҭас риура. Аӡыргара ахьымҩаҧысуаз аресторан «Ерцахә» азал аҟны ицәырган Аҧснытәи аарыхҩцәа раалыҵқәа – ашә, арыжәтә џьбарақәа, иџьбарам арыжәтәқәа уҳәа егьырҭгьы. Аҧсны Ахәаахәҭра ааглыхратә палата аиҳабы Тамила Мырцхәлаа асасцәа дрыдныҳәалеит. Уи иазгәалҭеит 235 даҟьа змоу аҭыжьымҭаҿы ишцәыргоу Аҧсны афирмақәа, аиҿкаарақәа, хаҭалатәи анападкылаҩцәа рыӡбахә зҳәо аинформациа. «Ҳара иҳаӡбеит абри аӡыргара азаҳкырц 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра», – лҳәеит лара.

Мырцхәлаа иара убас иаҵылшьит апалата акыр шықәса раахыс аус шацнауа Аҧсны ашәахтәқәеи аизгарақәеи рзы Аминистрра, уи ацхыраара шыҟанаҵаз акаталог ҿыц аҭыжьраҿы.

Иара иганахь ала ашәахтәқәеи аизгарақәеи рминистр Михаил Габелиа, Тамила Мырцхәлаа илыдиныҳәалеит аҭыжьымҭа ҿыц, иазгәеиҭеит апалата аусура шацхраауа Аҧсны анападкыларатә усуразы аҭагылазаашьа бзиақәа раҧҵара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me