Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Амшын-Қәыџьма»

Аибашьра иарбан аамҭазаалакгьы инымҵәаӡо ахьаа, агәырҩа, алаҕырӡ ацуп.

30 шықәса шҵуагьы дарбанызаалак изы иҭахаз рҭоурыхқәа аҳәара, агәаларшәара уадаҩуп.

Еиҳагьы игәыҿкаагоуп, аибашьҩы дызнысыз амҩа шьаҿа-шьаҿала ианеиҭарҳәо, изыхцәажәо Афыр­хаҵа даныҟам… Дарбанызаалакгьы игәаҵаҿы иҵәаху ахьаа иҵааршәны, ҧсасира ақәымкәан иаанхоит. Ахьаа иаҳагьы иқәыҕәҕәоит шьаладала иҭахаз изгәакьоу ауаҩы ахҭысқәеи еибашьышьеи рылацәажәара.

Ҵәыџьба Данел Борис-иҧа аибашьра иалахәыз «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, иашьа Русҭам Борис-иҧа Аҧсны зхы ақәызҵаз изы, ацәажәара абас далагеит: – Сашьа, Русҭам еиҧш зыҧсы ҳаҧсадгьыл иақәызҵаз рацәаҩуп. Иара Леон иорден ианашьан. Ҧхынгәы мзазы ицоз ажәылара «идырны аҧсра иаҧылоз» ргәыҧ далахәын. Убраҟа дҭахеит. Сашьа иордени, аибашьра цонаҵы иабџьар еиҧш иныҟәигоз иҳәызбеи амузеи аҟны иҟазарц, ҳан илҭаххеит. Аибашьраан дызблыз ахьаа иахьагьы илықәыҕәҕәоит…Иара иҭынхаз, –уи ицәа зхыҳкаауа, иҧсы злоу иҷан ауп.  Ҳан лгәаҳәара сара иназыгӡеит. Абраҟа иаҭаауа аибашьҩы иҭоурыхи иара ифырхаҵареи зыршаҳаҭуа иордени иҳәызбеи лабҿаба ирбалар – иҳәеит Данел.

Аҧсуа қыҭа Ҟәланырхәа жәытә-натә аахижьҭеи инхоз, Ҵәыџьба Ҳасан Маҳмед-иҧа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан Китаи –Манџьури ҳәа иахьашьҭаз аҭыҧаҿы хабарда дыбжьаӡит. Аибашьра даныргоз аҭаацәара далалахьан. Инасыҧхаз Џьениа Зинаидеи иареи хҩык ахшара рхылҵит: Борис, Ниуела, Лиусиа.

Ҵәыџьба Борис Ҳасан-иҧа зхы-зыҧсы цқьаз, пату зқәыз, зажәа иазыӡырҩуаз, анхара злаз, ахшара бзиа зааӡаз хаҵан. Иҧшәма Ҭраҧшь Емма Махаз-иҧҳаи иареи хәҩык ахшара рааӡеит: Земфира, Аида, Русҭам, Инга, Данел. Зегьы ирылшоз ала уск-уск иаҿын.

Аҧсны Аџьынтәылатә еибашьра ианалага Ҵәыџьба Русҭам Борис-иҧа Аҟәа амшын баҕәазаҿы аус иуан. Ҵәыџьба Русҭам Н. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә аҧсуа школ дҭан. Аҵыхәтәантәи ашықәс Аацытәи абжьаратә школ ахь диасуеит. Уи ашкол доушьҭымҭоуп. Ашкол ашьҭахь Краснодартәи азанааҭтә ҵараиурҭа дҭалоит. Арратә уалҧшьа ақалақь Москва, –Елктросталь ихигеит. Иуалҧшьа нагӡаны даныхынҳә Седов ихьӡ зху амшын ныҟәаратә ҵараиурҭа, Ростов ақалақь аҟны абламбаратә ҟәша дҭалоит. Аибашьра анцоз, Русҭам иҩызцәа иҵара иациҵарц, дцарц иарҳәеит. Иҩызцәа дынрыхәаҧшын: –Сыҧсадгьыл ашәар­ҭа иҭагылоуп. Ус зегьы ҽыӡгак-ҽыӡгак ҟаҵаны, ҳабџьар нышьҭаҵаны, ҳаҧсадгьыл аанҳажьыр ҟалаӡом… Аҧсны анҭаҳарцәлак, нас ҳхатәы усқәа ҳаӡблап, –ҳәа нараҭеикит.

–Аибашьра ианалага инаркны Пицунда абаҕәаза иадҳәалаз ауааи иареи еицын. Урҭ аглиссерқәа рыла аҕацәа ирықәланы, иргоз афатә-ажәтә рымхны, ҳаруаа ирзыргон. Дара ақырҭцәа рҳәынҷон, иҭадырхон. – Русҭам, иареи сареи аламала ҳаиқәшәаӡомызт. Насгьы иара иҟаиҵаз алацәажәара цәаҩас имамызт. Сара еиҭасҳәо, иҩызцәа дызцыз ирҳәоз ауп– еиҭеиҳәоит иашьа.

Ҵәыџьба Русҭам Борис-иҧа ицәа-ижьы изыласын, деилҟьан, ахы дацәшәаӡомызт. Аибашьра, аҧхьатәи амзазы акәын. Амшын аҟәара зыхьчоз, Гәдоуҭатәи абаҕәаза аҕба азааигәахара ишалагаз гәарҭеит. Усҟан ауаа гәыҭҟьа-ҧсыҭҟьаха, иҟарҵо рзымдыруа еилахеит. – Ақырҭцәа рыҕба! – ҳәа аҿҭыбжьқҽа гон. Усҟан Русҭам иҕба ирҟааит. Абаҕәаза ианаадгыла дҭыҵит. Инапы шьҭыхны иҟьон. Аҕба аазгаз дшаҧсуаз еилыркааит. Уаҟа еилагылаз ргәырҕьара ҳәаак амамызт. Иара Шәачантә Аҟәаҟәа дауаан. Уи аамҭазы аибашьра ишалагаз издырӡомызт. Араҟа ауп иахьеиликааз аибашьра ишалагаз. Иҕба дзықәтәаз Гәдоуҭаҟа аагара илшеит.

Ҵәыџьба Русҭам Борис-иҧа афронт ацхырааразы илшоз зегьы ҟаиҵон. Уи аамҭазы инаигӡоз аусқәа, ашәарҭара ду шацыз еиликаауан. Изныкымкәа амшын данхыз, аҕацәа иҕба еихсхьан. Аха, аҕа ихы аҕба ацәгара илшон. Уи ашьҭахь аҕба «Радуга» ашҟа диасуеит. Аибашьра иахәоз, идырҵоз адҵақәа наигӡон. Русҭам, мрагыларатәи афронт ахь адесант игараны дшыҟаз, лымҳаҭасқәак ҳауит. Ари раҧхьатәи адесант ицоз ракәын. Ихы-иҿы ихаччо, гәкаҳарак иныҧшуамызт. Аҕба аанырҳәуама уҳәаратәы ацәқәырҧақәа рҽышьҭырхуан. Русҭам зыҧсҟы икыз аҕба ҟазарыла ацәқәырҧақәа ирылганы, адесант машәырда ахынҳәра рылиршеит.

Ҵәыџьба Русҭам ажьырныҳәатәи ажәылараан глиссерла иҩызцәеи иареи цаны аҕа ихырҕәҕәарҭақәа ирылахысуан. Аҵх лашә рҽалакны агәымшәара иаадырҧшуаз, алҵшәа ду аман. Уи иҩызцәеи иареи аҧышәа ирымаз иабзоураны, акырцх еиҧш иҧсаҟьаны иааиуаз аҕа ихқәа рыцәцара рылшон.

–Абарҭ ахҭысқәа рашьҭахь, иҩызцәа «Амшын-Қәыџьма» ҳәа ахьӡ ҷыда ирҭеит: – иҳәеит Данел.

Ҵәыџьба Русҭам Борис-иҧа хәажәкыра 15-16-тәи, ажәылара далахәын. Уи ашьҭахь Аҟәа аҳҭнықалақь аҭарцәразы Гәымсҭа лбаатәи ацҳала ҳаибашьцәа жәылон. Аҟәа ахақәиҭразы имҩаҧгаз ажәыларақәа зегьы реиҳа алаҕырӡ зцыз жәларан. Урҭ «аҧсра идырны иаҧылаз» ҳәа ирышьҭан. Аҧсны аҵеицәа аҕа ихымца дара рхахьы иганы, уаантәи аҧсуаа рыр жәылозшәа идырбаны, аҭахара иазыхҩаны, ҧхьаҟа ицон. Уи аамҭазы Гәуматәи ахырҕәҕәарҭаҿы, ажәылара инарҭбааны иалагарц. «Аҧсра идырны иаҧылоз» афырхацәа жәылон, гәкаҳарак рнырмырҧшӡакәан. Убарҭ дрылагылан 24 шықәса ирҭагылаз Ҵәыџьба Русҭам. Уи Ҵәыџьба Сандра Џьота-иҧа игәыҧ далан. 1993 шықәса ҧхынгәымза ҧшьба рзы иҭахаз рыҧсыбаҩқәа рзалымгеит.

   – Русҭам, – иҧсыбаҩ анҳзаамга, уи даара иҳақәыҕәҕәеит. Ҧшьымш анҵы, ҳан рыцҳа, Русҭам ицны ицоз, ихынҳәыз Ҳалуашь Олег ишҟа дылбааит. Русҭам ихабар лзеилкаауазар ҳәа. Олег дцәажәо дыҟаӡамызт… Лҿаҧшылара ахьаа ду ацын. Бзиара шыҟамыз еилылкааит, – иҧсы шҭамыз еиллыргеит. Зегьы амца ҳацран, аха уи ус имариамызт иҟаҵәҟьоу аилкаара, – дҳацәажәон иашьа Данел. Ҵәы­џьба Гарри Русҭам дышҭахаз иаартны иҳәаӡомызт, дҳарымҭар ҳәа дахьшәоз иахҟьаны. Ус мшқәак ааҵхьан, Гарри иааицҳаит, аҧсыбаҩ ахьыҵоу шырдыруа, аиҿцәажәарақәа шцо.

Ҵәыџьба Русҭам Борис-иҧа дахьжыз х-ҩык ицжын. 40 мшы ҵхьан даныҵырхуаз. 

–Сашьа Русҭам иеиҧш иҭахаз рацәаҩуп. Аҧсуаа ҧсадгьылда ҳақәымхаразы иҳалшоз ала иҳахьчеит, еиқәҳархеит. Русҭам иеиҧш зхәышҭаарақәа ыцәаз, зегьы ргәаларшәара Аҧсны иадҳәалазароуп. Афырхацәа иш­ҭахоз шырдыруаз Аҧсны ҕьацарц, еиҵыҵырц, ишәҭларц, иазҳаларц, рыҧсқәа ҧсаҭатәыс рыҧсадгьыл иарҭон. Урҭ зааӡоз Анацәа – Афырҧҳәысцәа, Абацәа – ацаҟьа еиҧш иҕәҕәақәаз, рыхьӡқәа наӡаӡа аҭоурых иазынхоит.

Ҵәыџьба Русҭам иан шамахамзар лыҷкәын ихьӡ лҳәаӡом. Ус исахьа дахәаҧшуа, лылаҕырӡкәа лрыцқьоит. Ҭраҧшь–Ҵәыџьба Емма Махаз-иҧҳа лыҷкәын ихьаагара, имбара лықәыҕәҕәоит. –Ҳан, Русҭам данҳгәалаҳаршәо ҿылҭӡом. Еснагь лылахь еиқәуп. Лгәырҩа зегьы ҩныҵҟала илхылгоит. Дҵы­суеит. Зны-зынла, ихылҵыз, аӡәы дыҟазҭгьы ҳәа нацылҵоит, – иҳәеит Данел.

Ҵәыџьба Русҭам Борис-иҧа иҩызцәа аӡәырҩы реиҧш, дышҭахоз шидыруаз аҧсра даҧылеит. Иҩызцәагьы иаргьы Аҧсны еиқәдырхеит. Зыҧсадгьыл аиқәырхаразы иҭахаз 1716- ҩык рыҧси ршьеи ҳадгьыл иалоуп. Урҭ зегьы рыҧсқәа ҭынчхарц ҳара зегьы иҳалшароуп Аҧсадгьыл ахь иҳамоу абзиабара ҳҽылаҳәаны Аҳәынҭқарра ашьақәыргылара, арыҕәҕәара, ҧхьаҟа агара… Ҳрызхәыцроуп зышә акыз аҭаацәарақәа, иаҳхаҳмыршҭроуп хабарда ибжьаӡыз, зыбаҩ ахьыҟоу ззымдыруа аҩнаҭақәа, амал аиҳа Афырхаҵара еиҳахароуп. Ҳазегьы ҳаҧсқәа ҳариааины, изызҳауа аҿар ҳрызхәыцны, урҭ амҩа лаша рзааҳартлароуп.

Ҵәыџьба Русҭам Борис-иҧа иқәыҧшра иахыҳәҳәоз игәымшәара, игәыцқьара, иуаҩра аҧсуа ҭоурых адаҟьақәа ханарҭәаауеит. Ицәажәареи игәыцқьареи ихы зқәиҵаз Аҧсны иагәылаҳәаны, абиҧарақәа еимырдалоит. Аибашьратә ахьӡ ҷыда «Амшын–Қәыџьма» иҧшьоу ҭоурыхтә хьыӡны иаанхоит.


Гугуца Џьыкырба 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me