Аслан

Аслан

1939 шықәса ианвар 5 рзы иаҧҵан Аҧсны асовет сахьаҭыхҩцәа Реидгыла. Сынтәа уи 85 ш. ахыҵит.
Маҷк аҭоурых ҳазхьаҧшуазар, 1935 ш. Аҧсны аҵара азы Жәлар ркомиссариат Аҧсны Ацентртә Анагӡаратә комитет ахь ажәалагала иҟанаҵаз ала, «Аҧсны асовет сахьаҭыхҩцәа Реидгыла аиҿкааразы» ҳәа ақәҵара аднакылеит. Убри ашықәс азы Аҧсны акультуратә ҧсҭазаараҿы ахҭыс бзиа ҟалеит. Н.А. Лакоба дрыцырхырааны асахьаҭыхҩцәа иаадыртуеит асахьаҭыхҩцәа ҩышықәсатәи ршкол. 1937 ш. акәзар, уи Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа акәны ишьақәгылеит.

Аҿар рықәҿиара

Ажьырныҳәа 17, 2024

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Очамчыратәи ахәыҷтәы ансамбль «Абжьыуаа» аҽаланархәит Москва имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль «Танц-пространство» захьӡыз. Уаҟа иранашьан иреиҳау аҧхьахә «Жәлар рытрадициақәа рыхьчаразы», иара убас еиуеиҧшым аноминациақәа рҿы актәи аҭыҧқәа ахьааныркылаз адипломтә ҳамҭақәа хҧа.

Еицырдыруа аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, ҳажәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагылаҩцәа ируаӡәку Марыхәба Игор Ражден-иҧа 78 шықәса ихыҵит. Агазет «Аҧсны» аредакциа аусзуҩцәеи аҧхьаҩцәеи ҳахьӡала гәыцқьарыла анҵыра рацәа изеиҕьашьо ишәыдаагалоит иара ианҵамҭоу, иҧсҭазаара зегь зызку аҧсуа жәлар, рҿаҧыцтә ҳәамҭақәак.

Аҧеиҧш азы агәыҕра

Ажьырныҳәа 17, 2024

Ашықәс ҿыц аҧеиҧш лаша адҳәалоуп ишдыру еиҧш, баша ирҳәом «аҧсҭазаара гәыҕрала еибаркуп» ҳәа. Ианакәызаалак имҩасуа ашықәс ахыркәшамҭахь инеиуа ианалагалак, иарбан тәылазаалак аҟны ауаажәларра рыбзазара мҩақәызҵо аусбарҭақәа ирхықәкызи, анаҩс урҭ рынагӡашьа иалҵшәахази рзы аихшьалақәа ҟарҵоит, ус ауп хымҧада ҳара ҳҳәынҭқарраҿгьы.

Ҧшьышықәса уажәаҧхьа, иаалырҟьаны изцәырҵыз ачымазара иахҟьаны иҧсҭазаара далҵит Аҧсни, СССР-и, нас Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи ирылаз, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩыс, агазеҭ «Аҧсны аредактор хадас аус зухьаз, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, 40 шықәса инареиҳаны ажурналистика иазааҧсахьаз Владимир Никәала-иҧа Қапба.

Владимир Путин иахь

Ажьырныҳәа 17, 2024

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи идиныҳәалеит.


Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы, иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәа лашеи!
2024-тәи ашықәс ҿыц Урыстәылатәи Афедерациа Шәара шәнапхгарала иаԥылоит аиашареи, аҳаҭыреиқәҵареи, асуверенитети рпринципқәа шьаҭас измоу адунеишьақәгылара аформат ҿыц ҳәаақәызҵо иӷәӷәоу аҳәынҭқарра статус аманы. Гәыҩбара ыҟам, Шәара имҩаԥыжәго аполитика аурыс жәлари, шәҩызцәеи, Урыстәыла ду иадгыло зегьи аԥхьаҟагьы адгылара шанаҭо.
Иҳаҩсыз ашықәс ианыԥшит еиԥҟьарада имҩаԥысуаз Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара. Ирыҵаҩуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара акрызҵазкуа, аҩ-ганкгьы рыҿиареи рсоциал-економикатә еимадарақәа рырӷәӷәареи ирызку аиқәшаҳаҭрақәа.
Ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамзазы имҩаԥысыз аиԥылараҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра иамоу ауадаҩрақәа инарымаданы иаашәырԥшыз азҿлымҳара. Агәра згоит, иалыршоу аихьӡарақәа шьаҭас иаҭаны Шәаргьы ҳаргьы ҳусеицура арегион аҟны аҭынчра арӷәӷәареи, ашәарҭадареи рус ала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рыҿиара ишацхраауа.
2024-тәи ашықәс алшара дуқәеи иазгәашәҭаз аусқәа рынагӡареи ирышықәсхааит! Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, иара убас Урыстәыла ауаажәларра зегьы, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аихьӡарақәа, аиааира ҿыцқәа!»

Аԥсны Ахада иахь

Ажьырныҳәа 17, 2024

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
Акыр иаԥсоу сыуаажәлар!

Агазеҭ "Аԥсны" №1-2 (2024)

Ажьырныҳәа 17, 2024

Хьыбла Гьерзмаа лирамш

Ажьырныҳәа 16, 2024

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа! Ишәыдысныҳәалоит шәирамш, гәахәара дула иахьа зықьҩыла шәҟазара абзиабаҩцәа иҟарҵо адныҳәаларақәа ирыцысҵоит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me