Агәаӷьреи агәымшәареи аазырԥшыз Аԥсны аҵеицәа дыруаӡәкуп.
Уи Ачадара иҟаз «Аԥсуа гвардиа» аҟны аибашьра иалагаанӡа хымз аррамаҵзура ихигахьан.
Аибашьра раԥхьатәи амш азы, ҳаиҿцәажәараан излеиҳәаз ала, игәамбзиара иахҟьаны мчыбжьык ҳәа иеиҳабацәа доурышьҭын, аҩны дыҟан.
«Сҽааибысҭан, Аҟәаҟа сцарц сдәықәлеит. Гәдоуҭа саннеи, Лыхны абжьаларҭа сшаабжьыҵыз еиԥш, «ГАЗ» ҳәа изышьҭоу амашьына абџьар ақәҵаны иаазгоз, издыруаз аӡәы дсықәшәеит. Уи аурыс архәҭа ахьеиҿкааз Бамбора – «Военныи городок» ҳәа иахьашьҭоу «абџьар еимҵәаны агара иаҿуп» ҳәа сеиҳәеит. Абџьар шыҟаз анеилыскаа, саргьы уахь сеихеит. Аԥсуа ҷкәынцәа аӡәырҩы реиԥш, изулак абџьарк рылызгеит», – иҳәеит аибашьра раԥхьатәи амш игәаларшәо.
Анаҩс, 19 шықәса ирҭагылаз Џьырхәатәи арԥыс иаԥхьа ишьҭаз ахаҵара амҩа данылеит. Уи иажәақәа рыла, иҩызцәа дзырхьымӡеит, аха дышзахәоз днаӡеит Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа.
«Ацҳа ҟаԥшь аҟны саннеи, ҳаибашьцәа раԥхьатәи атанк ргахьан. Аиҿахысрақәа рышьҭыбжь уаҳауан, аха ахьаҵра анҳақәшәа Ацҳа ҟаԥшь аҟны еиқәшәаз: Афгантәи аибашьра зхызгахьаз Аванес (Овик) Асатуриан, аибашьра ашьҭахь зыԥсҭазаара иалҵыз Едуард (Едик) Ԥанҭиа, ааигәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз, аррамаҵзура исыцахысуаз, ҳаешьара иатәу аибашьра адәаҿы зызшьапык зцәыӡхьаз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Алхас Кәакәасқьериа, «Ленин» ҳәа хьыӡшьарас измаз Гена Лыхәба, Владимир (Вова) Ешелкин ҳаицны Ауниверсам ҳәа иахьашьҭоу «Аҳабла ҿыц» абжьаларҭахь ахырӷәӷәарҭа ҳкырц ҳрышьҭит. Ҩымш рышьҭахь Алада-Ешыраҟа ҳдәықәырҵеит, ҳгәыԥ «Спорт-база» иҟан, – дҳацәажәон аибашьра аветеран.
Ҳаиҿцәажәараан Џьансыхә хҭыск игәалашәан дааԥышәырччеит. Узырыччаз ҳауҳәароуп ҳәа даныхҭаҳк, «Ацҳа ҟаԥшь» аҟнытә ҳанхьаҵуаз гранатаршәгак ҳԥыхьашәан, алада иго аҩада иго ҳаркареит. Аамҭа анааи шьҭа ҳалахысроуп ҳәа иаагәаҳҭазар, ахысшьа арҵара иазкыз акы акәын, ихысӡомызт. Ҳара уи ҳақәгәыӷны, ҳгәы рхаҵаҵәҟьаны ҳаҟан»… – иҳәеит уи.
Аибашьраҿы еснагь ԥхьаҟа ацара шзалымшо, ахьаҵрагьы шыҟало азгәаҭо, Џьансыхә дазааҭгылеит илыҵшәадахаз ажәыларақәагьы. Аха урҭ аԥхьаҟа аибашьратә ԥышәа рызҭаз, аиааира зхылҿиааз, изырааигәаз жәыларақәоуп.
Ианвартәи ажәылараан «Ацҳа кнаҳа» аҟны ахырӷәӷәарҭа анаҳкыз ҳгәыԥ дҵас иҳаман алаԥшхырԥага аԥшьганы, ҳашҟа аӷа дхьарԥшны ҳҩызцәа аибашьцәа гәыԥҩык амҩа рыҭара. Командаҟаҵаҩыс дҳаман Џьырхәатәи аибашьҩы гәымшәа Аԥсны Афырхаҵа ахьӡ иаԥсахаз Сосо Чачибаиа. Аха ари ажәылара лыҵшәадахеит, Гәымсҭа аӡиас ирыз аӡәырҩы ҳаӷацәа рнапаҵаҟа инхеит, акраамҭагьы Гәымсҭа нырцәынтә зыԥсы ҭаны аӡын мшы мыждазы асы аҿы ишьҭаз ҳҩызцәа аабон, ацхыраара раҳҭартә аҭагылазаашьа ахьыҟамыз ҳгәаԥсахы еибанаркуан. Марттәи ажәылара акәзар, уи еиҳагьы ахьаа зцыз илыҵшәадахаз жәыларахеит. Ҳара ҳгәыԥ усҟан, март 4 рзы адҵа ҳауит аӡиас ҳарны Цугуровка ахәы ҳхаларц, аха дук мырҵыкәан ҿыц адҵа ҳауит ахәы ҳалбаарц. Адырҩаҽны дырҩегьых март 15 ауха ахәы шәхала ҳәа адҵа ҳарҭеит. Ҳҩызцәа аибашьцәа Гәымсҭа ирны Аҟәа ахырхарҭахь идәықәлаз ирԥеиԥшхаз усгьы ижәдыруеит» ,– иҳәан марттәи ажәылара иазкыз иажәабжь ааҿахиҵәеит.
Џьансыхә иажәақәа рыла, аибашьра ианалага, абаталионқәа еиҿыркаанӡа гәыԥ-гәыԥла еибашьуан. Анаҩс, абаталионқәа анеиҿыркаа, уи далахәын Аԥсны Афырхаҵа Амиран Берзениа командаҟаҵаҩыс дызмаз абаталион. Марттәи ажәылара ашьҭахь, Ешыратәи ахырӷәӷәарҭахь даниас, дырҩегь Сосо Чичибаиа игәыԥ дақәшәеит. Уи агәыԥ аҿы ирацәаҩын Џьырхәаа рыҷкәынцәа. Џьансыхә иаб, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, аибашьраан иоуз ахәра ӷәӷәа иахҟьаны уи ашьҭахь зыԥсҭазаара иалҵыз Сергеи Кәакәасқьериеи иареи ари агәыԥ аҿы еиқәшәеит.
Еизааигәоу ауаа аибашьра амцашыраҿы ишеихӡыӡаауа, ишгәнибаго ҳәара аҭахым, хаҭала, аби аԥеи ҭыԥк аҿы ианеицыҟоу еиҳагьы иуадаҩуп. Џьансыхә ахәра ӷәӷәа аниоу, уахык шаанӡа дырзеиҭамго ацаҟьа аҿы дкамҳарцазы аҵла дадҿаҳәаланы, аӡә дидыртәаланы дышрымаз заҳаз уи иаб Сергеи иажәақәа игәаларшәо иажәа дналагеит Џьансыхәи ҳареи ҳаиҿцәажәара зхы алазҳырхәыз, Џьансыхә иаби иареи злаз агәыԥ аҿы ирыцеибашьуаз, Леон иорден занашьоу Баҭал (Ԥача) Анқәаб.
«Мшаҽнеиԥш сыла дыхгылоуп, «аӡә диқәшәмырӡын, шәхы гәашәҭ , Анцәа инапы дануп, деиқәхар бзиоуп, деиқәымхаргьы иԥсадгьыл аҿы дыҟоуп»… ҳәа, Сергеи хаҵаҵас, гәкаҳарак инмырԥшкәан, ииҳәаз ажәақәагьы слымҳақәа ирҭаҩуеит», – иҳәеит уи.
Ҳаиҿцәажәараан излеилкаахаз ала, ииун 26 ауха Џьансыхә Ешыра ахырӷәӷәарҭа аҟны ахәра ӷәӷәа иоуит.
«Ҩ-гәыԥкны ҳҽаҳшеит, 6-ҩык ԥшыхәра ицаз хылаԥшра раҳҭон, ҳгәаҳҽанны ҳаԥшын даҽа 6-ҩык. Ус, ԥшыхәра ицаз агәыԥ гәарҭеит. Ахысра анхдырты ҳаӷацәа усгьы абџьар иеигӡозма, «агәгәаҳәа» аҿаадырхеит, уи акәхеит, аиҿахысра ҟалеит, уи аамҭазы ацхырааразы итәаз ҳгәаҳҽанӡамкәан иҳақәлеит, убасҟан ахәра соуит» – иҳәеит аибашьра аветеран иажәа ааркьаҿны. Аха Баҭал Анқәаб Џьансыхә иажәа харҭәаауа: «Даара ӷәӷәала дхәын, аха ахьаартәага агәыр изыҟаҳҵеит, амедеиҳәшьцәа иҳацыз руаӡәк ихы ҿалҳәашәа луит, уи мацара абаихәоз. Уахык шаанӡа, дахьаҿажьыз абахә аҟнытә дкамҳарц, аҵла дадҿаҳәаланы дҳаман. Уи аҭыԥ аҟнытә даҳзеиҭагаӡогмызт, аӷацәа ҳгәарҭар алшон аҟнытә, Лева Аҩӡба дидтәалан» – иҳәан иажәабжь аахиркәшон еиԥш, «пепси-кола» иҭаххеит», – иҳәан Џьансыхә иахь днаԥшны дааччеит Баҭал.
«Пепси-кола» ҭоурыхс иамоу ҳзеиҭашәҳәа ҳәа ианыхҭаҳк, Џьансыхәгьы аччара изнымкыло «Ахәра змоу аӡы ижәыр шыҟамлоз здыруан, саԥхьа ахәра заухьаз рҿы избахьан аҟнытә, аӡы ацынхәрас ауп «пепси-кола» сзаҳәаз, аха аибашьраҿы уи абаҟаз», – иҳәеит игәы алаҟаны.
Аибашьратә хҭысқәа иргәалашәаз акымкәан иаҳзеиҭарҳәеит Џьансыхәи Баҭали. Раԥхьа ажәабжьҳәара далагеит Леон иорден занашьоу Џьансыхә Кәакәасқьериа:
–«Анҭица» ҳәа хьӡыс изаҳҭаз, аԥсуа еибашьцәа рнапала иҟарҵаз гранатаршәгак ҳаман, уаналахыслак ахәшә уҿанаԥсон. Еиҭныԥсахланы ҳалахысуан, ҽнак зны сара саналахыс, нас схы-сҿы ашьа иаганы ишыҟаз саб дақәшәеит, уи азныказы исыхьыз изеилымкааит, нас ҳхы-ҳҿы ахьчаразы асабрадақәа ԥшааны иаҳҿаҳҵеит.
Анаҩс, Леон иорден занашьоу Баҭал Анқәаб игәалашәаз аибашьратә хҭыс аиҭаҳәара дналагеит.
– Марттәи ажәылараан акәын. Асы шьҭан, ахьҭа ӷәӷәаны иаҿан, акыргьы ҳааԥсаны ҳаҟан аҟнытә Цугуровка ахәы ҳанхала Џьансыхәи сареи ҳамхацәеит, ҳҩызцәа, аибадырга «апороль» анырӡбоз ҳагхеит. Аха, урҭ ҳаԥхьаҟа ишдәықәлахьаз ангәаҳҭа ҳҽырхьаҳагӡарц ҳрышьҭалеит, ҳашнеиуаз ҳҩыза еибашьҩы Џьамал Барцыц даҳзааигәахеит, иара ҳаиликаарц «апороль шәҳәа» – иҳәеит иаразнак. Ҳара уи ҳаздырӡомызт, ҳахьагхаз иахҟьаны. Аха, ҳара ибжьала даадырит, еибадыргас иҟаз апороль ҳәа иҵааз «ольха» иҳәар акәын, нас егьи – «каштан» – аҭак ҟаҵатәын. Аҩбагьы иара иҳарҳәеит.
Ҭаацәарак аҟны аби аԥеи шәеицеибашьуан, уаб усгьы деибашьуан, уара аҩны уаангылазҭгьы ҳәа иазҵааха аҭак ҳамҭакәан, «Сара исуалын, аррамаҵзура сахысуан, ссолдаҭын. Ҳара даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам, ҳџьынџь ҳара иаҳмыхьчар, изыхьчодаз?!» – ҳәа аҭак ҳаиҭеит.
Џьансыхә иан Џьулетта Аҩӡ-ԥҳа ҳаиҿцәжәараан иазгәалҭеит, лԥа «уаангыл» ҳәа иалҳәаргьы дшаанымгылоз, аха ларгьы уи ажәа аҳәара лыгәгьы ишҭамшәаз.
«Џьансыхә ирратә маҭәақәа ӡәӡәаны иахьцәыз, абаха амҭакәан, ишыцәаакыз ишәҵаны ддәықәлеит, аибашьра шыҟалаз ажәабжь шиаҳаз еиԥш. Раб усгьы аҩны дшаанымгылоз еилкаан. Акызаҵәык исызхымгоз, 16 шықәса зхыҵуаз Нарџьхьоугьы иашьеи иаби дрышьҭаланы, дырхьыԥшны дахьцаз акәын. Ирулак-ирҳәалак, игәшәа ҳәаны ддырхынҳәит уи» – лҳәеит ахшара бзиа зааӡаз ан.
Џьансыхәи Баҭали ахӡыргара шырцәаҩам узгәамҭарц залшомызт, урҭ рҩызцәа аибашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи атәы наҵшьны иазгәарҭон, аӡә дрыцәбжьамхарц еизҵаауан, иргәаладыршәон.
«Сара сзы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегь фырхацәоуп. Агәымшәареи агәаӷьреи аадырԥшит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа. Урҭ аԥсра иацәшәаӡомызт. Хаҭала, аӡәгьы «ҳҭахоит» – ҳәа ҳхәыцӡомызт. Ҳиашара азы иҳадгылаз, иҳацхрааз рацәаҩхеит. Зхатәгәаԥхарала ҳаԥсадгьыл аиқәырхараз иҳацеибашьуаз Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәеи ҳџьынџьуааи ҳажәҩахыр анеибаҳҭа, Аиааирагьы ҳара иаҳтәхеит», – иҳәеит Баҭал Анқәаб.
«Леон иорден» занашьоу Адгәыр Мхонџьиа ишьапқәа рыҩбагь ицәыӡит аибашьраҿы, инацәкьарақәагьы хнаҵәеит, 19 шықәса ракәын ихыҵуаз усҟан, иԥсҭазаара далҵит аибашьра ашьҭахь. Ибрагим Гәымба ӷәӷәала дхәын, ааигәа иԥсҭазаара далҵит аибашьраан иоуз ахәра иахҟьаны. Џыр Ҳагба дҭахеит, Руслан Рабаиагьы дқәыԥшын, 19 шықәса дырҭагылан, дҭахеит, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ занашьоу Тарас Чачибаиа. Тарас Џьыкырба, Нугзар Ақаҩба, Никола Лиамин, Мафа Колидиа – аибашьра адәаҿы рхы бзианы иаадырԥшит, агәаӷьреи агәымшәареи злаз еибашьцәан» – ҳәа еицҿакны, рҩызцәа аибашьцәа аӡәаӡәала ирзааҭгыло рыӡбахә ҳзеиҭарҳәон Џьансыхәи Баҭали.
Џьансыхә Кәакәасқьериа имаз ахәра ӷәӷәа дацәынхоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Аха усҟан Анцәа имчала Санкт-Петербургнтәи, аԥышәа змаз анеирохирург Владимир Геннади-иԥа Бицеевич Аԥсныҟа иаара разҟыс изыҟалеит, уи иԥсы даԥшәмахеит.
Џьансыхә акыраамҭа ахәшәтәырҭаҿ дышьҭан, иуадаҩыз аоперациа ӷәӷәа ихигеит, аибашьра ашьҭахьгьы ахәшәтәырҭақәа рҿы иҽихәшәтәуан, иахьагьы ахәшәқәа идикылоит. Џьансыхә иаб Сергеи Кәакәасқьериа Аҟәа ахақәиҭтәраан ахәра ӷәӷәа иоуит, уи нахыс ари аҭаац́әараҿы ҩыџьа аби аԥеи, Сергеи Кәакәасқьериа иԥсҭазаара далҵаанӡа ахәшә аархәон. Џьансыхә иажәақәа рыла, Аԥсны аинвалидцәа рфонд аҟнытә, хәыда-ԥсада ахәшәқәа рырҭоит, аха зыхә ҳараку ахәшәқәа риура шыуадаҩу, урҭ рхатә ԥарала ишаархәо азгәеиҭеит. Аха, уеизгьы ихы дахашшаауамызт, «Ахәра змамгьы, урҭгьы аԥсадгьыл рыхьчон, ахылаԥшра, азхьаԥшра рыҭатәуп»,– ҳәа дҳацәажәон.
Иахьа Џьансыхә иҩнаҭаҿы ирызҳауеит ҩыџьа ихшара, 6 шықәса зхыҵуа, забду иаб ихьӡ зыхьӡу Еснаҭи, хышықәса зхыҵуа ассир хәыҷ Санели. Аҳәоуеиқәшәара еснагь иахьыҟаз аҭаацәара аханатәгьы датәызшәа, ланхәа, лабхәында, ланхәыԥҳацәа агәыла-азла, асас уҳәа аԥсуаҵас зегь ирыхәҭоу аҳаҭырқәҵашьа лҽақәыршәо аҩнаҭа ныҟәылгоит Џьансыхә ихатә ҩыза Маргарита Аии-ԥҳа.
Аиашазы, аибашьра аветеран, аԥсадгьыл ахьчара згәабзиара ақәзырӡыз Џьансыхә аҭаацәара ԥшӡа ахьаԥиҵаз, аҿиара ахьидаабалаз аибашьраан иаагаз Аиааира аҟара агәахәара ҳазҭаз акакәхеит. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, афырхацәа зегьы ирзеиӷьаҳшьоит аизҳареи аҿиареи.
Алиса Гәажә-ԥҳа