Лаврент 12 шықәса шихыҵуаз иабду иашьа ааӡара дигеит. Аа-ҩык ахшара ахьыҟаз аҭаацәара аҟынтә, иара иакәхеит хылҵ дызмамыз иабду иашьа ишьҭра аиқәырхара зыбзоурахаз. Аҷкәын иан ахәыҷы даҽа ҭаацәарак ахь данцоз илҭеит абат. Уи акәхап аҷкәын арахә рахь агәыбылра изыркызгьы даныҩеидас. Иахьа уажәраанӡа Лаврент иан илҭаз акамбашь ашьҭра мырӡкәа иааигоит. «Уи аахыс арахәи сареи ҳаилахәуп, бзиа ҳаибабоит. Даргьы пату рықәысҵоит, саргьы пату сықәырҵоит», - иҳәоит анхаҩы.
Арахә рахьынтә Лаврент Гәниа акамбашьқәа лымкаала бзиа ибоит, урҭ 30 рҟынӡа имоуп. Ажәқәа ракәзар, аҩны азааигәара иҟаз ахкаараҿы иҳәуан, урҭгьы 30 хы ыҟоуп. Абатқәеи аҳәарақәеи хазы иҭан.
Лаврент макьана арахә ихьаӡом. Аҳәарақәа аӡын ибзианы иӷыҵысырцаз ранацәа ирыҵаҵан имоуп. Мшаԥымза инаркны ахш иара итәуп. Уажәшьҭа аҳәарақәа акгьы рыхьуам. Аҳаскьын ҿа ала рхы ныҟәыргартә иҟоуп. Ахш-харҵә ҭины ауп аҭаацәара рхы шныҟәырго. Лаврент аџьармыкьаҿы шьҭа ибзианы дырдыруеит. Ашәқәа иаразнак ахәҳаахәҭыҩцәа имырхәҳауеит. Лаврент иҭахуп аџьармакьаҿы ихатә ҭыԥ имазарц. Иаалыҵ иаҳа ахә иагырхан иҭиларц, аха… уи даҽа зҵааразар акәхап…
Лаврент Гәниа ирахә ибоит Маркәыла, аибашьра ҟалаанӡа арахә ааӡарҭа ахьыҟаз аҭыԥан. Анкьа уаҟа игылан 150 метра аура змаз аферма, игәалаиршәоит уи. Хазы иҟан арахә збоз рынхарҭа. Аибашьра ашьҭахь уи аҭыԥ зегьы абна ахыҵәан иҟан. Хышықәса раԥхьа Лаврент уаҟа иргылеит ихатәы ферма. Уи аура 21 метра иҟоуп, 11 метра аҭбаара аманы. Амаҭәахә аахәан ақыҭанхамҩа аҿиара аҳәынҭқарратә программала. Уи ихы алаирхәырц иабжьаигеит иҩыза иашьа Џьумбер Зыхәба. Акомиссиа, уи аус ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит, аха хышықәса ирылагӡаны Лаврент ииааӡо арахә рхыԥхьаӡара иацлеит, еизҳаит, 60 хы рзы имоу аҭыԥ шьҭа изхом.
Лаврент арахә ахьҭаикуа аҭыԥ иҩны иацәыхарамкәа игылоуп. Актәи аихагыла зегьы хаҳәла ишьҭыхуп. Аҩбатәи аихагылаҿы арахә рхәы ашьҭаҵарҭа ҟаиҵеит. Аҩныҵҟа ганкахьала ажәқәа рҭыԥ ыҟоуп, даҽаганкьахьала акамбашьқәа рҭыԥ. Ажәқәа рҭыԥ хазы-хазы мҿыла еиҩкааны иҟаҵоуп, акамбашьқәа рҭыԥ еиужьны имоуп.
«Акамбашьқәа акранырфалак еидтәаланы еибарԥхоит, аха убри аан ажәқәа рахь изымнеиуа иҟазароуп. Избанзар, акамбашь иаҳа иӷәӷәоуп, ажә ахәы иахнацар ауеит. Ажәқәа рҭыԥ еиҩкаатәуп... Аӡын арахә зегьы ара избоит, аха шьҭа аҭыԥ сызхаӡом», - иҳәоит Лаврент.
Аферма аганаҿы иргылар иҭахуп аҳәарақәа рҭыԥ. Уи адагьы афермаҿы иҟаӡам алашара. Уахынла арахә акгьы рмыхьырцаз алақәа рыцҭакны иаанижьуеит. Аха, ҳаԥхьаҟа иҭахуп ицхрааша ауаа. Ԥшьҩык рҟынӡа рҭыԥ ҟалоит, иҳәоит Лаврент. Иара арахә рааӡара даналагоз 5 камбашьки 15 хы ажәқәеи ракәын зынӡа имаз.
«Ажәқәа иаабац аԥсуа жәқәа роуп. Шьыжьи хәылбыҽхеи иаҳхьоит. Аҳаскьын бзианы ианыҟоу 80 литра рҟынӡа ахш ҳарҭоит. Акамбашь хши ажәқәа ирымҵуа ахши еилаҳҭәоит, ахш жәпахарцаз», - еиҭеиҳәоит Лаврент.
Арахә рбара еиҳарак аџьабаа анацу аӡын ауп. Рыҭра арыцқьара, рхәы аҭаҵара. Аӡын ишӷыҵигаз еиԥш ауп, урҭ рхьарагьы шыҟало ааԥын нахыс. Убри аҟынтә рыфатә иагижьӡом. Аҟашәеилаҵа рҿаиҵоит, ақьар леиҵоит ҷыдала ирахә рзы. Сынтәа х-нызқь цыра аԥҳә ҿаҳәа иман, иара ааԥын азгьы иаанхеит хар-амамкәа, аӡын ахьыԥхарраз аҟнытә. Арахә еиҳарак адәы иқәын, ирфо ыҟан. Аҟашәа иаанхаз ҳаԥхьаҟа ихәоит.
Арахәааӡаҩ ишьамаҟа ашьха заку рыздырӡом. Уахь ихала дызцаӡом азы аԥхынра зегьы Маркәыла адәҳәыԥшқәа рҿы иныҟәигоит. Ҳаԥхьаҟа урҭ зегьы хкааны аҟаҵара игәы иҭоуп. Ихш зегьы аҩныҟа имгакәа, аферма ахьгылоу аҭыԥ иқәиҵаларц иҭахуп.
Лаврент хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, акамбашьқәа уамакала бзиа ибоит. Урҭ рыӡбахә сааҭла далацәажәалар илшоит. Аҩны азааигәара амхы иҭаз абатқәа ибжьы анрықәига, иара иахь еихеит. Иаргьы, иужьар ҟалаӡом иҳәан, заанаҵы ирзааигахьаз ҿаҳәарак аԥҳә ааиԥхьирттеит. «Шәааи ара, шәааи», ҳәа гәыбзыӷла иааиԥхьеит.
«Акамбашьқәа рныҟәгара иаҳа иманшәалоуп. Ируҭо зегьы рфоит. Ашьыжь ицаз асааҭ ԥшьба рзы рхала аҩныҟа иаауеит. Аха, уи азы аҩны дырбатәуп, зны уаргьы иаауцароуп. Џьара иҭахар алшоит. Ашоура аныҟоу аӡмах иҭатәоит, усҟан аԥагьы ахашҭуеит, ҳаргьы ҳархашҭуеит», - длафуеит Лаврент.
Акамбашь анухьо, уақәҵәҟьар ҟалаӡом, игәаауеит, иҳәоит иара. Знык ихьахьоу акамбашь литраки бжаки ахш унаҭоит. Ҩба-хԥа ахылҵхьазар х-литрак зныкала иунаҭоит. Арахә ааба-жәба хы анахылҵлак, нахыс иқәугар еиӷьуп, имаҟахоит. Ацәкабашьқәа ракәзар акәац азы иҭиуеит.
Уахык сырахә анысымба, аҩны саангылаӡом», - иҳәоит Лаврент аԥсҭазаара шшоу атәы еиҭаҳәауа.
Ҳәарада, зыԥсы ҭоу зегьы реиԥш арахәгьы чмазаҩхоит. Лаврент ижәқәа ма икамбашьқәа акрыфара иаҟәыҵзар, рлымҳацәқәа рықәрыжьызар, ак рыхьит, иаразнак аҳақьым диԥхьан дааигоит. Иԥышәа инарбахьеит, акамбашь ахәшәтәра шыцәгьоу, лассы-лассы ачымазара азыхгаӡом. Убри аан арахә зегьы ишақәнагоу еиԥш, ианаамҭоу ахәшә риҭоит.
Арахәааӡара аԥсуаа рҿы адгьыл ақәаарыхра ашьҭахь акыр аларҵәара змаз ак акәын. Ауаҩы арахә инаҭон афатә, амаҭәа, ашьаҵа. Аҭоурыхҭҵааҩ Џьанашьиа иҩуан, «аԥсуа малс имаз – арахә роуп ҳәа». Ԥсыуа хаҵак арахә имамкәа ҟалашьа амамызт. Архимандрит Дорофеи Дбар ишәҟәы «Аԥсны иахьа. Иҟаҵатәузеи» аҿы иҩуеит, арахә ааӡара аԥсуаа ҳҿы еснагь аҭыԥ ду шааннакылоз. Асовет аамҭа ҟалаанӡа арахә ааԥын азы ашьха ашьапаҿы ирбон, аԥхын азы ашьхахь икарцон. Ҭагалан илбаарцон, аӡын иҭакны ирбон. Аб Дараҭ иажәақәа рыла, анхацәа ианҵаны ирымаз еиҳарак аԥсаса ракәын – аџьмақәеи ауасақәеи, ирфоз иаҳа иахьырацәаз азы. Асовет аамҭазы ари аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, аԥсуаа ашьамаҟагьы рааӡо иалагеит, егьырҭ ареспубликақәа рҟынтә рыфатә аагара иалагеит азы. «Аԥсны иҳамаз арахә ааӡара аус хацҳаркыр, ашьха ишьҭны, иҳауа акәаци ахш-харҵә ахаҭабзиареи даара иҳаракхон», иҩуеит Аб Дараҭ. «Уи иаҳнаҭоит аԥара, аԥсшьаҩгьы даднаԥхьалоит», ҳәа азгәеиҭоит иара. Убри аан иҳәоит хықәкыла иҟаҵатәугьы, Аԥсны арахәааӡара аҿиараманы иҟаларцаз. Раԥхьа иргыланы аҵарауаҩ игәаанагарала, Бзыԥ араион аҿы, иара убас Кәыдры аҩхааҿы иаԥҵатәуп аферма маҷқәа. Уи иабзоураны иахьа иҭацәу Дали Ҵабали еиҭа нхарҭа ҭыԥны иҟаларын. Убри аан анхацәа арахә анырҵарцаз, ирыҭатәуп ацхыраара, акредит маҷқәа рыла аферма хәыҷқәа рзыргылатәуп. Уи анаҩс раалыҵ аҭиразы адгылара ҟаҵатәуп. Аџьармыкьаҿы инаганы аҭира адагьы, иҟазароуп акәаци ахш-харҵәи ахьыҟарҵо анаплакқәа, анхацәа раалыҵ наганы иахьрырҭаша. Ари зегьы азы иаҭахым миллиардла аинвестициақәа, ҳәа иаҵишьуеит Аб Дараҭ иажәа хыркәшо.
Арахәааӡара Аԥсны арҿиара зҭаху, нап зыдкылатәу хырхарҭоуп. Ганкахьала аусура цоит. Анхацәа ирымоуп алшара аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара аиура. Лаврент еиԥш иҟоу, зус ҭакԥхықәрала иазнеиуа ауаа рхыԥхьаӡара есааирагьы ирацәаҩхалароуп.
Альбина Жьиба