Уи рхы аладырхәит Асҭанда Чачибаиа наԥхгара зылҭо Гәдоуҭа араион акәашаратә ансамбль «Ашара».
Ари аусмҩаԥгатә аҟны ахәаԥшцәа идырбан 150 инарзынаԥшуа акәашарақәа. Урҭ рахьынтә еиҳау ахәшьара иаԥсахеит акәашаратә ансамбль «Ашара». Иқәыргылаз акәашарақәа ԥшьба рҟынтә аԥсуа кәашара, аҭыԥҳацәа рыкәашара, аублаа рзы иааныркылеит актәи аҭыԥқәа, иара убасгьы аҩбатәи ҭыԥк. Алахәылацәа иранашьан аҳамҭақәа.
Хәажәкырамза 20 рзы Рауф Владимир-иԥа Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Акультуратә хан аҟны акәашаратә ансамбль «Ашара» ирԥылеит Гәдоуҭа араион анапхгара, араион аҵараҟәша аиҳабыра, иара убасгьы ахәыҷқәа рҭаацәа, рыуацәа.
«Аҟазара знапы алаку ирзеиӷьасшьоит агәацԥыҳәара, аизҳара. Ҳраион анҭыҵгьы аманшәалара шәыцзааит, аиааирақәа шәыманы шәхынҳәлааит. Ҳара еснагь ҳҿарацәа ҳашәхыҽхәоит. Аԥсназыҳәан шәыхьӡырҳәаганы Анцәа шәҟаиҵааит», ҳәа ирыдиныҳәалеит Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
Саида Ҳаразиа