Ахатәрақәа рхыԥша ҳацзароуп

Ааигәа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аҟны иазгәаҭан Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр диижьҭеи 75 шықәса аҵра аиубилеи.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Аԥсуаҭҵаара аинститути рыбзоурала, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла адԥхьаланы еиҿкааз аусмҩаԥгатә ахь имҩахыҵит аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи реиԥш, ауаажәларратә хеидкылақәа рхаҭарнакцәа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аҿар, жәлар рпоет иҭаацәеи иҭынхацәеи.
Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Ҳазараҭ-иҧа Смыр диит 1950 ш. февраль жәаха рзы Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа. Адыгатәыла акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ ихҵан. «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡареи Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи ианашьан.
Апоет ииубилеи иазкыз аи­қәшәара аалыртит аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа иалоу Ҭали Џьапуаԥҳа, иааркьаҿны дагьалацәажәеит аԥсуа доуҳатә культураҿы Рушьбеи Смыр иааникыло аҭыԥ, насгьы уи шаҟа аҵанакуа еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Анаҩс ажәа илҭоит ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, апоет-академик Владимир Занҭариа.
«Ҳаамҭазтәи аԥсуа лирика аха­ҭарнакцәа дуқәа ируаӡәку Рушьбеи Смыр ипоезиа ахәшьара бзиа аиухьеит ҳҵарауаа русумҭақәа рҟны. Иҩымҭақәа реиҭагақәа ирыбзоураны аурыс ԥхьаҩцәа шьахәла еилыркааит апоет идунеи, ибаҩхатәра иахылҿиааз арҿиамҭақәа рҵакы, рымҽхак, рфилософиатә дунеидкылашьа, инарҭбаангьы еицырдырит.
Рушьбеи Смыр аԥсуа сахьаркыратә ажәа иамаз алшарақәа цәыригеит, раарԥшышьагьы дақәшәеит. Ҟазарала, даҽа бла ҿыцк ала дазнеиуан апоезиа, иааикәыршаны иҟаз аԥсабара, дызлагылаз аамҭа илаԥшҳәааҿы иҟан, даҽаӡәы диламҩашьогьы иааирԥшуан. Ари зегьы ипоезиа еилыхха ианыԥшит. Ԥсабарала илаз абаҩхатәра абзоурала апоезиа иреиҳау аҩаӡарахь ихеигалеит, амаӡа аҵхраҿы ицхраауан аԥсуа ԥсҭазаара шьахәла иахьидыруаз. Иҩымҭақәа ирыҵубаауеит ижәлари, иԥсадгьыли, ихатәы бызшәеи рахь имаз абзиабара. Уи зегьы иреиҳаны дахәаԥшуан. Иахьагьы, уаҵәгьы апоет иҩымҭақәа шаҟа игәцараҳкуа аҟара идунеи ҳагәылархалоит, ҳажәлар рԥеиԥш лаша ҳазхьадырԥшуеит, нҵәара зқәым амҩагьы ҳдырбоит», – иҳәеит ахәҭакахьала уи иқәгылараан.
«Аҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ Уасил Аҩӡба иазгәеиҭеит: «Рушьбеи Смыр имҩашьауа ишьҭа аанижьит аԥсуа поезиаҿы. Ҳазшаз иҟынтә иаауаз ибаҩхатәра ажәа сахьарк аԥҵараҿы аҽаанартуан. Ибызшәа абеиареи, ижәлар рнысмҩеи, рцәаҩаҟазшьақәеи даара ибзианы иахьидыруаз ипоезиа ианымԥшыр ауамызт. Алитератураҭҵааҩцәа иазгәарҭахьеит апоет идунеихәаԥшра аҷыдарақәа. Рушьбеи Смыр илиршеит аԥсуа поезиа иамаз аихьӡарақәа реизырҳара, даҽа ҩаӡарак ахь ашьҭыхра».
Апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа дырзааҭгылеит жәлар рпоет идҳәалаз игәалашәарақәеи игәҭахәыцрақәеи. «Апоет иҩымҭақәа ра­ԥхьаӡа ажурнал «Алашара» ианылеит ашә­ҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс иҟаз Иван Ҭарба иаԥхьажәа рыцҵаны. Усҟан ажәа азҟаза игәеиҭеит Рушьбеи Смыр еицакра зқәым абаҩхатәра иманы алитературахь ишьаҿа шеихигаз. Убри аҟнытә, амҩагьы рзылихит. Уи инаркны акырынтә апоет иҩымҭақәа ҳжурнал ианылахьан. Еснагь аԥхьаҩцәа азыԥшын, гәахәаралагьы ирыдыркылон. Иахьа Рушьбеи Смыр ихаҭа дҳалагыламзаргьы, иҩымҭақәа ӡра-ԥсра рықәымкәа иаанхоит», – иҳәеит уи.

Рушьбеи Смыри апоет, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиеи абиԥарак иаҵанакуан, ианқәыԥшыз инаркны аиҩызара бзиа рыбжьан.
«Иахьа зиубилеи азгәаҳҭо Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара ҵакыс иамаз ижәлари иԥсадгьыли рымаҵ аура акәын. Ихы идыруа даныҟала нахыс Аԥсуара дашьҭан, ихатәы бызшәа дахӡыӡаауан, иԥсеиԥш бзиа иибоз ижәлар рмилаҭтә зинқәа дырзықәԥаҩын. Урҭ ирыҵанакуаз иарбанзаалакгьы иара изы иԥшьан, ихдырра иацын. Анцәа иаҭәеишьаз абаҩхатәра апоезиа ала иааирԥшуан, аха уи мацарала изхаҭәаахомызт ижәлар рыгәҭыхеи, рхьааи, рԥеиԥши дырзымхәыцуазҭгьы, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагыламызҭгьы. Амилаҭ зҵаараҿы аԥхьа игылоз дыруаӡәкын. Иара дыззықәԥоз иԥсадгьыли ахатәы бызшәеи аԥеиԥш бзиа рымазааит. Ихаҭа даҳхамышҭааит, избанзар Рушьбеи иеиԥш иҳалагылаз ахатәрақәа рхыԥша иахьа еиҳагьы иаҳҭахуп, мҩанызасгьы иҳацзароуп. Иԥсадгьыл иара ибарц шиҭахыз еиԥш иҟалааит», – абас ихиркәеит уи иажәа.
«Ҳқәыԥшра ашықәсқәа раан Рушьбеи Смыр ажәеинраала ҿыцк аниҩлак даҳзаԥхьон. «Акыр иаԥсазар ишыԥхаԥхоу сышәзаԥхьар сҭахуп» иҳәалон. Аиашаз, игәаҵа аҟнытә иаауаз амца зхылҟьоз ицәаҳәақәа ухырхуан, ирнубалоз агармониа еихсыӷьра ақәмызт. Ихатәы бжьы иманы алитература дналагылеит. Убас, есааира иҟазара иазҳауан, аԥхьаҩцәа ирылаҵәеит. Ихьӡ змырӡуа арҿиамҭақәа иҭынхеит, аԥхьаҟазы еиҵагыло абиԥарақәагьы ирызгәакьаны ирыдыркылалоит», – лҳәеит апоет, ажурнал «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақаниаԥҳа. Аҵыхәтәан апоет иажәеинраалақәа руак даԥхьеит.
Аԥсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба зиубилеи азгәарҭоз апоет ирҿиамҭақәа дырзааҭгылеит. Инаимҩатәны иазгәеиҭеит: «Апоет еснагь иажәа иалаз ахатәы бызшәа аҭагылазаашьеи ҳажәлар рԥеиԥши ракәын. Арҭ азҵаарақәа есымшааира игәы иҵхон, дырзымхәыцкәагьы ҟалашьа амамызт, иара идунеихәаԥшра иацын».
Рушьбеи Смыр иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи ирзааҭгылауа анаҩс иқәгылеит: афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лили Ҳагба, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Оқҭаи Чкотуа, асахьаҭыхҩы Васили Мхонџьиа, иара убас аҵарауаҩ Саида Ҳаџьым, ажурналистцәа Виачеслав Сақаниа, Гәыгәыца Џьыкырба уҳәа егьырҭгьы.
Смыраа аешьара рахьтә ды­қәгылеит Аԥсны Афырхаҵа Рауль Смыр. Аԥсны жәлар рпоет ииуби­леи аԥшьызгаз, аиҿкаара иазааԥсаз, агәалашәара ахәылԥаз зҽалазырхәыз зегьы аешьара рыхьӡала иҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Рушьбеи аԥсҭазаараҿы илиршаз зегьы ижәлар рымаҵ аура иазкын, ирҿиараҿгьы уи еилыкка иубарҭоуп. Иԥсы ҭанаҵы ижәлар рзы дыҟан, рҭагылазаашьа аиӷьтәра иазықәԥоз дреиуан. Убри аҟнытә ихьӡ ҳазгәдууп. Абри зегьы ахьышәхашәмыршҭуа пату ҳзақәуп. Аԥсны амаҵ азызуша иаԥсоу аҵеицәа еиҵагылалааит, ҳажәлар абзиара рԥеиԥшзааит», – иҳәеит уи иажәа хыркәшауа.
1973 ш. иҭыҵит апоет раҧ­хьатәи иажәеинраалақәа реизга «Аеҵәақәа рыкәашара». Уи нахыс иҭижьит иажәеинраалақәеи ипоемақәеи реизгақәа жәохә рҟ­ынӡа.
1968 ш. раахыс апоет иажәеинраалақәа иааиҧмырҟьаӡакәа ирнылон ажурнал «Алашара», иара убас агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Литературная газета» (Москва), алитературатә еизгақәа: «Ерцахә», «Однажды в апреле», «Литературная Абхазия»; ашәҟәы «Памятник нам сыновей не заменит… Стихи и песни» (Аҟәа, 1994) уҳәа егьырҭгьы. Р. Смыр иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).
Апоет дзыргәамҵуаз ибла ачымазара есааира аҽарӷәӷәон. Уи инаҷыданы аҵыхәтәан игәабзиара уашәшәырахеит, ичымазара иахҟьаны 70 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит 2019 ш. ииуль ҩеижәижәба рзы.
Рушьбеи Смыр, амилаҭтә литератураҿы, аԥсуа доуҳатә культураҿы ихьӡ лаша ҩашьара ақәымкәа иаанхоит.
В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me