Аха ҭоурыхк шәзеиҭаҳҳәоит. Ахьыӡқәа, ажәлақәа ҳаԥсахит, ҳаламкьысит аҵакы. Лассы-лассы ауаа ргәы иаанагоит, акризистә центр ари аиԥырҵра ауп ҳәа изызку. Аха ишыҟаҵәҟьоу уҳәозар, уи зхықәкы хадас иамоуп аҭаацәа еизыӡырҩны, рылшарақәа еизакны изықәшәаз аҭагылазаашьа арҽеиразы рыцхраара. Шықәсыбжак уажәаԥхьа ҳара ҳахь даанагеит аб ихала ииааӡоз иԥҳа. Арыжәтә иҽадцаланы дыҟан, иԥсҭазаара иара дахылаԥшыртә имҩақәиҵәо иҟамызт. Икәша-мыкәша иҟазгьы уи иҟазшьақәа ԥсахны, амҩа иаша данылоит ҳәа агәрагара рцәыуадаҩын. Аха ахәыҷы акризистә центр ахь даннанага, аб еиликааит уи наунагӡа дицәыӡыр шалшоз. Иӡбеит ихы даиааирц: арыжәтә имжәырц азы агәырхәшәы илаиҵеит, аусура далагеит. Хымз ааҵуаны аӡӷаб аҩныҟа дхынҳәит. Уажәы ашкол ахь дныҟәоит, лаб иакәзар – усура дцоит. Арыжәтә ҿамҩак иҿахьы иҩеигом.
Рыцҳарас иҟалаз, аҭаацәа еснагьҵәҟьа амчқәа рзыԥшаауам рыԥсҭазаара аиҭакразы. Убасҟан, акризистә центр аҭыԥ ду ааннакылоит. Уи ахәдықәҵара аусбарҭақәа ацхыраара рнаҭоит, иагьдеилнаркаауеит ахәыҷы иҭаацәараҟны даанхарц, мамзаргь даҽа ҭаацәара ҿыцк иԥшаарц алшара имоу, имаму.
Зны-зынла ацентр ахь инанагоит акыраамҭа аҽыхәышәтәра зҭаху аҭаацәа рхәыҷқәагьы, урҭ избаша, иахьаанрыжьша аӡәгьы дрымам. Аԥсны ишаԥу еиԥш ауа-аҭынха ирықәгәыӷуеит, аха рыцҳарас иҟалаз, уи аҩыза алшара зегьы ирымам.
Акризистә центр зызку аиԥырҵра акәӡам, уи зыдҳәалоу агәыӷра ауп.
Аԥсны акризистә центр аусура иалагеит 2024 шықәса апрель азы. Абри аамҭа аҩнуҵҟала уаҟа иҟан 26-ҩык ахәыҷқәа. Ҳазну аамҭазы ацентр аҟны инхоит ааҩык ахәыҷқәа, насгьы ари ацентр 10-ҩык инареиҳаны иаднакылартә алшара амам.
Ахәыҷы иинтересқәа рзы иара уаҟа иҟазаара шықәсыбжак еиҳамхароуп, избанзар ахәыҷқәа ишахәҭоу ирызҳарц, ааӡара роурц азы урҭ аҭаацәараҿы иҟазароуп – рани раби рҟны, мамзаргьы дара здызкылауа рҟны. Абри аамҭа аҩнуҵҟала ҳара иҳалшеит жәпаҩык ахәыҷқәа рыԥсҭазаара амҩақәҵара. Аха убри аҩыза ахҭысқәа ҳрыниоит, апроблемақәагьы убасҟак иуадаҩхоит, акризистә центр изалшаӡом урҭ зегьы ацхыраара рыҭара. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раан ахәыҷқәа ринтересқәа инарықәыршәаны аус зуа амаҵзурақәа урҭ рыцхрааразы, рыдгыларазы даҽа мҩақәак реицыԥшаара иашьҭалоит.
Ҳара ҳзыниауа ауадаҩрақәа хьаас имкыкәа, ҳгәыԥ рхы-рыԥсы иамеигӡо аусура иаҿуп, дарбанзаалак ахәыҷы шәарҭара ацымкәа иԥсҭазаара аиқәыршәараз. Ҳгәы рыладууп иалыршоу алҵшәақәа, ҳҽазышәарақәа зегьы азаҳкуеит ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәарақәеи рыдгылара.
Иааҳгаз аҭоурых – акризистә центр аусура зныԥшуа рахьтә акызаҵәык ауп. Иаҳҭахын ҳусура атәы шәаҳҳәарц. Шәаргьы еилышәкаап ҳәа ҳгәы иаанагоит ҳара ҳазусҭцәоу, ҳазҿу. Мшәан, ҳамчқәа еилаҵаны ҳара иҳалшоит ахәыҷқәа шәарҭара зцым анасыԥ лаша рыҭара.
Ааигәа акризистә центр аҭагылазаашьа иазкын Аԥсны Жәлар Реизара асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак аилатәара. Уи мҩаԥылгеит Аилак ахантәаҩы Рашида Аиба, иалахәын асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьал, амилициа аподполковник Алина Худиакова, акризистә центр ахаҭарнакцәа, Кама Аргәын, Елана Кортуа, Акризистә центр аиҳабы Кама Гоԥиа. Урҭ алацәажәеит ҳаамҭазы ари ацентр аҭагылазаашьа, дара зынио апроблемақәа.
Аицәажәара ашьҭахь аилак алахәылацәа иазырыӡбеит Аԥсны Ахада иахь аҳәара ҟарҵарц акризистә центр ацхыраара аиҭарц, финансла дадгыларц азы. Ацентр ахәыҷқәа ныҟәнагоит, урҭ аус рыдырулоит иазыҟаҵоу аспециалистцәа.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
