Избан акәзар, аҳәынҭқарра уаанӡа иазԥхьагәаҭаны имҩаԥнагоз апрограммақәа еизырҳауп, ирыцҵоуп, рымҽхакгьы ырҭбаауп. Убарҭ дҳазрылацәажәарц ҳаиҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә еиқәыршәареи, адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.
–Руслан Таиф-иԥа, уажәы ааигәа имҩаԥысыз Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы амшхәаԥштә аҿы иқәгылаз азҵаарақәа иреиуан, Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟала ишьақәырӷәӷәаз, «Нхарҭала аиқәыршәаразы апрограмма» аихшьаалақәа рзыӡырыҩра. Иақәхарџьыз апроект, шаҟаҩы нхарҭа ҭыԥла еиқәыршәадаз уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, насгьы хаҭала шәара уи апрограмма анагӡашьа ахәшьара шԥашәҭо?
– Раԥхьа иргыланы иара апрограмма ахаҭа маҷк сахцәажәоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ишьақәирӷәӷәо программоуп иара, имҩаԥаҳгоит хышықәса раахыс. Уи анагӡаразы иарбоуп 180 миллион мааҭ аԥара, 60 миллион мааҭ шықәсык. 2023-2024-тәи ашықәсқәа рзтәи наҳагӡахьеит, ҳазҭоу 2025-тәи ашықәс азгьы анагӡара ҳаҿуп. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭоит зҭагылазаашьа уадаҩу, нхарҭала еиқәыршәам, зхала зхы иацхрааны уи ззаамхәо ауаа. Апрограммаҿы ишьақәырӷәӷо акатегориақәа рахь иаҵанакуеит: – аибашьра автеранцәа, аибашьраан иҭахаз рҭаацәа, аинвалидцәа, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, зани заби заа изыԥхаз ахәыҷқәа уҳәа. Апрограмма иаҵанакуа уаанӡа Аԥсны аҩнуҵҟа анхарҭа ҭыԥ аазымхәац, зхатәы хыҵакырҭа змам роуп. Уи аҩыза аҭаацәа абаанаго ҳәа иџьазшьогьы ҟалап, аха иҳамоуп. Иаҳҳәап, аҭаацәара ду аҟны ҩыџьа, хҩык, ԥшьык аҷкәынцәа ианрызҳауа, урҭ аҭаацәарақәа анаԥырҵалак, ианеиҿыҵлак анхарҭа рзаамхәар қьырала иамырхлар акәхоит. Усеиԥш аҿырԥштәқәа даараӡа ирацәоуп. Апрограммаҿы иарбоу иреиҵоу ацхыраара 700 нызықь мааҭ артәоит, иреиҳау миллионки ҩышә нызқь мааҭи. Аҭаацәара ирзоужьхо ацхыраара шьақәгылоит шаҟаҩы ыҟоу ала. Аӡәы имацара иакәзар, уи 700 нызықь мааҭ роуп иоуа. Апрограмма анагӡареи, аҳәаақәҵареи рзы Аминистрцәа реилазаараҿы ишьақәҳарӷәӷәоит аҳәынҭқарратә комиссиа, уи иалахуп Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа ахантәаҩы, Жәлар Реизара адепутатцәа, аминистрцәа реилазаара ахаҭрнакцәа, иара убас афинансқәеи, аиустициеи, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистррақәеи, Ауаажәларратә палатеи рхаҭарнакцәа. Зынӡа, зыбжьы зҭиуа жәеизаҩык ыҟоуп.
2024-тәи ашықәс иҭагӡаны иҳалшеит 88 рзаҳал рыхәаԥшра. Урҭ рахьтә 2024-тәи ашықәс иҭагӡаны анхарҭа ҭыԥ аахәара зегьы ахьымӡаӡеит, уи зылшаз 46 ҭаацәара роуп. Уи иаанагаӡом ацхыраара аанкылоуп ҳәа, ацхыраара сынтәатәи ашықәс азы иацҵоуп.
- Руслан Таиф-иԥа, араҟа шәазааҭгылеит иазыԥҵәоу аԥара шаҟа ыҟоу атәы, аха еиҭамҵуа амазара ахә есааира иазҳауеит, ишьақәыргылоу аԥара акәзар, еиҭакрада иаанхоит. Уи азҵаара шԥашәыӡбо, иаархәои иахҭнырҵои еибакапануа ҟаҵашьас иамоуи?
- Иашоуп, анхарҭа ҭыԥқәа рыхә есышықәса аҽаԥсахуеит, бжьаратәла иугозаргьы уи иубаратәы иазҳауеит. Ишысҳәаз еиԥш, ари апрограмма иреиҵоуи иреиҳауи азырбоуп. Аха уи иаҵанкӡом анхарҭа ҭыԥ зегьы ахә аҳәынҭқарра иашәоит ҳәа. Ари цхыраароуп, анаҩс дара аҭаацәа рхы иахәаны акы нацҵаны ирзаахәозар ҳәа ауп ишазгәаҭоу. Азҵаара Аҟәа мацара ҳәа акәӡам ишықәгылоу. Аԥсны аҩнуҵҟа иахьакәзаалкгьы иаазхәо иахьиҭахәу аҭыԥ алхразы азин имоуп. Ақалақьи ақыҭеи ҳәа еилых амаӡам. Иҟалалоит ақыҭаҿы ианаархәо, уаҟа ахәқәа даҽакуп, аҳәынҭқарра ирнаҭо рызхоит. Ари ҳамҭоуп, арҭ аԥарақәа аӡәгьы иргьежьӡом. Аҳәынҭқарра хәышықәса рыҩнуҵҟа имҩаԥнаго апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны анхарҭа ҭыԥла еиқәыршәоуп 285 ҭаацәара,30-ҩык макьана иахьымӡац ыҟоуп.
-Уажәы ҳазлацәажәаз акатегориақәа ирыҵаркуа, альготақәа змоу аҭаацәарақәа роуп. Аха, аус иацҵо ҳҿынаҳхар иҟалап, Урыстәыла иҟоу аипотека ҳәа изышьҭоу қьырала аҳәынҭқарраҿы анхарҭа аахәара асистемаҿы ҳнеиргьы. Шәгәы ишԥаанаго?
-Хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, инаҳагӡо апрограмма зызкәу реиҳа ацхыраара зҭаху, зхала ирҳаны иззаамхәо атәыла ауааԥсыра роуп. Ари апрограмма есышықәса имҩаԥгалатәуп, избан акәзар, асеиԥш акатегориақәа еснагь иҟалалоит, урҭ аҳәынҭқарра адгылареи ацхыраареи рынаҭозар ахәҭоуп. Иҟалоит убасеиԥшгьы, иаҳҳәап аҭаацәара рхашәала аныбзиоу, аха еидкыланы аахәара анырзалымҵуа, дара еиҳа ирзыманшәалоуп қьырала иганы иазыԥҵәоу аԥара ишьақәыргылоу аамҭазы ианыршәо. Урыстәыла уи «кредит ипотечныи» ахьӡуп, ҳара даҽакала иахьӡаҳҵар ауеит. Иахьӡхазаалакгьы мышкызны уи азҵаара ҳәарада ҳнадгылоит. Араҟа еиԥшьу азҵаарақәа даара ирацәоуп. Урҭ раԥхьа игылоуп абанктә система аиҭакрақәа алагалара, абанк амч аиура, алшарақәа рырҭбаара. Иаҳҳәап, абанк шықәсырацәала ауаа ирыланаҵо, изхымыццакуа аԥара амазар ауп. Абыржәы ҳазлацәажәаз аус аиҿкаара даара аԥара рацәаны изҭаху акәны иҟоуп, ҳаамҭазы ҳҳәынҭқарра асеиԥш иҟоу алшарақәа амаӡам. Ацәажәарақәа аҭыԥ рымоуп, аха иахьа уаҵәы алагара ҳазыхиаӡам. Аминистрцәа реилазаараҿы аԥыза-министр иҳадиҵеит сынтәатәи ашьҭахьгьы апрограмма ҿыц еиқәҳаршәарц, уи иацҵахарц азы. Ҳҽазаҳшәоит иахьынӡаҳалшо шықәсык аҩнуҵҟа апрограмма иазыԥҵәоу 60 миллион мааҭ ашьҭыхра. Уи ҳзыҟаҵар 60-ҩык ракәымкәан иҵегь еиҳаны ацхыраара ҳазрыҭалоит шықәсык аҩнуҵаҟа.
- Уажәшьҭа ҳаиасып адемографиа азҵаарахь. Аусбарҭақәа рыбжьара имҩаԥысуа хықәкылатәи апрограмма- адемографиа аҿиара- ангӡашьазгьы аҳасабарба ҟаҵан. Уи апрограммагьы иацҵоуп ҳазҭалаз ашықәс азы, убри аҟынтәи инарҭбааны шәалацәажәарц ҳҭахын?
- Зегьы ибзианы еилаҳкаауеит шаҟа ихадароу адемографиа иазкәу азҵаарақәа зегьы. Аҳәынҭқарразы урҭ астратегиатә ҵакы рымоуп. Асеиԥш апрограмма ҵакы хадас иамоу ахәыҷы данилак аҳәынҭқарра иалшо ацхыраара аҟаҵара ауп. Аханатә ҳалагозар–ари апрограмма ҿыцӡам, иара мҩаԥаҳгоижьҭеи шықәсқәак ҵуеит.
2022 шықәсанӡа, ахԥатәи инаҩстәи ахшара риразы 100 нызықь мааҭ ршәон. Анаҩс, 2023 рзы иӡбан аҩбатәи ахәыҷы иира азы 50 нызқь мааҭ ашәара, ахԥатәи изы–100 нызқь мааҭ, аԥшьбатәи–200 нызқь. 2024 шықәса инадыркны иӡбан актәи ахәыҷы изыҳәан шә-нызықь мааҭ ашәара. Аԥсны азыҳәан ари еиҭакра дууп сгәанала, акыр зҵазкуа цхыраароуп. Аха, уи аҿы аангылара ҳҭахӡам, иҵегьы ҳаԥхьаҟа еизҳарҳалоит, иацаҳҵалоит. Ҵыԥхтәи ашықәс атәы ҳҳәозар, ахәыҷы дышиз азы арзаҳалқәа аларҵеит 1047-ҩык, урҭ рахьтә ԥшь-ҩык мап рцәаҳкит ари апрограмма иахьаҵанамкуаз иахҟьаны. Даҽа быжьҩык, 2024-тәи ашықәс аҵыхәтәантәи амшқәа рзы арзаҳалқәа аларҵеит аҟынтәи ҳахьымӡаӡеит ашәара, аԥара ахыԥхьаӡалара 2025 шықәса рахь ииасит. Зегьы неицҵаны 1036 ҭаацәара ацхыраара раҳҭеит, ԥарала уи иартәеит 112 миллион мааҭ. Агәраганы сыҟоуп, есышықәса иҟаҳҵо аиҭакрақәа ирхырҟьаны ибжьахаз, измаҳазгьы шыҟоу. Убри аҟынтәи ари аҵыхәтәантәи хыԥхьаӡарақәаӡам. Апрограмма акәзар, иацҵахоит ҳәарада. Иара, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәреи, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политика аминистрреи еицымҩаԥыргоит. Арзаҳалқәа алазҵаз ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аԥара рықәҳаршәон, иаҳхысыз ашықәс азы еиҵахара ҟамлаӡеит,сынтәагьы убас иацаҳаҵоит.
-Зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау атәыла ауааԥсыреи, ахшарарацәеи, зымаха-зышьаха змыхәо ахшара зааӡоуи аҭаацәарақәа иахьа ироуа ацхыраара зеиԥшрои аҳәынҭқарра аҟынтәи?
- Аҳәынҭқарра еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа нанагӡоит зҭагылазаашьа уадаҩу ҳәа иалкаау акатегориақәа рыцхрааразы. Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы аӡәы ихала аус аниуа, мамзаргьы аҭаацәа идырҳауа рхы анырзаланыҟәымго, даҽакала иаҳҳәозар есымшатәи рныхтәқәа рызхара анрымам аҳәынҭқарра рыцхраауеит. Уаанӡа акыршықәса инеиԥынкыланы аҭаацәараҿы аӡәы зықьмааҭ изыршәон. Ҳминистрраҿы иҟоуп ҷыдалатәи аусбарҭа, уи иалахәу ацхыраара зҭахәу рынхашьа-рынҵышьа, рыбзазаратә ҭагылазаашьа гәарҭоит. Убри ашьҭахь ауп ашәҟәқәа анрыдыркыло, ақәшаҳаҭрагьы анарҭо ацхыраагӡа рызшәара. Ҵыԥх инаркны ирзаҳшәоз ҩ-нызқь мааҭ рҟынӡа ишьҭаҳхит. Иреиҳау ацхыраагӡа иахьатәи аамҭазы 15 нызқь иреиҳаӡам. Ари аҭаацәа ныҟәнагоит ҳәа акәӡам, ироуа иацҵаны ирыцдырхыраарц ауп. Ҳтәылаҿы аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара зауа рхыԥхьаӡара зқьы ҭаацәара рҟынӡа инаӡоит.
- Ҳазааҭгылап атәанчаҩцәа рызҵаарагьы. Аԥсны атәылауаҩы иоуа, аԥсуа тәанчахәы маҷуп. Имаӡаӡам ари зҵаара иацу агәынамӡарақәа ртәгьы. Аҭагылазаашьа ԥсаххартә алшарақәа ҳамоума ?
-Ҳтәылаҿы бжьаратәла 50 нызқьҩык рҿынӡа ироуеит атәанчахәы, иҳамоуп 38 категориа атәанчаҩцәа. Ара иҟоуп аусура аганахь ала изауа, зхы иамыхәо аинвалидцәа, убасгьы 1992-1993 шш. рзтәи аибашьра иахҟьаны иҟалаз акатегориақә, уи аветеранцәа-аинвалидцәа, иҭахаз рҭаацәа уҳәа. Арҭ зегьы атәанчахәы ахьынтәироуа атәанчахәы афонд аҟынтәи ауп, иаҳшәо ахьԥшуп иахьатәи ҳалшарақәа. Мызкы атәанчахәы иазоуҳажьуа аԥара 137 миллион мааҭ инареиҳаны иартәоит. Шықәсык уи миллиардки бжаки еиҳауп. Урыстәылатәи атәанчахәы аҟаратәразы уажәы иҳамоу абиуџьет хәынтә-фынтә еиҳазар ауп. Аҳәынҭқарра аекономика уи аҟара иӷәӷәаӡам, аусурҭа ҭыԥқәа рыла зегьы еиқәыршәаӡам, ауалафахәу уи аҟара иҳаракӡам. Ари азҵаараҿы еихьыԥшу рацәоуп.
- Лаҵарамза 19 инаркны Аԥсны атәанчаҩцәа ироуа Урыстәылатәи атәанчахәы аанкылахоит аурыс банкқәа рыхсаалагақәа рымамзар. Ҳтәылаҿы Урыстәылантәи атәанчахәы роуеит 24-нызқьҩык инарзынаԥшуа, урҭ рахьтә 4 нызқьҩык инарзынаԥшуа 80 шықәса ирҭысхьеит. Иҟоу адырраҭарақәа рыла, 20 наӡын иреиҳаӡам макьаназы урҭ ахсаалагақәа ҟазҵахьоу. Изыхҟьеи атәанчахәы Аԥсны Аҵәахырҭатә банк акартақәа рахьтә роура аанкылара ?
- Уажәы ҳазлацәажәо еснагь Аԥсны инхо, Урыстәыла атәылауаа роуп. Ишазгәашәҭаз еиԥш, уаанӡа атәанчахәытә фонд аԥара нанашьҭуан Урыстәылатәи абанкқәа рахь, уаантәи иаарышьҭуан Аԥсны абанк ашҟа, уи атәанчаҩцәа ртәанчахәу Аԥсны роуразы алшара рнаҭон. Аха, аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәылатәи азакәанқәа аиҭакра ҿыцқәа маҷымкәан ирылагалан. Аурыс банкқәагьы урҭ аԥҟара ҿыцқәа ирықәныҟәар ауп. Убри ауп ари аҩыза аҭагылазаашьа зыхҟьазгьы. Ари Аԥсны аҩнуҵҟа ирыӡбаз акы акәны иҟаӡам. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы ус ада уаҳа иауӡом, избан акәзар Урыстәыла иалганы аԥара анҭыҵ ирышьҭӡом. Ус анакәха, арахь иаашьҭны аԥсуа банкқәа рахь ирзахыԥхьаӡалаӡом. Атәанчаҩцәа ироуц роуларц азы Урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалагақәа ҟарҵар акәхеит. Иахьатәи аамҭазы иҳамоу аинформациа ала, лаҵарамза 19 рзы апрограмма аанкылахоит. Иарбанзаалакгьы Урыстәыла иаҵанакуа абанк ахсаалага ахархәара ауеит, атәанчахәытә фонд уи аднакылоит. Иахьымӡогьы, изымцогьы ҟалашт, аха уи азҵаара алацәажәара макьана изаауп. Ишзаау еиԥш ӡбашьас иаиуа атәгьы аҳәара. Аҵыхәтәан иазгәасҭарц исҭаху, аиҳабыра ҩ-ганктәи аицәажәарақәа ирылахәуп ари азҵаара аҳәаақәҵаразы. Алҵшәақәа макьана еилкааӡам, урҭ шҳаулакгьы ауаажәларра ирылаҳәахоит.
Елана Лашәриаԥҳа