Аслан

Аслан

«Алашара» №3

Ԥхынгәы 04, 2023

Аҧхьаҩцәа ироуит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу  алитература-уаажәларратә журнал «Алашара» ахҧатәи аномер.

Алаҳәара

Ԥхынгәы 04, 2023

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ирыланаҳәоит 2023 шықәса, цәыббрамза нҵәаанӡа ишымҩаԥгахо ААР аҟны алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхра.

Р. Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩаҧысит аҧсуа мультфильм «Кәтаҕьцәахылҧа» аҧхьарабара.

Рашәарамза 29 азы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿы ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иадҳәалоу азҵаара аӡбаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра аратификациа азун. Абри азы адырра ҟанаҵоит Интерфакс.

Ҩ-сааҭк агәахәара

Рашәара 30, 2023

Аԥсныпресс. Аԥшьаша, рашәарамза 15 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы еицырдыруа Урыстәылатәи аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба иконцерт мҩаԥысит.

Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы ахәыҷбаҳҷа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара 2023 шықәса анҵәамҭанӡа ихыркәшахоит. Ажурналистцәа дрыҿцәажәо, абри азы адырра ҟалҵеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба.  

Адҵа инақәыршәаны

Рашәара 30, 2023

Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Пицунда ақалақь аҿы иҟоу апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аоперативтә напхгара аҳасабала аҭаразы адҵа аҭоуп.

Азеиԥш ҭоурыхтә культура ашьақәгылара, аҭыԥантәии адунеизегьтәии аҭоурых аларҵәареи аилыркаареи, амилаҭтә гәалашәареи аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны, ааигәа иаԥҵан Афонд «Аԥснытәи аҭоурыхтә еилазаара» (Афонд «ААЕ»).

Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мырцхулаа Жәларбжьаратәи ахәаахәҭратә палатеи, Аду­неизегьтәи апалатақәа Рфедерациеи, Женеватәи ахәаахәҭреи ааглыхреи рмаҵзурақәеи рпалатеи рыла еиҿкаау ахәаахәҭратә палатақәа XIII Адунеизегьтәи рконгресс лхы алалырхәуеит.

Мҩамш!

Рашәара 30, 2023

Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы ашкол иалгаз 400-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа Аҟәа ақалақь, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысыз аныҳәатә бал ахь еизеит. Уи аԥхьа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рмемориал амҵан, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me