Аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ

Аҩыза иаша, ауаҩы аамсҭашәа, аҭаацәара бзиа аԥызҵаз, аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Кахәын Гожев диит 1945 ш.

март 26 азы аул Аԥсуа аҟны. Ихәыҷра мариамызт, изҳауан аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс хьамҭақәа раан, иани иаби заа иԥхеит. Дшыхәыҷыз иеиҵбацәа ршьапақәыргылара иқәшәеит.
1964 ш. азы ибзиаӡаны далгеит Черқьеск аобласттә милаҭтә школ-интернат, ашьҭахь – 1968 шы­қәсазы Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт афилологиатә факультет.
Кахәын Магомеҭ-иԥа жәа­шықәса аус иуит Красноиарсктәи атәылаҿацә абжьаратә шк­ол адиректорс, иара убас Ҟарачы-Черқьестәылан. Диаган апартиатә усурахь. 1978 ш. азы Ҟарачы-Черқьестәи аоблнагӡком аинстукторси аглоааглыхратә комбинати рҟны аус иуан. Ашьҭахь аиҭакра ашықәсқәа раан, абазақәа рреспубликатә хеидкыла «Адгылара» амилаҭтә хеилак дахантәаҩын, жәларбжьаратәи ачерқестә Ассоциациеи, Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рассамблеиеи, Аконфедерациеи дрылан.

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан Гожев амитингқәа еиҿикаауан ае­шьаратә Аԥсны жәлар рыдгыларазы, иааишьҭуан ха­тәгәаԥхарала аибашьцәа, ԥарала, фа­тәыла-жәтәыла ацхыраара ҟаиҵон.
1992 шықәсазы Кахәын Магомеҭ-иԥа Ҟарачы-Черқестәыла Амиграциатә маҵзура раԥхьатәи анапхгаҩы иакәхеит. Жәашықәса уаҟа аус зуз, иара рҭыԥ иқәиҵон ихымҵәар ада ԥсыхәа змауз рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаарақәа.
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра анеилга ашьҭахь автобусқәа нкыланы, ҭаацәацыԥхьаӡа агуманитартә цхыраара рзишон.
Шықәсырацәала иусура ҳасаб азуны, Кахәын Гожев ихҵан Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә бжьагаҩы ҳәа ахьӡ.
Анаҩсан Гожев аус иуан Ҟарачы-Черқьестәыла Ахадеи Аиҳабыреи рҟны аинформациатә политика Аусбарҭа аиҳабыс, аамҭакалагьы аҭҵаарадырратә усура даҿын.
2000 ш. азы аҳәынҭқарратә университет аҟны «Асоциалтә еилазаара, асоциалтә институтқәа, апроцессқәа» ҳәа азанааҭ ала акандидаттә диссертациа ихьчеит. 2005 шықәсазы А.И.Герцен (ақ.Санкт-Петербург) ихьӡ зху Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҟны «Асоциалтә конфликт антропологиа-ҵарадырратә детерминациа» атемала адоктортә диссертациа ихьчеит, ҭҵаарадырратә усзуҩхеит.
Иахьа Гожев асоциал-философиатә монографиақәа хԥа дравторуп, иреиҳау аҵараиурҭақәа рстудентцәа рзы афилософиа арҵага шҟәқәа ҩба равторцәа дыруаӡәкуп, иара убас афилософиеи, асоциалогиеи, адемографиеи рзы апрограммақәа, аметодикатә цхыраагӡақәа равторцәа дреиуоуп. Икыԥхьхьеит 200 раҟара анаукатә усумҭақәа, ихы рылаирхәхьеит жәларбжьаратәи, Урыстәылазегьтәи, арегионбжьаратәи аконференциақәа. Ианашьоуп амедалқәа: «Аџьаҿы зҽалызкааз», «Ахьӡ-Аԥшазы».
Кахәын Магомеҭ-иԥа Ставропольтәи, Ҟарачы-Черқестәи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университетқәа рҟны аҭҵаарадырратә усура инапы алакуп. Арҵаҩратә ҵарадыррақәа Жәларбжьаратәи ракадемиа алахәыла-корреспондентуп, Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳау азанааҭтә ҵарадырра ҳаҭыр зқәу усзуҩуп, Ҟарачы-Черқестәыла аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз усзуҩуп. Аԥсны аҭҵаарадырра аусхк аҿы Аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп.
Абаҩхатәра злоу ибаҩхатәра зехьынџьара иааԥшуеит. Гожев аус ахьиуазаалак ҳаҭыр пату зқәу, зыԥсы цқьоу, иҟәышу уаҩуп. Имч-илшара зегьы азкуп ижәлар ркультуратә ҭынха аиқәырхара, ахьчара.
2015 шықәсазы Кахәын Гожев ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Уи ари аҳамҭа ду иоуит Нхыҵ-Кавкази Аԥсни риашьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара аганахьала илагаламҭазы. Гожев иахьагьы аус шиуц иуеит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет дапрофессоруп. Аха зегь раасҭа бзиа иибауа аусура – иԥсҭазааратә ԥышәа еиҵагыло абиԥара ҿа рымадара ауп.
Аспирантцәеи ашьҭазааҩцәеи рыҭҵаарадырратә напхгаҩык иаҳасабала, Кахәын Магомеҭ-иԥа иазыҟаиҵахьеит аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа жәаҩаҩык, иара уба аҭҵаарадыррақәа рдокторцәа хҩык.
Кахәын Магомеҭ-иԥа изын иуҳәаша рацәоуп. Иԥшәма Фаина еснагь дивагылоуп, игәабзиара дахӡыӡаауеит. Еицырааӡеит аԥеи аԥҳаи. Урҭгьы аҭҵаарадырра рнапы алакуп.
Абаза жәлар рбыргцәа рхеидкылеи ауаажәларратә еиҿкаара «Абазеи» Кахәын Магомеҭ-иԥа 80 шықәса ихыҵра идырныҳәалоит. Ахәҭакахьала, уаҟа иазгәаҭоуп:
«Гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи шьахә! Шәара ҭҵаарадырратә усзуҩуп, ауаажәларратә усқәа шәрылахуп. Еснагь инашәыгӡон иуадаҩыз, акырӡа зҵазкуаз аусқәа.
Гәык-ԥсыкала ҭабуп ҳәа шә­а­ҳ­­ҳәоит шықәсырацәалатәи шәџь­абаазы, аҿар патриотизмла, цәаҩабзиала рааӡараҿы шәлагаламҭазы. Ишәзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, иара убас Урыстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизҳазыӷьара иазку шәыҭҵаарадырратә усураҿы аԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа!».

Абаза жәлар
рбыргцәа Рхеидкыла

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me