Аицлабра аихшьалақәа

Ишдыру еиԥш, есышықәса Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи алархәны, аҟазара аганахь ала аҟыбаҩ ҷыда злоу алыркаауеит аестрадатә шәаҳәаҩцәа рыбжьара.

Убас, сынтәагьы март 28 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥган аԥсуа аестрадатә ашәа анагӡаҩцәа XXIV рреспубликатә еицлабра «Аҿар рыбжьы». Иазгәаҭатәуп, ари аусмҩаԥгатә аиҿкаара шабзоуроу Аԥсны акультура Аминистрра И. Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара Ареспубликатә центр.
Аконкурс амҩаԥгаҩ Инесса Григолиа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо имҩахыҵыз зегьы идлырдырит ажиури иалахәыз ашәаҳәаҩцәа: Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рартистка, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу ашәаҳәаҩ Лиудмила Гәымба, аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩы Манана Братухина, Аԥсны акультура аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аиҳабы, аестрадатә шәаҳәаҩы Автандил Канџьариа.
Ари аицлабратә конкурс еихшан ԥшь-гәыԥкны: актәи 6-9 шықәсанӡа зықәра аҵанакуаз; аҩбатәи – 10-11 шықәсанӡа; ахԥатәи – 12-14 шықәсанӡа; аԥшьбатәи – 15-20 шықәсанӡа. Аконцерт аҟны исасцәаны иқәгылеит ахареографиатә ансамбль «Ашара» (асахьаркыратә напхгаҩы – Асҭанда Чачибаиа), ахореографиатә ансамбль «Эдельвейс» (асахьаркыратә напхгаҩы – Викториа Пигуль).
Аконкурс аихшьаалараан аконцерт аҟны актәи агәыԥ –6-9 ш. ирыҵаркуа рахьтә адиплом актәи аҩаӡара иалауреатцәахеит – Софиа Мерцхәлаа, Инна Пилиа, Ераст Тәанба, Саниа Басенциан; аҩбатәи аҩаӡара – Алеқсандра Нарманиа, Дариа Борисова; ахԥатәи аҩаӡара – Иасмина Кәарҷиа, Адица Ԥачулиа, Асиаҭ Ладариа, Сариа Голава, Викториа Малишава, Емили Варданиа, Сариа Цеиба, Салима Шьынқәба.
Аҩбатәи агәыԥ 10-11 ш.ирыҵаркуа рахьтә адиплом актәи аҩаӡара иалауреатцәахеит –Алина Царгәыш, Гаврил Гогохиа, Саломеиа Алҭеиба; аҩбатәи аҩаӡара – Сариа Гургениӡе, Анна Тапаӷәуа, Сандро Какәбаа, Леон Инаԥшьба, Алеқсандра Аиба; ахԥатәи аҩаӡара – Мануела Берулаа, Амелиа Гогохиа, Амина Какәбаа. Иазгәаҭатәуп арҭ аҩ-гәыԥк рҟынтә Гран-При шланашьаз – Сариа Арӡынба.
Ахԥатәи агәыԥ 12-14 ш. зхыҵуа рықәра иаҵанакуа рыбжьара адиплом актәи аҩаӡара иалауреатцәахеит – Кристина Асатурова, Медеиа Кәарҷиа, Анико Қобалиа, Сариа Делба; аҩбатәи аҩаӡара –Анано Бокучава; ахԥатәи аҩаӡара –Елиза Шьынқәба.
Аԥшьбатәи агәыԥ 15-20 ш.ирыҵаркуа рахьтә адиплом актәи аҩаӡара иаԥсахеит – Рада Нардаиа, Николь Сангәлиа, Илана Ԥачлиа; аҩбатәи аҩаӡара –Даниела Емырхәба, Алана Асланӡиа.
Иара убас аицлабраҿы иҟан аноминациа «Дуетла» аҟны иқәгылоз. Уаҟа актәи аҩаӡара адиплом ранашьахеит – Алеқсандра Черқьезиеи Рада Нардаиеи; Алеқсандра Нарманиеи Саниа Басенциани; аҩбатәи аҩаӡара – Наур Убириеи Сариа Делбеи.
Аконкурс азы аҿар авокал аганахьала ацхыраара рызҭоз, иазыҟазҵоз аҳаҭыртә бӷьыцқәа ранашьан: Оҭар Маланӡиа, Лика Ҵәыџьба,Саида Габниа, Камила Годжуа, Асҭанда Ҭарба, Ильда Қәычубериа, Михаил Џьумутиа, Ламара Санаиа, Фрида Берзениа, Есма Гәынба.
Аԥсны акультура аминистрра И. Е. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара Ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа иажәақәа рыла, аицлабратә конкурс анеиҿыркаауаз хықәкыс ирымаз аԥсуа естрада ашәа аӡыргара акәын. Аамҭа уадаҩқәа ирылганы, ари аицлабратә конкурс иаднаԥхьалеит хыԥхьаӡара рацәала аҿар. Урҭ аԥсуа естрада ашәаҳәара агәыбылра днаркит. Уи гәахәара дууп ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны аҿар ашәаҳәара иахьаднаԥхьало.

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me