Аслан

Аслан

Ааигәа аҭыҧ змаз ахҭыс Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школи Гәдоуҭа иҟоу ахәҳахәҭратә центр «Вавилони» артҟәацга аҵоуп ҳәа амц жәабжь азы иаанкылаз ахәыҷы ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа излашьақәдыргылаз ала, уи иҽаҵаиҩит иарку ателеграмм-канал, уи амодераторцәа Аҧсны анҭыҵ иҟоу роуп.

Аҳәынҭқарра Ахада – Арбџьар Мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада дырзыӡырҩит атәылахьчара Аминистрра 2023 шықәсазтәи аусура алҵшәақәеи ҳазҭоу ашықәс азы иазԥхьагәаҭаны ирымоу ауснагӡатәқәеи.
Атәылахьчара аусбарҭа анапхгаҩы адырра ҟаиҵеит Арбџьар Мчқәа рҟны аибашьратә, аоперативтә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуеи, аԥсуа ар рыҿиара ахырхарҭа хадақәеи рзы.

Ааигәа здоуҳатә ҭынха наӡаӡа иаҳцәыӡыз, раԥхьатәи аԥсуа професионалтә сахьаҭыхҩы, адунеиаҿ зыхьӡ еицырдыруа Алеқсандр Константин-иԥа Чачба ажәлар рыҿиараҿы акультуреи аҟазареи рҵакы дазааҭгыло иҩуан: «Аҟазара змам атәыла, ԥхьаҟа бзиарак ҳәа акагьы азыԥшӡам; уи ауаатәыҩса рдоуҳа ԥсхьеит, ԥсҭазаашьас ҳәа ирымоугьы – аилабаароуп» ҳәа.

Агазеҭ "Апсны" 7-8 2024

Жәабран 07, 2024

Москва ақалақь, Рахманинов Иҩны аконцертә зал аҿы қәҿиарала имҩаԥысит Аԥснытәи артистцәа рконцерт.

Ҭелла аицәажәара

Жәабран 06, 2024

Имҩаԥысит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смырԥҳаи Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимоваи ҭелла реицәажәара, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аахыҵ-Уаԥстәылан

Жәабран 06, 2024

Аахыҵ-Уаԥстәыла акультура Аминистрреи уи иаҵанакуа аусбарҭақәеи рҿы аиашьаратә Аԥсны акультура ацхыраара аҭаразы аԥаратә малқәа реизгаразы фалаҳәара ҟарҵеит.

Беслан Воубеи Давид Конџьариеи уасҭацәоуп. Очамчыра амҿлыхқәа ҟарҵоит. Абзазараҿы ихәарҭоу амаҭәахәқәа рыда, ааигәа амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа - ачамгәыри аҟьаԥҟьаԥи рыбжьы дыргеит.

Ааигәа Санкт-Петербург иазгәарҭон Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра амш.
Аҭоурых адаҟьақәа еихыршәшәо уҿынаухар, иубоит Аԥсны аҵеицәа ари ахақәиҭраз рлагала шырацәоу.

Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц раҧхьатәи амза инаркны, Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа атроллеибустә наплакы аусзуҩцәа рулафахәы иацлеит. Абри атәы иҳәеит анаплакы аиҳабы Аслан Алан.
Иара иажәақәа рыла атроллеибус ныҟәызцо аусзуҩцәа рулафахәы шьақәгылоит сааҭк аусура иақәу ахәҧса ала.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me