Мҩак ҳаицанылан ҳнеиуеит

Ааигәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Башкириеи рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иазкыз афотоконкурс аҿы аԥхьахәқәа зауз аусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы.


Ари аусмҩаԥгатә иасимвол хаданы иҟалеит, Уфа 450 шықәса ахыҵра иазкны, аӡиас Белаиа аԥшаҳәаҿы Аҟәатәи аколоннада еиԥшны иаԥҵоу аргылара. Иара архитектура мацара акәым иаанарԥшуа, уи аҩтәылак реимадареи, реизыҟазаашьеи,еицырзеиԥшу аихьӡарақәеи, иара убасгьы, аҩтәылак ракзаареи арҵабыргуеит.
­Афотоҭыхратә еицлабра ҩ- хә­­­ҭ­­а­кны имҩаԥысит: «Ип­рофе­сси­оналтәу афотоҭыхреи», насгьы «Аматериалтә фотоҭыхреи». Уи хықәкыс иаман архитектуратә ԥшӡара мацара акәымкәа, ажәларқәа реимадара ҵаула, реилибакаара, реицхыраара, реидгылара аарԥшра, еицырзеиԥшу ркультуратә ҭоурыхтә ҵакқәа ахәаԥшҩы изнагара.
Убри аҟынтә аусмҩаԥгатә иалахәыз русумҭақәа рҿы аколоннада акзаара иасимволны иаарԥшхеит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәыр рылшон 16 шықәса зхыҵуа инадыркны.
"Ипрофессионалтәу афотоҭыхымҭа" акатегориаҿы аԥ­хь­ахәқәа згаз иреиуоуп: актәи аҭыԥ – Олег Иаровиков иусумҭа “Колоннада на фоне фейерверков”; аҩбатәи – Дмитри Седельников афотосахьа “Колоннада в отражении”; ахԥатәи аҭыԥ – Николаи Кулагин иусумҭа “Колоннада на фоне памятника дружбы”. "Аматериалтә фотоҭыхра" акатегориаҿы: актәи аҭыԥ – Ольга Бочкариова лусумҭа “Живописное на набережной”; аҩбатәи – Ольга Шьепетова “Ақәа ашьҭахь” афотосахьала; ахԥатәи аҭыԥ – Мариа Тарасова лусумҭа “Колоннада Сухум”.
Аиааира згаз зегьы аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан – 5000 инаркны 40000 рҟынӡа.
Иҷыдоу аҳамҭа Аԥсны аҿ­ар рполитикеи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟынтәи Альберт Низанов иоуит 2025 шықәса аԥхынраз Аԥсныҟа ааԥхьара иусумҭа "Вечер" азы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me