Акризистә ҭагылазаашьақәа анапхгара рыҭаразы Ацентр анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Глев Багаев иажәақәа рыла, уи ԥышәарак аҳасабала аусура иалагеит Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы 2025 шықәса февраль 20 азы. Иалнаршоит Урыстәылатәи аспециалистцәа алархәны «Аҳақьыми-аҳақьыми» асхемала ателемедицинатә еиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара. Заанаҵ иазыҟаҵан ахәышәтәырҭа аспециалистцәа хҩык: аҳақьым, административтә усзуҩ, атехникатә специалист, иалыршан ателемедицинатә еиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара техникала аибыҭара.
Викториа Гогиа, ателемедицинатә центр анапхгаҩы, рыӡбахә лҳәеит ацхыраара зырҭахьоу ачымазцәа.
«Февраль 20 инаркны 21 азынӡа ахҭыс хьанҭақәа ааба рганахьала авидеоконференциақәа ааба мҩаԥаагахьеит, иҳаухьеит амедицинатә лкаақәа 11», – лажәа хлыркәшеит лара.
Иара убас Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко даҭааит Аҟәа, Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа ахьдыргыло аҭыԥ. Уи дыргылоит Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аинвестициатә программа инақәыршәаны.
Уажәнатә имҩаԥыргахьеит абарҭ аусурақәа: еимыхуп рхы иадмырхәоз ажәытә хыбрақәа, аҵакыра арыцқьаразы аусурақәа нагӡоуп, фымцала аиқәыршәаразы аусурақәа хыркәшоуп, аанда ҟаҵоуп, ахыбра ауасхыр ашьҭаҵаразы аусурақәагьы налаҵаны.
Ахәышәтәырҭа ахархәарахь рыҭара азгәаҭоуп 2026 шықәсазы. Финансла аиқәыршәаразы азеиԥш лимит – 651, 9 миллион мааҭ. Иаҵанакуеит 10 850 метрԥшьркца.
Аҵыхәтәаны Михаил Мурашко ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа лассы-лассы Урыстәылан дара амедицинатә цхыраара рзыҟаҵаразы иҟоу ахыхь адокументқәа рцәыргара дҵаны иқәдыргылоит. Аԥсны аиԥш, Урыстәылангьы хәыда-ԥсада амедицинатә маҵзурақәа ԥықәсларада риура алымшаӡои ҳәа азҵаара аҭакс, Михаил Мурашко иазгәеиҭеит ус еиԥш иҟоу ацхыраара шрырҭауа, 2024 шықәсазы Урыстәыла атәылауаҩреи хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполиси змоу 8000-ҩык ачымазцәа Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа ацхыраара шрырҭаз, аха аминистр дақәшаҳаҭхеит амедицинатә цхыраара рыҭара иазку ахәҭақәак аиҭарыхәаԥшра шаҭаху.
«Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реиқәшаҳаҭраҿы иарбан ицәырыргаша адокументқәа реиқәыԥхьаӡа. Убри асиа арҽеирақәа алагалатәуп, идырбалатәуп ҩ-документ заҵәык – апаспорти хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполиси. Иахьазы абри аиқәшаҳаҭраҿы иуԥылоит апенсиатә фонд иамадоу адокументқәагьы. Абри аҟнытә, сгәы иаанагоит, азеилибамкаара уаҳа иҟамларц азы аиқәшаҳаҭра арҽеирақәа алаагалоит», – иҳәеит Мурашко.
Михаил Мурашко дазааҭгылт Урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны Аԥсны имҩаԥырго ашколхәыҷқәа инарҭбааны ргәаҭара. Иахьазы 1800-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ирыхәаԥшхьеит. Аус руеит ԥшь-бригадак. Иҟоу ахыхь иааргахьеит ҷыдала еибыҭоу автомашьынақәа ҩба.
Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахада ҷыдала иаҵишьит агәаҭараан ишаарԥшыз дарбанзаалак ахԥатәи ахәыҷы амедицинатә хәаԥшра шиҭаху, ахәыҷқәа жәпаҩык иҵегьы аҩаӡара ҳаракы змоу аспециалистцәа рабжьгарақәа ишырзыԥшу.
Абри апроблема аҭыԥ ақәҵара иацхраауеит ааигәа иаарту ателемедицинатә центргьы, уи иалнаршоит иаарласны абжьгарақәа риура.
Убри аҩыза ателемедицинатә центр ду Москва аус ауеит. Уи Урыстәыла иналукааша аклиникақәа зегьы ирымадоуп. Абас еиԥш иҟоу аиҿцәажәарақәа мҩаԥган ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьаҭала», – иҳәеит Мурашко, иагьациҵеит агәаҭареи апрофилактикатә хәаԥшрақәеи инарықәыршәаны алшарқәа шыҟало иҵегьы аҩаӡара ҳаракы змоу аспециалистцәа рганахьала ачымазцәа рыцхрааразы.
Урыстәылатәи аспециалистцәа ралахәра инамаданы, Аԥсны ахәышәтәырҭақәа зыхә ҳараку ашьақәгылақәа рҭахуп. Михаил Мурашко иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрразы ангиограф шырыԥшааз. Иазгәеиҭеит амедицина еиуеиԥшым аусхкқәа рганахьала уи аппарат даара ишаҭаху, иаҳҳәап акардиологиа, агинекологиа, аонкологиа уҳәа рҟны.
«Амалқәа арбоуп, иалҳаԥшаахьеит аспециалистцәа ирҭаху аппарат амодельқәа. Раԥхьаӡа игыланы, ангиограф – ари агәы-датә чымазарақәа, аинфаркт зыхьхьоу ачымазцәа рыцхраароуп изызку. Иаабоит асеиԥш иҟоу атехника Аԥсны ишыҟам», – иазгәеиҭеит иара.
Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрра ахада иҳәеит хаҭала ишгәеиҭо ашьақәгыла ықәдыргылараны иахьыҟоу.
Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара иазкны азҵаара иҭан уи аҵыхәтәанынӡа анагаразы алшарақәа азхома, аҭыԥантәи амедицинатә кадрқәа рҵарадырра ашьҭыхразы усмҩаԥгатәқәак арбома ҳәа.
Мурашко агәра диргеит ангиограф аиԥш, ахәыҷтәы хәышәтәырҭазгьы аԥарақәа шоурышьҭхьоу, аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа. Иаҵишьит ахәыҷқәа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи реиқәырхаразы ҳаамҭа иақәшәо проектк аҳасабала ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ибзиоуп ҳәа шахҳәаау.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр иазгәеиҭеит амедицинатә усзуҩцәа рҵарадырра ашьҭыхра акырӡа шаҵанакуа. Уи хықәкыс ишьҭыхны Аминистрра аҽазышәарақәа аднакылоит дистанциала аҵарадырразы алшарақәа раԥҵара.
«Иаԥҵоу алшарақәа иалдыршоит иналукааша аспециалистцәа рлекциақәа рзыӡырҩра. Шықәсқәак раахыс убарҭ алшарақәа ҳхы иаҳархәоит», – иҳәеит аминистр.
Иара убас уи иаликааит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аполиклиникатә ҟәшаҿы хықәкыла Ҟәбантәи амедицинатә университет аусура атәы. Асеиԥш иҟоу аусқәа ус баша ачымазцәа аицрыхәаԥшра акәӡам, араҟа рҵарадырра шьҭырхуеит.
Мурашко иҳәеит, апандемиа аангьы, иахьагьы Урыстәылантәи хыԥхьаӡара рацәаҩыла аҳақьымцәа аԥсуа ҳақьымцәа ишрыцхраауа.
«Араҟа иааиԥмырҟьаӡакәа аус руеит Урыстәылантәи аспециалистцәа. Амедицинатә усҳәарҭақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиара – ари еиԥымҟьо, еснагь хшыҩзышьҭра ззаауа мҩоуп, еидгылароуп, еицхыраароуп», – иҳәеит иара.