Февраль 27 амилаҭтә кьыԥхьи амассатә информациа ахархәагақәеи ирымшуп

Аҟәа, 27 ԥеруал

Ехьатәи амш, 27 ҧеруал, ҳара аҧсацәа ҳзы даара мыш дыуп, ныҳәоуп, аныҳәақәа зегьы иреиҳауп: ехьа иҭыҵт, ехьа ожәраанӡа аҧсышәала иҟамлаӡацыз аҧсуа газеҭ «Аҧсны» ҳәа хьӡыс иаманы.

Аҧсышәала аҩреи аҧхьареи иҟаижьҭеи абар 60 шықәса ҵырцы иагьагым, аха аҧсышәала ҧсыуа газеҭк ехьа ожәраанӡа иҟамлацызт, иҭымҵыцызт, ехьа убри ҳаут.
Аҧсацәа ражәа иалоуп: «Амш ҽаҧарак аҟара иазҳаит» ҳәа, убас ҳаргьы «ҽаҧарак» аҟара ҳаҧхьаҟа ҳнеихыеит ехьа. Шьҭа, Анцәа иҳәуазар, ҳамыӡыр ҟалап, ари аус ҳхы иаҳзархәар. Шьҭа аҧсацәа, лада шәыҟа, ҩада шәыҟа шәҽеидышәкыл ари «АБЕИРАҞ» аҵаҟа. Ари беираҟыуп ҳара ҳзы.
Аҩреи аҧхьареи здыруа аус жәыула шәеиҵамхакәа, аҧхьареи аҩреи ззымдыруа ауаа шәырзаҧхьала, убас аҵара змоугьы, аҵара змамгьы шәымч еилаҵаны шәхы иашәырхәа, ажәабжь неимыжәда, ауаа аҩреи, аҧхьареи, аҵареи рахь рхы шәырха, ацәгьарақәа ирыҧшәырҟәҟәаала газеҭ ажәала, акьыҧхь заархоу ажәала.
Ишәыгыуи, ишәыбзоуи, ишәзеиҕьхашеи, шәзыргәамҵыои не­ибышәҳәала, шәеибырҟазала, абзиарахь аӡәык еиҧш шәнапы еибаркны шәеибагала.
Дарбанзаалагь иуалуп иу­аа­жәлари иҧсадгьыли рҭоурых идырразы. Уи здырындаз згәахәуа идыруазароуп иара бзиа еилыиргоуа абызшәала аҧхьареи аҩреи. Ажәларқәа зхатәы аҧ­хьареи аҩреи змам, урҭ жәлары наӡас рхы рзыҧхьаӡом, урҭ намӡа-аамӡоуп, милаҭ бжоуп, мчы рымам, нагӡара рымам, ехьа иҟазаргьы, оҵәы зхатәы аҩреи аҧхьареи здыруа, аҵара змоу ажәларқәа ма хаала, ма мчыла ирыламлар ҧсыхәа рымам, нас рхатәы бызшәа рхашҭны, рҵас бзиақәа кажьны, атәым уаа излалыуа рыбызшәеи рҵасыи шьҭырхуоит, убас ала урҭ ирылаӡҩахоит, егьшнеиуа ирылаӡӡоит.
Д.Гәлиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me