Асценаҿ зцәырҵра мрашәахәаз

Арҿиаҩы  бзиа инапы злакызаалак абаҩхатәра анимоу ижәлар рзы амрашәахәа даҩызоуп. Актиор аниакәха,  ҷыдарак имазароуп иҩызцәа дызларылыҷҷаауа амрахәага деиԥшха.

Убасеиԥш иҟаз дыруаӡәкын 70-тәи ашықәсқәа инадыркны Аԥсуа театр актиорцәа иаарылагылаз актиор Амиран Владимир-иԥа Ҭаниа.

Амиран Владимир-иԥа Ҭаниа диит  февраль 10, 1935 шықәсазы. Далгеит қәҿиарала Ш.Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт. Аус иуан С.Ҷанба ихь зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы актиорс. Уи инаҷыдангьы далахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ еиҿкааз  асатиратә миниатиурақәа ртеатр «Чарирама», иара иакәын аханатә уи напхгара  азызуазгьы.

Абраҟа исҭахуп исгәаласыршәарц асатиратә миниатиурақәа ртеатр «Чарирама», уи аамҭаз иамаз ақәҿиарақәа. Амиран Ҭаниа иара аамҭак ицаныз адраматә театр актиорцәа дуқәа Сергеи Сақаниа, Чынчор Џьениа, Хәыта Џьапуа Аԥсны ахы-аҵыхәа бзиа еицырбахьан, «Чарирама» ақәгыларақәа рыманы ирҭаауан ақыҭақәа. Хәаԥшҩык иаҳасабала исгәалашәоит урҭ рықәгыларақәа ныҳәа дук еиԥш ҳшазыԥшыз. Амиран Ҭаниа зегь реиҳа  иқәҿиаз асатиратә қәгыларақәа ааӡаган, ауаҩы игхақәа, аԥсҭазаара  иацәтәымыз аҟазшьа бааԥсқәа ҿаԥнаҽуан. Урҭқәа зегьы  имырхьааӡакәа иҩызцәеи иареи ичча-хәмаруа, аиумор аҵаҵо ауаа ирызнаргон. Ус баша акәмызт  ҳактиорцәа бзиақәа рыхьӡи рыжәлеи еидкыланы изырҳәоз. Уи дара рҟазара ҳаракы иабзоураны иаԥсахахьан.

Амиран Ҭаниа аԥсуа драматә театр  асценаҿы дыхәмархьан 30 роль хада инареиҳаны: Д.Гәлиа «Анаурқәа» аҟны инаигӡон Гәдым ироль. М.Чамагәуа «Иван-аԥсуа», Генрих – «Аҳәынҭқар  ҟьантаз»,  Џь.Аҳәба «Ахьырхәра» – Алмысхан ироль, Гь.Гәыблиа «Сыбзиабара уара иуцуп» аҟны  Хобола.

Амиран Ҭаниа адрамтеатр аҿы адагьы, акино актиорк иаҳасабалагьы ишьҭамҭа бзианы иаанижьит. Иара иҽҭихит 15 кинофильм рҿы. Афильм «Хҭырԥа шкәакәа» аҟны Шьаруан ироль наигӡон (Довженко ихьӡ зху акиностудиаҿы). «Иԥшьоу ажьира асаркьал» – Учардиа. Иара убас иҽҭихит афильм аепизодқәа рҿы «Сувенир», «Мамлиук» – Грузиафильм иҭнахыз.

Актиор бзиа изын иҟам ароль маҷ, ароль ду. Иаҳгәалаҳаршәап Шь. Аџьынџьал иҩымҭа  «Амзаҿа ангыло» ала иҭырхыз акино фильмаҿы Амиран Ҭаниа дыхәмарит зегь реиҳа имаҷыз ароль Хапарс ихаҿсахьа. Аха иара убри аҟынӡа ироль дагәыланахалан инаигӡеит, ахәаԥшҩы игәаҵаҿы даанхеит ахаҿсахьа хадақәа днарываҟәало.

Аминиатиуратә́ сатиратә қәгыларақәа «Чарирама» аҟнытә рықәгыларақәа ракәзар уаҟагьы Амиран Ҭаниа инагӡашьа, ихәмарша ахәаԥшҩы дзырччоз, насгьы дзырхәыцшаз, ахара дзырԥшуаз амч рыҵан. Игәра угон, еснагь ицәырҵра уазыԥшуан. Аԥсны жәлар рартист Софа Агәмаа, Амиран Ҭаниа дылгәаларшәо илҳәоит: «Атеатртә ԥсҭазаара имариам ԥсҭазаароуп, уи иацуп аиҿыхарақәа, аилибамкаара. 1985 шықәсазы ҳтеатр аҟны имҩаԥысуаз аиҭакрақәа ирхырҟьаны, 1992-1993 шықәсқәа рынахыс аԥсуа театр аансыжьит, сара инасышьҭархны даҟәыҵит Амиран Ҭаниа, уи ааха ӷәӷәа иара изын, акыргьы игәабзиара ҵнашәеит» – лыҩуеит Софа Агәмаа.

Атеатртә критик Светлана Қорсаиа илҳәоит «Амиран Ҭаниа  икомедиатә қәгыларақәа инарҷыданы иҵаулаӡаз атрагедиатә хаҿсахьақәа ицааиуан. Иаагозар М, Лакрба «Асас» аҟны аб ироль хада наигӡон. Зԥа дыршьыз Цыгә Ҳанашә, ацәгьауҩы – исас диҵәахуеит, нас амҩа ирбаны доуижьуеит. Актиор ду илиршеит абри атрагедиа ду аарԥшра». «Амиран Ҭаниа – иҟамзаара даара ҳтеатр ианыԥшуеит, «иузымԥсахуа ауаҩы дыҟам», ҳәа ирҳәо сара сзақәшаҳаҭхом. Амиран Ҭаниа аӡәгьы дизыԥсахуам», – лҳәоит Софа Агәмаа.

Аҟазара ду аазырԥшуаз актиор Амиран Ҭаниа асценаҿы ихәмарра анаҩсангьы  ашәаҳәараҿгьы, акәашараҿгьы дрылукаауан. Иара дыруаӡәкын аԥсуа жәлар рхореографиатә музыкатә фольклор иҵауланы издыруаз.

Амиран Ҭаниа – актиор бзиа, ауаҩ гәыҭбаа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәс азы аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы, астудентцәа «Актиортә ҟазара» амаҭәар дырзаԥхьон, иазыҟаиҵон актиорцәа итеатр  гәакьазы.

Амиран Ҭаниа иҟазара ҳаракы, иџьабаақәа зегьы азгәаҭаны Аԥсны атәыла ахадара  рықәҵарала ихҵоуп «Аԥсны жәлар  рартист» ҳәа ахьӡ ҳаракы, иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура  аусзуҩы ихьӡгьы иҽаԥсеитәхьан. Ажәлар рыбзиабара ҟазарыла  зҽаԥсазтәыз актиор Амиран Ҭаниа игәалашәара мрашәахәаҵас еснагь иҳацзаауеит.

 Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me