Адунеи зегьы аҟны ари аҩыза адәыӷба уаҳа џьаргьы иуԥылом. Уи аҩнуҵҟа иҟоуп ацәа иалху ахаҿсахьақәа рыла ишьақәгылоу еиҭаҵуа ацәыргақәҵа.
Адәыӷба актәи авагон аҟны ацәыргақәҵа хацыркуп Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз ирызку анҵамҭақәа рыла, анаҩстәи авагонқәа рҟны – аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Аиааира Ду амш аҽнынӡа аибашьра ахронологиа. Аҭааҩцәа рыблақәа рҿаԥхьа ииасуеит аибашьра Ду ауааԥсыра ирыхнагаз аџьамыӷәа цәгьа атәы аазырԥшуа ахаҿсахьақәа.
Хаҭала ари ацәыргақәҵа збарц иаҭааз сыруаӡәкуп. Аиаша шәасҳәап, уцәа уҭанарӡыӡоит. Зылаӷырӡ мааз маҷҩуп. Ацәыргақәҵа баны адәыӷба уанҭыҵлак, убри аҩыза ацәанырра узцәырҵуеит аибашьра Ду хаҭала блала иубазшәа.
Авагонқәа доусы рҟны ицәыргақәҵоу ахаҿсахьақәа ирымоуп рхатәы ҭоурых. Раԥхьа уи аатуеит аибашьра иалагаанӡа ауааԥсыра хьаада-баада, игәырӷьаҵәа адәыӷба иақәтәаны амҩа иахьықәу ала. Убри аан ацәыргақәҵа збарц иаҭааз ауааԥсыра ирырҭаз арҳагақәа рыла ирзеиҭарҳәоит аҭоурых. Анаҩс аибашьра ианалагаз амш.
Еиҭаҵуа ари ацәыргақәҵаҿы ахәаԥшҩы иԥылоит ихы инаркны ишьапаҟынӡа деилызшьаауа, лабҿаба иубошәа иҟоу ахҭысқәа. Уи рызкуп аибашьра адәаҿы имҩаԥысуаз ажәыларақәа. Иара убасгьы ахәышәтәырҭаҿы аҳақьымцәа ахәцәа рыԥсы аиқәырхаразы аԥҟара анымҩаԥырго. Зегьы реиҳа угәы ҿызкаауа акы акәны иҟоуп, атҟәацәа ирхыргоз аџьамыӷәацәгьа атәы ахьаарԥшу аҭыԥ.
«Аиааира адәыӷба» Аҟәа ақалақь аҟны иҟазаауеит февраль 23 инаркны 25 рҟынӡа. Анаҩс – февраль 26 рзы уи аанҿасуеит Гәдоуҭа ақалақь аҟны, февраль 27 рзы – Гагра.
«Аиааира адәыӷба» ацәыргақәҵа збарц иаҭаауа 15-ҩык еидызкыло агәыԥқәа рыла аекскурсиа мҩаԥыргоит аволонтиорцәа. Иааидкыланы аекскурсиа мҩаԥысуеит 40 минуҭ. Аволонтиорцәа ргәыԥ аиҳабы Валериа Ревиакина излаҳалҳәаз ала, ари адәыӷба Урыстәылатәи Афедерациаҿы иахьымнеиц қалақькгьы ыҟам. Иара убасгьы инеихьеит Беларусиатәи Ареспублика. Аиааира Ду амш маи 9 рзы «Аиааира адәыӷба» ҟалоит Москва ақалақь аҟны.
Шарида Торчуа