Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ноиабр 20 азы.
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба атәыла Аиҳабыра алахәылацәа дыдирдырит Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.
Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны атәылауаа ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш. Уаҟа иазгәаҭоуп:
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба телехәаԥшрала ҳажәлар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш.
«Аҭоурых, аамҭа, аԥеиԥш» – абас хыс иаманы Аконституциа 30 шықәса ахыҵра иазкыз астол гьежь мҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизараҿы. Аусмҩаԥгатә иалагаанӡа иадырҳәеит Аҳәынҭқарратә Гимн.
Аԥсуа милаҭтә хаа-мыхаақәа иреиуоу ахәырмарҩа аҟаҵара иамоуп ахатә ҷыдарақәа. Уи арҩашьа ибзианы уақәшәароуп, хыхь ацәа кьакьаны, аҩныҵҟа ацха еиԥш агәы хааӡа иарҭны иҟаларцаз. Иаҵоузеи маӡас, ишԥарҩатәу ахәырма ииашаны, абри аилкааразы ҳарҭааит Оҭҳара ақыҭан инхо Аииаа рҭаацәара.
Аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, Ареспублика Адыгатәыла Раԥхьатәи Ахадас иҟаз Аслан Џьаримов 85 шықәса ихыҵит.
Ахәы ԥшӡа аҟынтә Аҷандара ақыҭа зегьы уалаԥшуеит. Хыхьынтә зҽырԥагьаны игылоу ашьха аҵаҟа адәҳәыԥш ҟьаҟьа ыҟоуп. Лассы-лассы уи адәҳәыԥш ахь лыԥсы аарла еивго аԥҳәыс дхалон. Аԥсҭазаара акыр икыднаҟьахьаз, ҿи лаӷырӡи еиқәызымхыц ан гәыраз, амышьҭа бзиа ҳәа изышьҭаз Ҭаркьыл-Царгәыш Валентина (Валиа) Қьаамын-иԥҳа. Валиа ҳәа акәын дызҭахызгьы, дыздыруазгьы шлышьҭаз.
XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы, Аԥсни Ҭырқәтәылатәи аԥсуааи рыбжьара еиԥшҵәҟьа акәымзаргьы, аимадарақәа хацыркхеит Шьамтәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟны инхо ҳџьынџьуаа рҟны. Ари иалнаршон адунеи атәылақәа ирыланхо аԥсуааи Аԥсни реимадарақәа рырҿиара.
Шьамтәылатәи аԥсуаа рыԥсадгьыл ианахырга Ҭырқәтәыла инанагаз рахьтә Шьамтәылаҟа ихҵәаз рхылҵшьҭра еиуоуп.