Урыстәыла акарантинтә маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, уаҟа ирыԥшааит калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы.
Адәныҟатәи акарантин аҟәша аиҳабы Руслан Смыр Аԥсныпресс акорреспондент даниҿцәажәоз, амимоза апартиақәа руак заанкылаз атәы дахцәажәеит.
Аԥсны Акарантинтә маҵзура Урыстәылатәи акарантинтә маҵзура аҟынтәи ашәҟәы ааит, уаҟа аиагара иазырхиаз амимоза апартиақәа руак аҿы калифорниатәи трипс ҳәа изышьҭоу ашәҭтә ҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа-маҷа хкы рыԥшааит ҳәа иазгәаҭан, иҳәеит Руслан Смыр.
«Ҳара ҳзы ари иҿыцу, аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкуп, уи аҭҵаара ҳалагоит. Аха амашьынақәа аҳәааҿы игылаӡам. Иҳамоу аинформациала, иааныркылеит зыкапан 25 кьыла рҟынӡа инаӡоз анапылеидарала иргоз. Ҳара ари ажәабжь атәыла анапхгара рҟынӡа инаҳгеит», – иҳәеит иара.
Руслан Смыр иажәақәа рыла, трипс ҳәа изышьҭоу ахәаҷа-маҷақәа аҵиаақәа аԥхасҭа рырҭоит, ирылоу ацәаакыра алырцәцәаауеит, абыӷьқәеи ашәҭқәеи ӷәӷәала ааха рырҭоит. Арҭ аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рықәгаразы амониторинг мҩаԥыргоит, иара убас урҭ рхыԥхьаӡара зырмаҷуа ахимиатә маҭәашьарқәа рыла аӡиаақәа аус рыдырулоит.