Аԥсуа рҵаҩцәа – Кремльтәи ахан ахь

Аҟәа ихыркәшахеит VII Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы». Уи иалахәыз февраль 19 азы авидео-конференц-еимадара аформат ала дырԥылеит Урыстәыла аҵара министр Сергеи Кравцов.

«Аусеицура ду ҳабжьоуп Аԥсны аҵара Аминистрреи ҳареи. Даара краҵанакуеит арҵаҩцәа рԥышәа аимдаразы алшарақәа раԥҵалара. Убас еиԥш иҟоу апроектқәа ируакуп аӡынтәи жәларбжьаратәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы», традицианы иҟалахьоу. Уаҟа еизоит Аԥсны арҵаҩцәа, урҭ рҿаԥхьа иқәгылоит «Урыстәыла ашықәс арҵаҩы» ҳәа аконкурс аҟны аиааира згаз. Исҭахуп шәарҭ зегьы, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, октиабр 4 азы арҵаҩы Имш иазкны Кремльтәи ахан аҟны имҩаԥысуа аконцерт, ахь шәнасыԥхьарц. Ҳаԥхьаҟагьы иҳарҿиалоит ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, ишьҭаҳхлоит арҵаҩцәа рквалификациа, еиҿаҳкаауеит ашколқәа реишьцәахара апрограммақәа», – иҳәеит Сергеи Кравцов.

Иара иаҵишьит Аԥсны аҵара Аминистрреи дареи аус шеицыруа. Февраль 20 азы анапаҵаҩын аусеицура аҿҳәара рацәа змоу апрограмма.

Ашкол иалахәылацәахеит атәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи 100-ҩык раҟара арҵаҩцәа. Хымш ирылагӡаны, «Урыстәыла ашықәс арҵаҩы» ҳәа Урыстәылазегьтәи азанааҭдырратә конкурс аҟны аиааира згаз, аԥхьахәқәа зауз, афинал ахь инеиз аҵара ус аганахьала реихьӡарақәа, раԥшьгамҭақәа ртәы рарҳәеит.

Иара убас аӡынтәи ашкол алахәылацәа ирзымҩаԥыргеит арҵаҩратә, арҿиаратә ҟазара-классқәа, аинтерактивтә лекциақәа. Аҳәаанырцәтәи арҵаҩцәа ирбеит аҵара арҵара аинтерактивтә методқәа, еилыркааит ахәыҷқәа аҵаратә процесс ралархәра, рхәырцра арҿиара зылшауа ахәмарратә технологиақәа рҵакы.

* * *

Аԥсны аҵара министр Инал Габлиеи Урыстәыла аҵара Аминистрра ахада Сергеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас ишьақәдырӷәӷәӷеит 2025 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа еицырзеиԥшу рплан.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me