Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырса иира амш лашеи!

Хаҭалатәи шәыдгылара иабзоураны, ииасыз ашықәс аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа арӷәӷәеит. Аԥсны лымкаала ҳаҭыр ду шәықәырҵоит ззанааҭдырра ҳараку аӡәы иаҳасабала адагьы, ҳџьынџьуаҩ иаҳасабалагьы. Шәара ҳҳәынҭқарра аҭахрақәа инарҵауланы иахьыжәдыруеи, уи аԥеиԥш гәыкала шәахьазхьаԥшуеи иалҵшәоуп ҳтәылақәа рыбжьара иҷыдоу агәрагара ахьышьақәгылаз.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳусеицураҟны хаҭалатәи шәлагалеи есымша ацхыраара аҭара шәазхиареи рзы.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Урыстәыла жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчреи аизҳазыӷьареи. 2026-тәи ашықәс иаҳзаанагааит иҿыцу аихьӡарақәа, аиҭакра бзиақәа!»

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me