Аамысҭашәара згымыз ауаҩгәыҭбаа

Аԥсуа милаҭтә журналистика амаҵ азызуаз рахьтә абжьаратәи абиԥара иаҵанакуаз, злагалагьы шьардоу апублицист, ажурналист, ашәҟәыҩҩы Шьаликәа Ҭемраз-иԥа Камкиа жиижьҭеи 95 шықәса ҵуеит.

Шь.Камкиа диит 1930 ш. декабр 29 рзы Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан. Иан Верчка (Гәагәа) Аҭара ақыҭан инхоз, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, ҳаҭыр зқәыз Шьааб Быҭәба иԥҳа лакәын. Ҭемраз Аӡҩыбжьа ақыҭатә-хархәаратә гәыԥ аиҳабыс аус иуан. Хара имгакәа Аԥсныхәаахәҭра иатәыз араион-қыҭатә хархәаратә гәыԥ аиҳабыс диаргоит. Зус ламысла иазнеиуаз, ауаа рнаалашьа иақәшәоз Ҭемраз дазыԥшӡамкәа харада ахара идҵаны дҭаркуеит 1937 шықәсазы.
Аҭаацәа рзы ари ааха дуун. Иԥшәмаԥҳәыс, ԥшьҩык арԥарцәа ран Верчка лхәыҷқәа лнапы иаанхалеит, ахьамҭара зегьы лыжәҩа инықәлеит. Шьаликәа Аӡҩыбжьатәи ашкол аҟны актәи акласс аҿы дтәан. Ҭемраз залымдарала Асовет мчра даҿагылоит ҳәа ахара идҵаны ддырӡуеит. Рԥеиҳаб Қәаҭа 12 ш. шихыҵуаз иаалырҟьаны дрыԥхоит. Шықәсыкгьы мҵыцкәа, ихьыз ҳәа рзымдырӡо даачмазаҩхан иԥсҭазаара далҵуеит ишьҭанеиуаз, 8 шықәса ирҭагылаз Котик. Арыцҳара ду зышәхымс ихыҵыз ран илзынхаз лыхшара ҩыџьа аибара рынмырԥшкәа рааӡара лҽазылкит. Уи мацара акәымкәа, «Ажәлар раӷа иԥшәмаԥҳәыс» ҳәа ҽԥныҳәак лмоурц аколнхараҿы аус луан, ақыҭауаа дрылагылан.
Шь.Камкиа ихәыҷра шықәсқәа рзы иаб дахьиԥхаз хьаас ишимаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ҵысит. Аӷа Аԥсны ашьхақәа рҟынӡа дааӡеит, ашәарҭара ду инҭагылеит. Аҿагыларақәа раан ахәра зауыз рахьтә иҟан Аӡҩыбжьатәи ахәышәтәырҭахьгьы иааргоз. Уи иазымкуа ианалага Аӡҩыбжьатәи ашколгьы агоспиталь алырхит. Аҵаҩца егьырҭ ашколқәа рахь ииаргон. Шьаликәа иакәзар, Тамшьтәи абжьаратәи ашкол даднакылеит рқыҭа еиуаз Ипполит Инал-иԥа ибзоурала.
Абасала, Тамшьтәи ашкол аҟны иҵара хиркәшеит, егьиӡбеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт дҭаларц. Аԥышәарақәа рыҭираан – аҵыхә́тәан, ақырҭшәа ахьизымдыруаз аҟнытә дрыдрымкылеит. Ари аус аҟынгьы ихаҵгылашаз диоуит. Кьамсыс Лашәриа Аҟәа дахьнеишаз иабжьеигеит. Убри ала арҵаҩратә институт аиҳабы дидимкылар амуа дааҭагылт. Ишыҟалазаалакгьы иреиҳау аҵараиурҭа дҭалеит.
Шь.Камкиа даныхәыҷыз инаркны маха-шьахала дыӷәӷәан, деиҿамсын. Ашкол данҭаз, араион аҟны аспорттә еицлабрақәа иҽрылаирхәуан. Абҵы аршәреи, ахаҳәырԥареи, аиԥхныҩлареи уҳәа рҟны аԥхьахәқәа ааникылон. Аинститут данҭалагьы аспорт дазыркит. Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аинститутқәа рыбжьара аицлабрақәа рымҩаԥгараан аԥхьахәқәеи аҳамҭақәеи ианаршьахьан. Иара убас Аԥснытәи ахысцәа ркоманда далахәын, Қырҭтәыла иахьаҵанакуаз аицлабрақәа рҟны аҩбатәи аҭыԥ ианаршьахьан.
Шь.Камкиа игәалашәарақәа рҟны иҩуеит: «Аԥсуа бызша агәыблра исымаз еихазҳаз, изырбзазаз Аӡҩыбжьатәи сырҵаҩы Гвилиа Ҭамшьыгә-иԥҳа Делбеи Тамшьтәи сырҵаҩы Лагәлаа-Кобахиа Надежда Михи-иԥҳаи роуп. Саргьы схәыҷаахыс ԥсықәарас иԥхьаӡаны, срызҿлымҳан аԥсуа жәлар рҳәамҭақәеи, рлафқәеи, ражәаԥҟақәеи, рлакәқәеи реизгара, ашәҟәы ранҵара…»
Аҵара иҽаназик ашәҟәыԥхьара бзиа ибон. Алитература агәыблра шьҭикааит, ажәеинраалақәа рыҩраҿгьы иҽԥишәо далагеит. Раԥхьатәи иажәеинраала «Сқыҭа» Аҟәа иҭыҵуаз «Альманах» аҟны икьыԥхьын. Уи нахысгьы акык-ҩбак анылеит. Аинститут данҭаз ииҩыз раԥхьатәи иповест аибашьра атема иазкын. Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциахь ианрыдигала ианырҵеит. Абасала алитература дазхьаԥшуан. Аԥсуа драматә театр аҟны – аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа раан ақыҭақәа рахь ианцоз дрыццон, иҟалон артист иагхаз даниԥсахуаз, ироль анынаигӡоз.
Шь.Камкиа Аҟәатәи арҵаҩратә́ институт далгеит аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изанааҭ иманы. Иҵара ашықәсқәа раан еиҳагьы дазҿлымҳахеит ибжьаӡхьоу ажәытә ажәақәа реизгара, маҷ-маҷ еидикылон.
Аинститут даналга, ишаԥыз еиԥш, аусура дрышьҭит Гәылрыԥшь араион Ҟәарасатәи абжьаратә школ ахь рҵаҩыс.
Ҩышықәса аус иухьан, аҵара-ааӡара аус дагәыланахалон, дашьцылон. Аха, иқыҭауаа иҟарҵоз аҳәарала, Аӡҩыбжьа ақыҭсовет ахантәаҩыс дахадыргылоит. Ақыҭа ҭбаан, уааԥсыралагьы ирацәаҩын. Уи иаҵанакуан аколнхарақәа ҩба, аԥсыӡ колнхареи, абжьаратә школқәа ҩбеи уҳәа ахәаахәҭратәи абзазаратәи ҵакы змазгьы. Ақыҭа ԥсҭазаара иазкыз истатиақәа ишьҭуан агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия» рредакциақәа рахь. Уи инаҷыданы ажәабжьқәеи жәлар рҳәамҭақәеи, ахәыҷқәа рзы алакәқәеи рзааишьҭуан ажурналқәа «Алашареи» «Амцабзи».
Аԥсуа периодикатә кьыԥхь аҟны Шьаликәа ихьӡ рдыруа иҟалеит. Усҟан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» (иахьа –«Аԥсны») аредактор хадас иҟаз Николаи Басиаҭ-иԥа Киут уи иҩымҭақәа гәеиҭахьан, ишицааиуазгьы дацклаԥшуан. Акадрқәа злазымхоз ала, иӡбеит аредакциахь аусура диаигарц. Аԥсны анапхгара рҟны азин ылхны, диқәгәыӷны аредакциаҿы аусура далаиргеит, аԥхьа хатә корреспондентс, ашьҭахь аинформациа аҟәша аиҳабыс.
1956 ш. инаркны Шь.Камкиа иԥсҭазаара аԥсуа милаҭтә газеҭ иадҳәалахеит. Иашьа Нурбеи иакәзаргьы, Қарҭтәи атеатртә институт далганы Аԥсуа театр аҿы аусура далагеит, ахәаԥшцәа деицырдырит. Аԥсны жәлар рартист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан. Атеатртә ҟазараҿы имҩашьауа зышьҭа аанзыжьыз аҟазацәа дуқәа дыруаӡәкуп.
Шь.Камкиа Аԥсны арнаионқәеи ақы­ҭақәеи рҟны ҳаҭыр иқәын, журналистк иаҳасабала адагьы Аԥсуара еиламырсӡакәа иныҟәызгоз иакәны дырдыруан. Аҳақьым Цицина Барганџьиеи иареи рыԥсҭазаара еиларҵеит, дрыхшеит аԥҳа – аҳақьым изанааҭ змоу Фатима.
Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциа Шь.Камкиа инеиԥынкыланы 40 шықәса дазааԥсеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аинформациеи акурортқәеи, амедицинатә ԥсҭазаареи рыҟәша деиҳабын, ҽазны – аџьажәлар рышәҟәқәа рыҟәша.
Аредакциаҿы иусурала, иеиҵбацәа аҿырԥшы дирбон, иҿырҵаауаз рацәан. Агазеҭ ианылон аԥсҭазаара дагәылаԥшны ицәыригоз атемақәа, ауаажәларраҿы злагала дууз, ахьӡ-аԥша змаз ауаа ирызкыз икьыԥхьымҭақәа, астатиақәа, аочеркқәа, арепортажқәа уҳәа.
Иҩымҭақәа еидызкылаз раԥхьатәи ишәҟәы иахьӡуп «Кәыдры ацԥхьқәа». Иҭижьит иара убас ажәаԥҟақәа реизга «Ахьҟәырҷахақәа» (1970), ажәабжьқәа реизга «Алаӷырӡ мҵаа» (1977), «Ҽԥыхәшәк ацәымса» (1979), «Уахыктәи ақәа», «Ажәа хьыршәыгәқәа» (1985), «Абрыскьыл инаиркны иахьанӡа» (1988), «Ажәақәа рдунеи» (аҩбатәи ахәҭа (2009).
Шь.Камкиа ирҿиамҭақәа еиҭаргахьеит иаагозар анемец, асерб, аполиак, ауаԥс, адыга, аеран, азербаиџьан бызшәақәа рахь.
Шьаликәа Ҭемраз-иԥа Камкиа СССР ажурналистцәа Реидгыла далан 1958 ш. инаркны. «Қыҭтәыла акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан, ианашьан акыр аиҳабыратә ҳамҭақәа. Аԥсҭазаараҿы зышьҭа аанзыжьыз аинтеллигент, ауаҩгәыҭбаа, ауаҩы аамсҭашәа, аԥсуа милаҭтә кьыԥхь еиԥш, аӡәы ҳәа иуаажәлар дрыԥхеит 2008 шықәсазы. Аха ихьӡ рхашҭуам, уи аус зциуаз иколлегацәа реиԥш, иҩызцәа, ибзианы дыздыруаз зегьы.

Вахтанг Аԥҳазоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me