Даара иҟәышу, иҭышәынтә́алоу акәны иԥхьаӡоу амаҭ ашықәс азы аиҿыхарақәеи, аимак-аиҿаки аҭыԥ шрымазгьы, Анцәа имчала, хаҭала, аԥсуа жәлар рыцҳарак рзаанамгеит, амала, аполитикатәи, аекономикатәи, асоциалтәи проблемақәа ӡбатәны инхеит. Ажәакала, амаҭ ашықәс зынӡа иссирымзаргьы, ауадаҩрақәа ацзаргьы, иҭышәынтәаланы имҩасит ҳҳәар ҳалшоит.
Аха, есышықәсеиԥш, гәыӷра шәкы здаҳҳәало Ашықәс ҿыц, инаскьааго ашықәс еиҳа ишеиӷьхо ала иҳамоу агәыӷра ҳцәыӡуам. Китаитәи амзар ишаҳәо ала, акитаи жәлар рҟны аҽы ҳаҭыр зқәу ԥстәуп, уи аҟәышреи, аџьаус гәыкала азнеиреи, агәрагареи ҟазшьас иамоуп.
Хаҭала, аԥсуа жәлар ҳзы аҽы иаанаго аҵакы дууп. Аԥсуа ихы аҟара ҳаҭыр зқәиҵо ԥстәуп аҽы. Аԥсуа жәлар аҽыбӷаҟазаразы абаҩ ҷыда ирымоу, рбаҩхатәра егьырҭ амилаҭқәа ирылаҩашьом.
Ҳазҭало 2026-тәи Ашықәс ҿыц азы ихадоу ԥшшәны иԥхьаӡоуп аҟаԥшь, уи символра рызнауеит амчи, аилҟьа-еилӷәыцәреи, аԥызареи, иара убас, алаԥш цәгьа уҟәнагоит, аманшәалара иазҳәо ԥшшәуп. Аҟаԥшь аԥшшәы инаваргыланы, аҩеижьи ахьҩеижьи рыԥшшәқәеи аманшәалареи агәалаҟазаареи, аԥсҭазаара агәазыҳәареи узҭо ракәны иԥхьаӡоуп. Ахьы ԥшшәы, араӡныԥшшәы уҳәа амал аизырҳара ирызкқәоу ԥшшәқәаны иазгәаҭоуп 2026 шықәсазы. Зыԥсҭазаара шьаҭанкыла изыԥсахырц зҭаху рзы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ицәышу аԥшшәқәа. Аиаҵәа аԥшшәы – аизҳареи, аԥсҭазаареи ирсимволны ишыҟоу иаанхоит.
Ажәҩан еиқәара аԥшшәы аӡы аԥшшәы еиԥшуп, ихьшәашәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, аӡы амца арцәоит, иаҿагылоит ҳәа излаԥхьаӡоу ала аҽы иаабуам.
Аиқәаҵәа аԥшшәы – ауаҩы имч зго, ауадаҩра, ахьанҭара изҭо ԥшшәны иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә 2026-тәи ашықәс азы еиқәаҵәоу аԥшшәы змоу ацәамаҭәа, амаҭәарқәа рҽырцәыхьчатәуп.
Ацәыш (ахәа) аԥшшәы аманшәалара аҿиара иаԥырхагоуп. Ашкәакәа аԥшшәы еснагь аныҳәатә гәалаҟазаара зцу, ихадоу акәны ишаадыруагьы, 2026-тәи ашықәс азы уи аԥшшәы азгәаҭоуп иҭацәу, ихьшәашәоу, ԥхарра зҵам ԥшшәны.
Ашықәс ҿыц ауха иҭшәоуи атәыми амаҭәа жәытәи цәамаҭәеи рышәҵара ҟалом, аҽы ахақәиҭреи, ааигәа-сигәа аҭыԥ ҭацәны, аҽеиҵыхра ашәага-зага ҭбаа аҟазаара бзиа излабо ала .
2026-тәи Ашықәс ҿыц егьырҭ ашықәсқәа излареиԥшым – ахатә ҷыдарақәа амоуп, уи иаабахьоу ашықәсқәа иреиԥшхом китаитәи амзар ишаҳәо ала Ашықәс ҿыц иаԥылатәуп уаанӡа, есышықәса итрадицианы ишаԥыло еиԥш акәымкәан. Иаҳҳәап, уаанӡа уҭаацәеи уареи шәеицаԥылозҭгьы, сынтәа уҩызцәеи уареи шәеицаԥылар еиӷьуп. Амала, аӡәы ихала Ашықәс ҿыц аԥылара ҳабжьаргом. Даара ибзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, Ашықәс ҿыц азы ԥсшьара, адгьыл ԥхара аҟны еиҳарак, апальма ҵлақәа иахьрызҳауа аԥылара, уи аманшәалара ацуп ҳәа ишьоуп.
Иазгәаҭатәуп аҽы мыцхәы абжьы рацәеи ауаа ршыкьбжьи зцу аныҳәа азгәаҭара бзиа ишамбо, иара убас мыцхәы ахыркра, ԥшшәырацәала аишәа рԥшӡара.
Ашықәс иазку аишәа ар́хиараҿы даара амшьҭа бзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп аҽы аҳаскьын бзиа излабо ала, аиаҵәареи ацитрустә шәырқәа аишәа иқәзар .
Аҽы бзиа иабоит аамҭа рацәа зқәырӡым, еиқәарам аԥшшәы змоу, насгьы аԥшшәқәа рацәаны еиламҵакәан, ихааны, иԥханы иҟаҵоу афатәқәа. Аикра еиқәаҵәеи, амаслина еиҵәаҵәа уҳәа аишәа иқәҵатәӡам.
Арыжәтә аганахьала, аҩы еиқәаҵәеи аҟаԥшьи ҟалаӡом, аҩы шкәакәа, ашампан ҩы уҳәа ықәургылар бзиоуп.
Ажәакала, Аҽы бзиа иабоит иҭынчу иагьеиқәарам аԥшшәқәа, убла хызкуа аԥшшәқәа аднакылом, уи инаҷыданы бзиа иабоит абжьааԥны еиԥшым иҿыцу зегьы.
Аҽы бза иабоит иара убас ауадаҩрақәа ирцәымшәо, аӷәӷәара, агәаӷьра злоу, зыламыс цқьоу, еилҟьа-еилӷәыцә иҟоу ауаа. Уи символра рызнауеит аҟышреи, ахақәиҭреи, аԥызареи, убри аамҭазы– аиашареи аҭышәынтәалареи гәыгәҭанажьуам.
Иҟалааит 2026-тәи аҽы (аҽыз) зегь раԥхьа инаргыланы, иаабааит амшьҭа бзианы, аманшәалареи, аҭышәынтәалареи, аҭынчреи ацны. Гәыӷра шәкы здаҳҳәало аҽы – хаҭала, акыр зхызгахьоу ҳажәлар рзы имҩасааит илашаны, аизҳареи аҿиареи рыла ихаҭәаан.
Ҽаанбзиала шәнеилааит, ҳажәлар!
Алиса Гәажәԥҳа


