1970-тәи ашықәсқәа раан Тҟәарчал ақалақь Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Акультура ахан аҟны аус руан еиуеиԥшым арҿиаратә кружокқәа, 1955 шықәсазы аусура иалагаз ахаԥшьгаратә театр, ашьҭахь – 1965 шықәсазы жәлар ртеатр акәны ишьақәгылаз, иара убас ашахтиорцәа рхор, ахаԥшьгаратә авокалтә-инструменттә ансамбль «Дад», Бориси Фатимеи Џьопуаа рҭаацәаратә дует «Абырлаш», ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль, акьанџьақәа ртеатр уҳәа. Иҟан егьырҭ атехникатә кружокқәагьы.
Аханатә еиҿкаахаз алитературатә кружок хара имгакәа алитературатә хеидкыла «Тҟәарчал абжьы» ахьӡырҵеит. Уи напхгара алҭон дышқәыԥшыз апоезиа абзиабара шьҭызкааз, зхатәы жәеинраалақәа зыҩуаз Нелли Сабекиа. Акультура ахан аҟны атрадициа бзиақәа шьақәгылахьан алитературатә еиԥыларақәа реиҿкаараҿы. Еиуеиԥшым ахәылԥазқәа, аиубилеиқәа, астол гьежьқәа, ашәҟәқәа рӡыргара уҳәа имҩаԥыргоз рацәан. Лассы-лассы урҭ ирыладырхәуан ааԥхьара зырҭоз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Усҟан Тҟәарчали Аҟәеи ирыбжьаз алитературатә еимадарақәа рымҽхак ҭбаан. «Тҟәарчал абжьы» еиднакылоз ражәеинраалақәа апериодикатә кьыԥхь ианылон. 1983 ш. «Тҟәарчал абжьы» ахьӡны ажәеинраалақәеи, ажәабжьқәеи, аскетчқәеи реизга хазы шәҟәны Аҟәа иҭыҵыз иагәылалеит Кә. Чыргынӡиа, Гь. Нарасқәуа, Б. Барцыц, И. Аҳәба, В. Кәакәасқьыр, Н. Сабекиа, И. Бигәаа, А. Ҷкадуа, Гь. Адлеиба, Л. Хынҭәԥҳа, Гь. Шьаданиа, А. Кархалаа, А. Џьопуа, Н. Бганԥҳа, Р. Кобахиа, И. Џьопуа, Н. Салаҟаиа, С. Ҵәыџьба, Д. Быҭәба, В. Ҳараниа, И. Аџьынџьал, Қ. Гигинеишвили, С. Чакветаӡе, Б. Адлеиба рҩымҭақәа. Арецензиа азиуит аҵарауаҩ С. Зыхәба, аредакторс даиуит Р. Қапба, сахьаҭыхҩыс – Л. Евменов.
Ақалақьуаа рахьтә имаҷҩымызт алитературатә хеидкыла иалаз. Уахь имҩахыҵуан аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи. Ахан хьыҵәцараҿы адоуҳатә культура еиднакылон еиуеиԥшым азанааҭқәа змаз, ашахтиорцәа аԥхьа инаргыланы. Урҭ аԥсуа милаҭтә культура иазҿлымҳан. Аԥсуаҵас иааӡаз рабиԥарақәа аԥсуа литература иаԥхьон, ҩымҭак анҭыҵлак ираҩрыжьуамызт. Иҟан аилыргарақәа анымҩаԥыргозгьы. Даара ахәшьара зҭатәу акоуп алитературатә хеидкыла иалаз рыҩнуҵҟа ишыҟаз зхатә ҩымҭақәа аԥызҵозгьы. Нелли лыкәша-мыкәша иҟаз алитература агәыбра длыркуан, дара уи агәацԥыҳәара рнаҭон.
Апоет лажәеинраалақәа Аԥсны агазеҭқәеи ажурналқәеи рҟны иркьыԥхьуан, еиуеиԥшым аизгақәа ирнылон. Лажәеинраалақәа рыхәҭак агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Хазы лышәҟәқәагьы ҭыҵуан.
Аҟәа иҭыжьын лажәеинраалақәа реизгақәа хԥа: «Амзаҿа» (1977), «Тҟәарчал ашьхақәа» (1983), «Ашьхаԥшӡа» (1986).
Нелли Сабекиа лыԥсҭазаара далҵит 2007 шықәсазы.


