Алхырҭатә ҭыԥқәа аартуп

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы ашьыжь асааҭ 9 рзы ишиашоу ицо аефир аҿы ишиҳәаз ала, ашьыжь асааҭ 8 рзы Аԥсны иаатит алхырҭатә ҭыԥ хадақәа, алхырҭатә ҭыпқәа зегьы. Иара убас Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҟны.
Дмитри Маршьан иажәақәа рыла,алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартуп алхратә Закәан инақәыршәаны. Аилагарақәа ҳәа акгьы аҭыԥ рымам. Жәларбжьаратәи апресс -центр ишиашоу ицо аефир аусура иацнаҵоит асааҭ 12 рзы.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me